Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Оҭырба Нури Кьаӷәра-иҧа



Оҭырба Нури Кьаӷәра-иҧа (25.12.1925, Аҧсны, Гәдоуҭа араион, Арсаул (Приморск) ақыҭа – 2011) – аҧсуа шәҟәыҩҩы. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далан (1997). Дыҩуан аҧсышәала.

Арсаул ақыҭантәи ихарҭәаам абжьаратә школ даналга, иҵара иациҵон Афонҿыцтәи ашкол-интернат аҟны. Аха шықәсыбжак ааҵуаны аинтернат анадыркы Гәдоуҭатәи абжьаратәи ашкол ахь диасит. Аа-шықәсазаҵәык роуп аҵара ахьиҵоз, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) ҵысит. 1948-1952 шш. раан Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа дҭан. Даналга хышықәса рҵаҩыс аус иуан Приморсктәи ашкол аҟны. 1955-1960 шш. рзы аҵара иҵон А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҧсуа-аурыс ҟәша аҟны. Иреиҳау аҵараиурҭа даналга жәашықәса аҧсуа бызшәеи алитературеи аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс аус иуан Арсаултәи ашкол аҟны. 1971 ш. инаркны ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аурыс ҟәша аредакторс дыҟан. Аха ҧшьышықәса рышьҭахь, анхарҭа аиура дахьақәымгәыӷуаз аҟнытә, Аҟәа аанижьуеит. 1985 ш. азынӡа аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс дыҟан ашкол аҟны. 1986 ш. атәанчара ашҟа даниас, алитературатә рҿиара мацара иҽазикит. 1993-1997 шш. рзы Аацы ақыҭа абыргцәа Рхеилак деиҳабын.

Раҧхьаӡа иҩымҭақәа икьыҧхьуа далагеит ажурнал «Амцабз» аҟны 1950-тәи ашықәсқәа инадыркны. Н. Оҭырба иажәабжьқәеи, иповестқәеи, илакәқәеи рнылон иара убас ажурнал «Алашара» (1955 ш. инаркны), «Аҟәа-Сухум», агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» уҳәа егьырҭгьы. Раҧхьатәи ишәҟәы «Аҭоуба» ҭыҵит Аҟәа 1965 шықәсазы. Уи нахыс хә-шәҟәык инарыцны иҭижьит.

Аҧсшәахь еиҭеигеит аҟабарда шәҟәыҩҩы А. Т. Шортанови абаза шәҟәыҩҩы З. К. Хачукови ражәабжьқәа жәпакы.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Аҭоуба. Аповест. Аҟәа, 1965; Хьыма лымшынҵа. Ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәа. Аҟәа, 1973; Амаӡа. Аповести ажәабжьқәеи абжьаратәи ашколқәра иаҵанакуа рзы. Аҟәа, 1986; Анасыҧ. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1989; Аҟармаҵыс. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 2002; Адунеи - мардуануп. Ажәабжьқәа, аповест, ароман. Аҟәа, 2006; Амҩа уадаҩ. Автобиографиатә повест. Ажәабжь кьаҿқәа. Астатиақәа. Аҟәа, 2010.