Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Папасқьыр Гәышька Гьаргь-иҧҳа



Папасқьыр Гәышька Гьаргь-иҧҳа (02.09.1914, Аҧсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Кәтол ақыҭа – 02.07.1999) – аҧсуа хәыҷтәы шәҟәыҩҩы. Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы. СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан. Дыҩуан аҧсышәала.

Ҩышықәса аҵара лҵон Кәтолтәи алагарҭатә школ аҟны, нас лҵара иацылҵеит Н. А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи аҧсуа школ аҟны (1923-1933). 1958 ш. дҭалеит амарксизм-ленинизм Аҟәатәи ауниверситет, дагьалгеит 1960 шықәсазы. 1933 ш. инаркны аус луан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭаҿы. 1941-1945 шш. раан Қьарақьантәи (Кәтолтәи) алагарҭатә школ аҟны дырҵаҩын. 1946-1954 шш. рзы агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциаҿы корректорс, нас – аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩс дыҟан. 1954-1978 шш. рзы аус луан Аҧсны Аминистрцәа Рсовет аҟны иҟаз ацензура аҟәша аҟны.

Аҧсуа хәыҷтәы литература арҿиараҿы ллагала маҷымкәа иҟоуп. Раҧхьатәи лҩымҭа лкьыҧхьит 1932 шықәсазы. Лажәабжьқәеи лповестқәеи рнылон агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь», аизга «Еҵәаџьаа» (аамҭақәак рзы агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» агәлаҵак аҳасабала иҭыҵуан), ажурналқәа «Алашара», «Амцабз».

Гә. Папасқьыр жәаба инареиҳаны лышәҟәқәа ҭыҵхьеит.

Аҧсшәахь еиҭалгеит аурыси ақырҭуеи шәҟәыҩҩцәа рхәыҷтәы ҩымҭақәа жәпакы.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Кәчыр дшпионерхаз. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1932; Ааҧынтәи ашәҭқәа. Ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәа. Аҟәа, 1960; Аиҩызцәа хәыҷқәа. (Ажәабжьқәеи апиесеи ахәыҷқәа рзы). Аҟәа, 1964; Гәдым-асахьаҭыхҩы. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1966; Аҵыҵындрақәа. Ажәабжь. Аҟәа, 1969; Ахынҳәра. (Аповести ажәабжьқәеи). Аҟәа, 1972; Жәаф шықәса ихыҵуан… Аповест. Аҟәа, 1974; Ажәабжьқәеи аповести. Аҟәа, 1976; Амшын ахықәаҿы. Ажәабжьқәа, агәалашәарақәа. Аҟәа, 1979; Ахатәы мҩа. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1984; аурысшәахь аиҭагақәа: На берегу моря. Рассказы. Для среднего школьного возроста. Сухуми, 1983.