Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Лагәлаа Андреи Иаков-иҧа



Лагәлаа Андреи Иаков-иҧа (06.11.1917, Аҧсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Џьгьарда ақыҭа – 11.10.1994) – аҧсуа шәҟәыҩҩы, адраматург. СССР-и (1967) Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан. Дыҩуан аҧсышәала.

Ашкол даналга дҭалоит Краснодартәи амедицинатә институт. Аха аибашьра иҵара иаҧырхагахеит, егьаанижьуеит. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) далахәын. Ианашьан аорденқәеи амедалқәеи. Аҧсныҟа дхынҳәит алеитенант еиҳабы ичын иманы.

А. Лагәлаа акыр шықәса аус иуан Аҧсны Аминистрцәа Рсовет аҟны референтс, атәанчара ашҟа диасит Аҧсны Аминистрцәа Рсовет аҟны иҟаз адинхаҵара аусқәа рзы анапынҵа ҷыдақәа шимаз.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) ибжьаӡит акьыҧхь зымбацыз инапҩымҭақәа, иаагозар, «Аҳратәра аан Кавказ ажәларқәа рнырҵәара» атемала ииҩыз атрилогиа. Убри акәын изызкыз С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны ақәыргылаз иҭоурыхтә драма «Ашамҭаз».