Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Маан Владимир Тарас-иҧа



Маан Владимир Тарас-иҧа (29.11.1940, Аҧсны, Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭа – 31.12.2003) – аҧсуа поет. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (2003). Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) далахәын. Аҧсны арбџьар мчқәа рҟны 1994ш. маи мза азынӡа аррамаҵураҿы дыҟан, афицарын. Дыҩуан урысшәала.

В.Маан иразҟы атрагедиатә хҭысқәа агмызт. Иаб Тарас Александр-иҧа Маан амҳаџьырра аҟнытә дхынҳәит 1913 ш. рзы, анхара ашьапы икит Уарча ақыҭан. Ашьҭахь Тарас иҭаацәа Аӡҩыбжьаҟа ииасит. Тарас ақыҭа нхамҩа аспециалист бзиа ҳәа дыршьон, еиҳаракгьы аҭаҭын аусхк аганахьала. Ф-бызшәак идыруан, араб бызшәала аҩреи аҧхьареи идыруан. Н.Лакобеи иареи акыр иааигәаны еибадыруан, уи Тарас ҳаҭыргьы иқәиҵон.

В.Маан аҵара иҵон Аӡҩыбжьатәи алагарҭатә школ аҟны, ашьҭахь 8-шықәсатәи ашкол аҟны. Аамҭақәак рышьҭахь иҵара иациҵеит Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратәи ашкол аҟны.

А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҟны аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩы изанааҭ иоуит (1971).

1958 ш. аусура далагеит Аҟәатәи аихамҩатә станциаҿы, абраҟа амашәыр дақәшәеит, адәыӷба исит, дхәахәа-жьахәаны даанхеит. Убри нахыс аҩбатәи агәыҧ змоу ахымхәа ҳәа ашәҟәы ирҭеит. Еиуеиҧшым ашықәсқәа раан аус иуан аҵареи, аспорти, аҧсабара ахьчареи русхкқәа рҟны, агазеҭқәа рредакциақәеи ателехәаҧшреи, иара убас Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҿы.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) Аҟәа, ақырҭуа қәылаҩцәа рнапала дҭадырхеит В.Маан иҧа Олег, иара убас зцәазтәымыз уи иҧшәмаҧҳәыс Лаура.

В.Маан ажәеинраалақәа рыҩра далагеит афбатәи акласс аҟны дантәаз. Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы иҩымҭақәа рнылон Аҧсны апериодикатә кьыҧхь аҟны.

Аҭыжьымҭақәа: Разговор наедине. Стихи. Сухум, 2002.