Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Лакоба Станислав Зосим-иҧа



Лакоба Станислав Зосим-иҧа (23.02.1953, Аҧсны, Аҟәа ақалақь) – аҧсуа ҭоурыхҭҵааҩы-кавказҭҵааҩ. Ашәҟәыҩҩы. Аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩы. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет археологиеи, аҭоурыхи, аетнологиеи ркафедра апрофессор. (2000). Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (1997), Д.И.Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (1992), Лыхнытәи ааҧхьара автор (1989). Дыҩуеит урысшәала.

Аҵара иҵон Аҟәатәи  14-тәи, 19-тәи абжьаратә школқәа рҟны. А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт далгеит (1976). Аус иуан агазеҭ «Советская Абхазия» акорреспондентс (1976-1978), Аҧсны аҭоурыхтәи акультуратәи баҟақәа рыхьчара Агәыҧ аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩс. 1980 ш. раахыс аус иуеит Д.И.Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут (уажәы Аҧсуаҭҵаара аинститут) аҭҵаарадырратә усзуҩыс, 1989ш. инаркны аҭоурых аҟәша аиҳабыс. 1992-1993 шш. раан Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс дыҟан, 1993-1994 шш. рзы – Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩыс, 1994-1996шш. раан – Аҧсны Апарламент Аиҳабы актәи ихаҭыҧуаҩыс. Аҧсны жәлар рфорум «Аидгылара» далан. Қырҭтәылеи Аҧсни реибашьратә еимакы аҭнышәныртәаларазы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахылаҧшрала, Урыстәыла абжьаҟазарала имҩаҧысуаз Женеватәи апроцесс далахәын. 1996 ш. инаркны аофициалтә политика далахәымызт. 1999 ш октиабр мзазы «Выборы по Хичкоку» зыхьӡу истатиаҿы альтернатива змам алхрақәа дырҿагыланы дықәгылеит.

2000-2004 шш. раан инаҧхьаз апрофессорк иаҳасабала аҭҵаарадырратә усура инапы алакын Иапониа, Хоккаидо ақалақь аҟны иҟоу ауниверситет аславиантә ҭҵаарақәа рцентр аҟны. 2004 ш. август - сентиабр мзақәа рзы Аҧсны (Ахадарахь акандидат С.В. Багаҧшь дицны) Ахада ихаҭыҧуаҩрахь кондидатс дықәгылан. 2005-2009 шш., насгьы 2011-2013 шш. раан Аҧсны ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан.

Жәаба инареиҳаны амонографиақәеи астатиақәа реизгақәеи ҭижьхьеит. Урҭ XӀX-XX ашәышықәсақәа раан аҧсуаа рҭоурыхи ркультуреи, Ашьхаруатә Республикеи, аурыс-аҧсуа культуратәи алитературатәи еимадарақәа ирызкуп. Аҧсуа ҭоурыхҭҵааҩцәа рахьтә аҧсуа аҳра Урыстәылатәи аимпериа алалара даҽа концепциак ала ирыдызгалоз раҧхьатәи аҵарауаа дыруаӡәкуп. Ибжьажьауа агәаанагара шьақәиргылеит (В.Стражев ишьҭахь) аҭҵаарадырраҿы Аҧсҳа Қьалашьбеи Чачба иҧа Асланбеи дишьит ҳәа ишьақәгылахьоу. Иҽазишәеит 1917-1921 шш. раантәи Аҧсны аҭоурых обиективла аҩра. Егьырҭ аҧсуа ҵарауаа дрылахәны Аҧсны аҭоурых еицазкыз аӡәырҩы ҿаҧиҽхьеит. Аусумҭақәа жәпакы рзикит Кавказтәи аконфедерациа аҭоурыхи апроблемақәеи, XX ашә. Азы Қарҭтәыла имҩамнагоз ампыҵахаларатәи ассимилициатәи политикеи аарҧшра.

С.Лакоба авторс дрымоуп иара убас прозала иҩу ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа. Иҩымҭақәа рнылахьеит агазеҭ «Советская Абхазия», ажурнал «Литературная Кабардино-Болкария», ашәҟәы «Абхазские сказки и легенды» (М., 1994) уҳәа егьырҭгьы.

Аҭыжьымҭақәа: урысшәала: художественные книги: Весна на траве. Стихи. Сухуми, 1981; Опрокинутое. Стихи. Сухуми, 1985, Избранное. Сухум, 2011; исследования: Боевики Абхазии в революции 1905–1907 годов. Сухуми, 1984; «Крылились дни в Сухум-Кале…»: Историко-культурные очерки. Сухуми, 1988; Абхазия в годы первой российской революции. Тбилиси, 1985; Очерки политической истории Абхазии. Сухуми, 1990; Столетняя война Грузии против Абхазии. Гагра, 1993; Абхазия. После двух оккупаций. Гагра, 1994; Тайна «Зеленой папки». Сухум, 1995; Асланбей. (К вопросу о политическом противоборстве в Абхазии в первой трети XIX столетия). Сухум, 1999; Абхазия — de-fakto или Грузия de-iure? (О политике России в Абхазии в постсоветский период. 1991–2000 гг.). Sapporo: Slavic Research Center, Hokkaido University, 2001; Абхазия после двух империй XIX–XXI вв. (Slavic Eurasian Studies, № 5). М.: Sapporo: Slavic Recearch Center, Hokkaido University, 2004; История Абхазии. Сухум, 2006, 2007 (соавтор); Крылились дни в Сухум-Кале… Сухуми, 1988 (2-е издание: Сухум, 2011).