Лашәриа Мушьни Таииа-иҧа (16.01.1938, Аҧсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа) – 26.09.2024) – апоет, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩ, акритик. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат (1974), Аҧсны жәлар рпоет (2009), Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик. Аҧсны аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩы (2015). Ианашьоуп Ш. Русҭавели ихьӡ зху Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә премиа (Ш. Русҭавели иҩымҭа «Абжьас-цәа зшәу» аиҭагазы), Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа (2004, «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» аиқәыршәаразы), А. Дельвиг ихьӡ зху Урыстәылатәи апремиа (2015), иара убас аорденқәа: «Аҳаҭыр Дырга» (СССР, 1986), «Ахьӡ-Аҧша» I, II, III аҩаӡарақәа. СССР-и, Урыстәылеи, Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа, ашьҭахь Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа (2003) рлахәыла. Дыҩуан аҧсышәала.
Аҵара иҵон Кәтолтәи 8-шықәсатәи ашкол аҟны, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә ҵараиурҭаҿы (1953-1957), А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҧсуа ҟәша аҟны (1957-1960), Москва, А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт (1960-1965), иара убас СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа А. М. Горки ихьӡ зху Адунеитә литература аинститут аспирантураҿы (1970-1974).
1965-1967 шш. раан агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» алитературатә усзуҩыс дыҟан, 1967-1970 шш. рзы ажурнал «Алашара» апоезиеи, акритикеи, апублицистикеи рыҟәша деиҳабын. 1974 ш. СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Адунеитә литература аинститут аҟны ихьчоит акандидаттә диссертациа, хьӡысгьы иаман «И. А. Коӷониа ирҿиареи аҧсуа советтә поезиаҿы аетикатә жанрқәа рырҿиареи», хазы шәҟәны егьҭыжьын Аҟәа 1979 шықәсазы. 1974 ш. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Аҧснытәи ринститут ҭҵаарадырратә усзуҩын, 1974-1978 шш. раан ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аредактор хадас дыҟан, 1979-1986 шш. рзы – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Аусбарҭа ахантәаҩыс, 1978 ш. инаркны - абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Аҧснытәи ринститут аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс. 1988 ш. нахыс ари аинститут (уажәы – Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵаара аинститут) алитература аҟәша деиҳабуп. 2003 ш. инаркны 2024 ш. сентиабр 26 рзынӡа Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩыс дыҟан, 2003 ш. инаркны иҭыҵуа алитература-уаажәларратә газеҭ «Еҵәаџьаа», иара убас ажурнал «Аҟәа-Сухум» аредакторцәа дыруаӡәкын.
1994-1996 шш. рзы М. Лашәриа инапхгарала Аҧсуа телехәаҧшрала идырбан «Аҧсуа поезиа адаҟьақәа» асериа еиднакылоз адырраҭарақәа. Урҭ рҟны ицәырган Д. И. Гәлиа, Г. М. Чачба, С. И. Ҷанба, И. А. Коӷониа, М. А. Лакрба, О. Б. Беигәаа, Л. Б. Кәыҵниа, А. Е. Лашәриа, А. Н. Џьонуа, Ш. Л. Ҵәыџьба, Кь. Ш. Чачхалиа, В. П. Анқәаб, И. К. Ҭарба уҳәа егьырҭгьы рырҿиара.
Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит 12-13 шықәса анихыҵуаз.
Апоет ишьақәгылараҿы акырӡа абзоуроуп Д. И. Гәлиа, И. А. Коӷониа, Б. У. Шьынқәба уҳәа рпоезиа. 1955 ш. иҭыҵыз ажурнал «Алашара» аҩбатәи аномер ианылеит раҧхьатәи иажәеинраалақәа ируаку «Ҽынлеиҧш илашан».
Иҩымҭақәа ркьыҧхьуан ажурналқәа «Амцабз», «Аҟәа-Сухум», «Юность», «Абаза», агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны», «Советская Абхазия», «Литературная газета», «Еҵәаџьаа» уҳәа егьырҭгьы. М. Лашәриа ипоетикатә ҩымҭақәеи иеиҭагамҭақәеи жәпакы агәылалеит «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» аҩбатәи атом (Аҟәа-Москва, 2001; ихарҭәааны шәҟәыкны аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009), ихаҭа уи аиқәыршәаҩыс даман.
М. Лашәриа ипоетикатә ҩымҭақәа реизгақәеи ажәеинраалала иҩу ароман «Аџьынџьи» еидызкыло ашәҟәқәа 20 инареиҳаны иҭыҵхьеит.
Деицырдыруеит иара убас еиҭагаҩны. Аҧсшәахь еиҭеигеит А. С. Пушкин ироман «Евгени Онегин», М. И. Лермонтов ипоемақәа «Мцыри», «Демон», Ш. Русҭавели – «Абжьас-цәа зшәу», Џь. Баирон («Шилонтәи атҟәа»), Г. Лонгфелло («Гаиавата изку ашәа»), Ш. Петефи («Ԥхьаҟа, Мадиараа», «Жәлар рашәа»), абашкирцәа репос «Урал-Баҭыр» уҳәа егьырҭгьы.
М. Лашәриа аҧсуа литератураҭҵаареи акритикеи рҟны илагала шьахә ыҟоуп. Авторс дрымоуп аҧсуа литература аҭоурых апроблемақәа ирызку астатиақәа жәпаки, ашәҟәқәеи иара убас Д. И. Гәлиа, И. А. Коӷониа, Б. У. Шьынқәба, Ш. Л. Ҵәыџьба, Қь. Ҟ. Агәмаа, М. А. Лакрба, Кь. Ш. Чачхалиа, А. Н. Гогәуа, Ш. Е. Ҷкадуа, А. Н. Џьонуа, И. К. Ҭарба, М. И. Миқаиа, Ф. А. Искандер уҳәа егьырҭгьы рырҿиара, дазааҭгылахьан.
Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Игарҵыз ажәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа,1963; Агәыӷрақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа,1965; Абырфын ҩны. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1967; Аӡы аҳра. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1970; Арҩашқәа рышьыжь. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1973; Ажәлаҟьаҩ. Алирика. Аҟәа, 1976; Ахьтәы уасцәа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1981; Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1987; Уахынлатәи ахәыцрақәа. Аҟәа, 2000; Аџьынџь. Иажәеинраалоу ароман. Аҟәа, 2010; Ашьха қыҭа, Бзыԥҭа ақыҭа. Абзиабаратә лирика.1966–2010. Аҟәа, 2010; Аҵеи уахь. Ажәеинраалақәа. Аҟәа–Москва, 2011; Иҩымҭақәеи иеиҭагамҭақәеи реизга. Хә-томкны. Аҟәа, 2013-2015; Ашаеҵәа. Апоема. Аҟәа, 2018; аурысшәахь аиҭагақәа: Смерть камня. Стихи. М., 1971; Форель и соловей. Стихи. М., 2008; Золотое руно. Поэма. Сухум–Москва, 2014; Отчизна. Роман в стихах. Сухум-Москва, 2018; Звезда рассвета. Поэма. Сухум-Москва, 2019; алитература иазку ашәҟәқәа: Ажәа аҳәаақәа. Алитературатә-критикатә статиақәа. Аҟәа, 1973; Ҳазлиааз. Алитература-критикатә статиақәа. Аҟәа, 1985; Абаҩхатәра лыԥшаахқәа. Таиф Аџьба Рушьбеи Смыр рыԥсҭазааратә, рырҿиаратә мҩа. Аҟәа, 2019.


