Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Лагәлаа Анатоли Ианкәа-иҧа



Лагәлаа Анатоли Ианкәа-иҧа (01.06.1961 ш. Аҧсны, Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа Аимара аҳабла - 15.02.2026) - аҧсуа поет, апрозаик, апублицист. СССР-и (1989), Аҧсни, Урыстәылеи (1999) рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден  III аҩаӡара, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа (2010, ишәҟәы «Амш хәашьқәа цеит» азы), Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа (2016). Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп. Дыҩуан аҧсышәала.

1978 ш. рзы Ҷлоутәи абжьаратә школ даналга 1979 ш. рзы дҭалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет. Ахҧатәи акурс анхиркәша, 1982 ш. рзы диасуеит М. А. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә университет ажурналистикатә факультет ашҟа. Ахҧатәи акурс ахь дрыдыркылоит, аха ичымазара иахҟьаны шықәсык ашьҭахь Аҧсныҟа дхынҳәуеит. Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны иҵара хиркәшоит 1984 ш. рзы.

Еиуеиҧшым ашықәсқәа рзы аус иухьан агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны»,1983), ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аредактор еиҵбыс (1984), ажурнал «Алашара» апроза аҟәша аиҳабыс (1984-1985), ашьҭахь - аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩс (1985-2004).

2004 ш. апрель 15 рзы Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла изаамҭанымыз Х-тәи аизара ду аҟны далырхуеит ажурнал «Алашара» аредактор хадас. Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рзынӡагьы араҟа аус иуан.

Ажурнал аҿы иусура хада инаваргыланы акыр шықәса арадиои ателехәаҧшреи рҿы имҩаҧигон алитературатә дырраҭарақәа «Абырлаш», «Ажәа абжьы». Аҧсны акультуратәи ауаажәларратәи ҧсҭазаара далахәын.

Ажәеинраалақәеи астатиа кьаҿқәеи рыҩра далагеит ашкол данҭаз. Иҩымҭақәа рнылон ажурналқәа «Алашара», «Амцабз», «Абаза», агазеҭқәа: «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны», «Аидгылара», «Бзыҧ», «Еҵәаџьаа», «Литературная Россия» уҳәа. Иргәылоуп аизга "Бызбоит, бызбоит, бзиа бызбоит" (2015); "Аԥсуа поезиа антологиа" (Аҟәа - Москва, 2001) аиҭаҭыжьра (Аҟәа - Москва, 2009); "Ҳаамҭазтәи Евразиа ашәҟәыҩҩцәа рантологиа" (2018, аурысшәеи англыз бызшәеи рахь аиҭагақәа) уҳәа егьырҭгьы.

Иҭижьит апоезиатәи апрозатәи рҿиамҭақәа еидызкыло 24 шәҟәы, иара убасгьы иҩымҭақәа еиҭаганы ирнылахьеит Аҟәеи Москвеи еиуеиҧшым альманахқәеи агазеҭқәеи.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Урҭ аблақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984; Шьазинагьы илҭахын анасыҧ. Ажәабжьқәа. Аҟәа,1986; Агәҭыха. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1990; Иацтәи амш абжьы. Ахәыҷқәа ирызку ажәабжьқәа. Аҟәа, 1989; Нарсоу. Ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1994; Мышьҭабзиа. Ахәыҷқәа ирызку ажәабжьқәеи аповести. Аҟәа, 1994; Адгьыл гәалак амоуп. Ажәеинраалақәа. Аиҩызаратә шаржқәа. Аҟәа, 1995; Ануаа рхәы. Ажәабжьқәеи аповестқәеи. Аҟәа; 1995 ; Сыҧсадгьыл заҵәуп. Ажәабжьқәеи аиҭагамҭақәеи. Аҟәа, 1998; Сыҧхыӡ ссир. Алирикатә жәеинраалақәа. Аҟәа ,1999; Уламыс уашьҭуам. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2002; Арашь. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа – Маиҟәаҧ, 2004; Рыбжьы наҩит. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2005; Асас. Ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәа. Аҟәа,2005; Амш хәашьқәа цеит. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2008; Издыруада дыҵәҩаншьапхар. Ажәабжьқәа. Аповестқәа. Аҟәа, 2009; Аизга. Ҩ-томкны. Актәи атом. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2011; Аҩбатәи атом. Аҟәа, 2011, Алҧха. Ажәеинраалақәа. Аҟәа,2013; Ардәына. Ахәыҷқәа ирызку ажәабжьқәа. Аҟәа, 2014; Ауаа разқәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2015; Аамҭа иазымҵәахыз. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2015; Анасыҧ амҵәыжәҩақәа. Ахәыҷқәа ирызку ажәабжьқәа. Аповестқәа. Аессеқәа. Аиҭагақәа. Москва, 2019; урысшәала: Тревожная ночь. Рассказы. Сухум, 2023.