Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Миқаиа Иван Ирод-иҧа



Миқаиа Иван Ирод-иҧа (29.07.1949, Аҧсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа) – апоет, апрозаик. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (2022). Дыҩуеит аҧсышәала.

Очамчыра араион И. А. Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратәи ашкол далгеит (1967). Иреиҳау аҵара иоуит А. С. Пушкин ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә инстиут афилологиатә факультет аҟны (1972).

Акыр шықәса Қарҭ дынхон. 1972-1984 шш. раан аус иуан Қарҭ ақалақь еиуеиҧшым аусҳәарҭақәа ркомҿареидгылатә еиҿкаарақәа рҟны. 1978-1984 шш. рзы – аусҳәарҭақәа аҭыҧантәи рпартиатә еиҿкаарақәа рҟны. 1982 ш. акәзар, Бақәатәи иреиҳау апартиатә школ далгеит диплом ҟаҧшьыла. 1984 ш. аусура диаган Қырҭтәыла аҵара аминистрра иаҵанакуаз Қарҭтәи азаанаҭ-техникатә ҵараиурҭа аиҳабыс. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) иҭаацәеи иареи Владикавказ (Нхыҵ-Уаҧстәыла) иҟан, Аҧсадгьыл ахьчаҩцәеи аҭынч уааҧсыреи рзы агәыҳалалратә цхыраара аиҿкаара инапы алакын. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иааирала ианеилга, ҩаҧхьа уаанӡа аус ахьиуаз аҵараиурҭахь дгьежьит.

2006 инаркны Аҧсныҟа дхынҳәуеит.

И. Миқаиа ашкол данҭаз инаркны апоезиа агәыблра шьҭикааит. 1960-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭа нахыс иҩымҭақәа апериодикатә кьыҧхь ианылон.

Раҧхьатәи иажәеинраала «Ашықәс ҿыц» ахәыҷтәы журнал «Амцабз» ианылеит. Иреиҳау аҵараиурҭаҿы аҵара аниҵоз ашықәсқәа раан иҩымҭақәа ркьыҧхьуан ажурнал «Алашара», агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны»), «Акоммунизм ахь» («Ерцахә»). Даҽа занааҭк инапы шалакызгьы, апоезиа дацәхьаҵны иҟамлацызт, арҿиара агәацҧыҳәара иман.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Агәыӷра. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2006; Аҵх шкәакәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2010; Амш асаркьа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2012; Алахьынҵа аҧша. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2014; Алакәқәа рышҭа. Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 2016; Имыцәаз акәицқәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2019.