Мышәба Дмитри Мақсим-иԥа (07.05.1987, Литватәи ССР Вильниус ақалақь) – аԥсуа ашәҟәыҩҩы. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (2025). Дыҩуеит урысшәала.
2004 ш. далгеит Ф. Ч. Аҩӡба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи 7-тәи абжьаратәи ашкол.
2008 ш. иреиҳау аҵара хиркәшеит Аҟәатәи Иаарту Аинститу «Адунеитә економика» афакультет аҟны.
2006-2008 шш. раан Аԥсны ахьчара аҳәынҭқарратә маҵзура аҟны аррамаҵура дахысуан. Ирратә уалԥшьа анихига, аҵара иҵон Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет «Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа» аҟәшаҿы (2009-2014 шш.).
2015 ш. инаркны референтс аусура дрыдыркылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Алатинтә Америкеи, Азиеи, Африкеи, Азиа-аокеанҭыч арегиони рыҟәша ареферентс.
2016-2021 шш. рзы аус иуан Гәдоуҭатәи араионтә Еизара аппарат аҟны, 2022-2024 шш. раан – еиуеиԥшым жәларбжьаратәи агәыҳалалратә еиҿкаарақәа рҟны. 2024 ш. раахыс ауаажәларратә еиҿкаара «Алшара» аҟны асоциал-економикатә проектқәа ркоординаторс дыҟоуп.
Ашкол данҭаз ашықәсқәа раан, иара убас иреиҳау аҵараиурҭа данҭаз асахьаркыратә ҩымҭақәа рыԥхьара бзиа ибон, алитература дазҿлымҳан. Аханатә астатиақәа рыҩрала далагеит, аусураҿы еиуеиԥшым атемақәа ирызкны ажәахәқәа еиқәиршәон. Урҭ еиуеиԥшым апериодикатә ҭыжьымҭақәа рҟны иркьыԥхьуан. Дышнеишнеиуаз алитература дагәыланахалеит. Апроза ицааиуан, есааирагьы иҽԥишәон. Абасала алитературахь дымҩахыҵит.
Аҭыжьымҭақәа: урысшәала: Сухумский маяк. Повесть. Сухум, 2025.


