Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Ломиа Кәымф Шьрын-иҧа



Ломиа Кәымф Шьрын-иҧа (14.02.1928, Аҧсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа – 3.03.1999, Аҧсны, Аҟәа ақалақь) – аҧсуа поет. СССР-и (1954), Аҧсни, Урыстәылеи (1999) рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аҧсышәала.

Аҵара иҵон Очамчыратәи аҧсуа школ аҟны. Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә техникум далгеит (1946), нас – А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт (1950), А.М.Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт (1952). Аус иуан агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» акультуреи абзазареи рыҟәша аиҳабыс. 1955-1957 (февраль) шш. рзы ажурнал «Алашара» аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан. 1957 ш. ажурнал ҿыц «Амцабз» аредактор хадас дарҭеит, аха хара имгакәа диаргеит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аусбарҭа аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩыс, араҟа аусгьы иуит 1984ш. азынӡа. 1986-1993 шш. раан Аҧсны Аминистрцәа Рсовет аҟны иҟаз архивтә усбарҭа аиҳабыс аус иуан.

Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит ашкол данҭаз. 1937 ш. инаркны агазеҭ «Акоммунизм ахь» (уаанӡа – «Абольшевик мҩа» зыхьӡыз) ианиҵон иажәеинраалақәа. Иҩымҭақәа ркьыԥхьуан аҧсуеи, аурыси, ақырҭуеи газеҭқәа: «Аҧсны ҟаҧшь», «Советская Абхазия», «Правда», «Советская культура», «Литературноя газета», «Литературная Россия», «Собҷоҭа Аҧхазеҭи», ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», «Москва», «Юность», «Смена», «Огонек», «Наш современник», «Нева», «Звезда» уҳәа егьырҭгьы.

К.Ломиа 25 инареиҳаны ажәеинраалақәеи апоемақәеи реизгақәа дравторуп, урҭ ҭыҵуан, аҧсышәала еиҧш, аурысшәахь еиҭаганы (А.Кронгауз, Е.Елисеев, И.Полухин уҳәа реиҭагамҭақәа). Иажәеинраалақәа еиҭаргахьан иара убас аукраин, аҟабарда, ақырҭуа уҳәа абызшәақәа рахь.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Адгьыл аҿтәи аеҵәақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1954; Сҩызцәа рыгәҭаны. Ажәеинраалақәа. Аҟәа. 1956; Амахәҭа ҿыц. Ажәеинраалақәа. Аҟәа 1957; Абзиабареи амшыни. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1959, Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1963; Шьыбжьон. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1968; Аӡиас. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1970; Асы иаҵәа. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1973; Амҩа хара. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1977; Ааҧын. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1981; Ашәа рҳәоит ахрақәа. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1983; Сымшқәеи сыҵхқәеи. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа 1997; Иҩымҭақәа: 3-томкны, 2012-2013; аурысшәахь аиҭагақәа: Земные звезды. Стихи. М., 1958; Лунная тишина. Стихи и поэма. М., 1965; Продолжение встречи. Стихи и поэмы. М., 1971; Дочь солнца. Поэмы. [Для детей]. М., 1972; Звезда и колодец. Стихи. М., 1976; Дочь солнца. Стихотворения и поэмы. [Для детей]. М., 1980; Стихотворения. М., 1981; Любовь и море. Стихи и поэма. М., 1986; Годы начинаются с весны. [Стихи и поэмы]. Сухуми, 1985; Абхазские строки. Стихи. Поэма. Тбилиси, 1987; Сказание о спящей реке. Стихотворения и поэмы. [Для среднего и старшего школьного возраста]. М., 1987.