Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Папасқьыр Иван Гьаргь-иҧа



Папасқьыр Иван Гьаргь-иҧа (12.12.1902, Аҧсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) – 13.10.1980, Аҟәа ақалақь) – аҧсуа шәҟәыҩҩы.

Аҧсны жәлар рышәҟәыҩҩы (1977). Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (1967; ароман «Ҭемыр» азы). СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан. Дыҩуан аҧсышәала.

1915ш. Кәтолтәи алагарҭатә школ далгеит. 1925ш. акәзар, Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа аҟны иҵара хиркәшеит. 1928-1929 шш. рзы аҵара иҵон мрагыларатәи абызшәақәа Ленинградтәи ринститут аҟны. Аҧсныҟа даныхынҳә аусура хациркит агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциаҿы. 1943-1950 шш. раан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа деиҳабын, анаҩс араҟа редакторс дыҟан.

Раҧхьатәи иочеркқәеи иажәабжьқәеи анылеит агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь». Иҩымҭақәа ркьыҧхьуан ажурналқәа «Алашара», «Алитературатә журнал», агазеҭ «Советская Абхазия», аизга «Аҧсуа жәабжьқәа» (Аҟәа, 1980) уҳәа рҟны.

И. Папасқьыр аҧсуа литератураҿы раҧхьатәи аҧсуа роман «Ҭемыр» авторс дамоуп (Аҟәа, 1937; еиҭаҭыжьын – Аҟәа, 1939, 1955; урысшәала – «К долгои жизни» ахьӡны, М., 1948; Аҟәа, 1954, 1972; Қарҭ, 1959). Ароман азкуп ХХ ашә. аҩажәатәи ашықәсқәа рынҵәамҭеи ҩажәижәабатәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭеи рзы аҧсуа қыҭа  асоциалисттә еиҭакрақәа раан.

Ԥыхьатәи СССР аан И. Папасқьыр деицырдырит ироман «Аҧсҳәыс лыпату» абзоурала, уи ҩеижәа шықәса инареиҳаны аҩра даҿын. Аҧхьаӡа ироман иахьӡын «Амҵарсра», абас хыс измаз аҩымҭа раҧхьатәи ахқәа кьыҧхьын 1941 ш. «Алитературатә журнал» (№1, 2, 3) аҟны.

1949 ш. аҩымҭа хазы шәҟәны иҭыжьын «Хьмур лымҩа» ахьӡны, анаҩс – икьыҧхьын «Аҧҳәыс лыпату» ахьӡны. Х-шәҟәыкны ароман раҧхьаӡа иҭыҵит 1962-1963 шш. рзы, аха уи нахысгьы ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭа аус адиулон. Аҵыхәтәан ашәҟәқәа рыхҧагьы ргәылалеит «Иҩымҭақәа реизга» хә-томкны ишьақәыргылаз (Аҟәа, 1964-1970): Актәи ашәҟәы – ахҧатәи атом (1965), аҩбатәи ашәҟәы – аҧшьбатәи атом (1968), ахҧатәи ашҟәы – ахәбатәи атом (1970) аҟны. Р. Хә. Қапба излаиҧхьаӡо ала, ахҧатәи ахәбатәи атомқәа ирнылеит ашәҟәқәа рыхҧагьы аҵыхәтәантәи рварианқәа. (Қапба Р. Хә. Иван Папасқьыр. Иҧсҭазаареи ирҿиареи. 2-тәи ашәҟәы. Аҟәа, 1996. Ад.91). ашәҟәқәа рыхҧагьы аурысшәахь еиҭаганы иҭыжьын Аҟәа, 1967ш. (аиҭаҭыжьра – Аҟәа, 1970, 1984, 1985, 1987, М., 1975). (Уаанӡа, 1958-1959 шш. раан аурысшәахь еиҭаганы иҭыҵхьан актәи аҩбатәи ашәҟәқәа рымацара).

Ароман еиҭаган ҧыхьатәи СССР ажәларқәа егьырҭ рбызшәақәа жәпакы рахьгьы.

Ароман «Аҧҳәыс лыпату» иалхны аспектакль ықәыргылан С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны (аинсценировка – Н. Р. Ешба, Шә. А. Ԥачалиа, арежиссиор Н. Р. Ешба).

И. Папасқьыр авторс дамоуп иара убас ароман «Ерцахә амҵан» (Аҟәа, 1953; ацәаҿы иануп – 1954; аҩбатәи аҭыжьра – 1974), ажәабжьқәа реизгақәа жәпакы («Гәдоутәи аиҩхааҿы», «Аҧҳәыс лҵәуабжь», «Иҩым ашәҟәы ацҧҵәаха», «Ихәыцым аҭоурых», аҭоурыхтә повест «Ауаҩи аҧсадгьыли» (1979).

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Ҭемыр. Аповест. Аҟәа, 1937; Ҭемыр. Аповест. Аҟәа, 1939; Хьмур лымҩа. Ароман. Аҟәа, 1949; Ерцахә амҵан. Ароман. Аҟәа, 1953; Ҭемыр. Ароман. Аҟәа, 1956; Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1956; Аҧҳәыс лыпату. Ароман. Актәи ашәҟәы. Аҟәа, 1962; Ерцахә амҵан. Ароман. Аҩбатәи аҭыжьра; Иҩымҭақәа реизга: хә-томкны. Аҟәа, 1964-1970; Санду лажәабжьқәеи егьырҭи. Аҟәа, 1977; Ауаҩи аҧсадгьыли. Аповест. Аҟәа, 1979; Ауаҩи аиашеи. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1981; Акаруал шәақь. Ажәабжь. Аҟәа, 1983; Ацгәы фантина маанала аҳәынаҧ Ӷәыӷә шакыз. (ажәлар рҳәамҭахьтә). Аҟәа, 1990; Иҩымҭақәа реизга. Хә-томкны: 2007-2008; аурысшәахь аиҭагақәа: К долгои жизни. Роман. (перевод Л. Пасынкова. М., 1948. (2-е переработанное издание – Сухум, 1954; под названием «Ҭемыр» - Тбилиси, 1959; Сухуми, 1972); Женская честь. Роман: в 2 книгах (перевод А. Дубровского. Сухуми, 1958-1959; Женская честь. Роман: в 3 книгах (Авторизованный перевод П. В. Счетова. Сухуми, 1967 (Переиздания : Сухуми, 1970; М., 1975; Сухуми, 1984, 1985, 1987).