Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Лашәриа Рауль Ӡыкәыр-иҧа



Лашәриа Рауль Ӡыкәыр-иҧа (20.05.1949, Аҧсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа, 4.11.2014, Аҟәа) – аҧсуа поет, ажурналист. СССР-и (1976) Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, ашьҭахь – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла (2003). Дыҩуан аҧсышәала.

Кәтолтәи абжьаратәи ашкол даналга (1961), дҭалеит А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҧсуа бызшәеи алитературеи англыз бызшәеи рыҟәша (1969). Еиҭагаҩыс аус иуан агазеҭқәа «Акоммунизм ахь», «Аҧсны ҟаҧшь» (1969_1979) рҟны, Аҧсуа телехәаҧшра аредактор хадас (1978-1987), ажурнал «Алашара» (1987ш., №8 инаркны) аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩыс, ажурнал «Амцабз» аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩыс (1997-2003) дыҟан. Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵаара аинститут алитература аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩын. 2003 ш. нахыс Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа Алитфонди, ажурнал «Аҟәа-Сухум» аҟәшеи, агазеҭ «Еҵәаџьаа» аҟәшеи дреиҳабын.

Жәаф шықәса анихыҵуаз раҧхьатәи иажәеинраала «Ақьаҧҭа» икьыҧхьит агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аҟны. Уи нахыс иҩымҭақәа рнылон егьырҭ апериодикатә ҭыжьымҭақәагьы – ажурналқәа «Алашара», «Амцабз», агазеҭқәа: «Советская Абхазия», «Аҧсны», «Еҵәаџьаа», аизгақәа уҳәа рҟны. Апоет иажәеинраалақәа жәпакы анылеит «Аҧсуа апоезиа антологиа. XX ашә.» (Аҟәа-Москва, 2002; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).

Авторс дрымоуп ажәеинраалақәа реизгақәа ааба.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Аҵх ҵәца. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1973; Аеҵәақәа зҿало аҵла. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1976; Урашан. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1979; Абзиабара ашықәс. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1980; Сымшра амацәаз. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1991. Асааҭ ахыцқәа. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1981; Аҧшақәа ргәил. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2004; Ашьанеи агәыҧшқеи. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2008; Сырмеи агәили. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2009; Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2011; Слахьынҵа аҿаҧхьа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2014.