Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Лиубченко Лев Николаи-иҧа



Лиубченко Лев Николаи-иҧа (30.07.1930, Аҧсны, Гәдоуҭа ақалақь – 1995, Гәдоуҭа ақалақь) – аурыс поет. Ассоциациа «Аҧсны аинтеллигенциа» иаҧнаҵаз апремиа «Аибашьра ашықәснҵа» ианашьоуп. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (1997).

 Раҧхьатәи иажәеинраалақәа кьыҧхьын 1956 шықәсазы. 1960 ш. акәзар, иҭыҵит раҧхьатәи иажәеинраалақәа реизга «Люди и мир». Л.Лиубченко ипоезиа ауаатәыҩса реизыҟазаашьа хьанҭақәа аанарҧшуеит, ҳауаажәларра иацәтәыму аидеиеи апринципқәеи рҿагылара ахырхарҭахь ухьадырҧшуеит.

Аҧсны 1992 шықәса август азтәи атрагедиатә хҭысқәа апоет ирҿиараҿы зынӡа даҽа хырхарҭак аанахәартә иҟалеит. Аибашьра раҧхьатәи амшқәа инадыркны уи ихазы еилырганы имаз иуаҩытәыҩсатә позициа ааникылеит, иҩымҭақәагьы еилыхха ирныҧшит. Арратә корреспондентс дыҟан, ашьҭахь Аҧсуа радио аредактор еиҳабыс аус иуан. Иажәеинраалақәа рыхәҭак аефир ала азыӡырҩцәа ираҳауан. Иажәеинраалақәа жәпакы ашәақәа рылхуп. Л.Лиубченко аҧсшәахь еиҭеигеит аҧсуа поетцәа ражәеинраалақәа маҷымкәа, урҭ рхыҧхьаӡараҿы С. Делба лҩымҭақәа.

Аҭыжьымҭақәа: Люди и море. Стихи. Сухуми, 1960; Дорога в хороший день. Стихи и поэмы. Сухуми, 1965; Абхазы, абхазы, вы правы… Гагра, 1993; Абхазы, абхазы вы правы… Сухум, 2007.