Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Патулиди Николаи Георги-иҧа



Патулиди Николаи Георги-иҧа (13.08.1944, Аҧсны, Аҟәа араион Дмитриевка ақыҭа – 03.11.2010, Аҧсны, Аҟәа) – абырзен поет, аиҭагаҩ, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы. Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы (1991). Ианашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара (2004). Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (1997). Дыҩуан урысшәала.

1949 ш. Патулиди иҭаацәа егьырҭ абырзенқәа инарылакны Аҧснынтәи Ҟазахсҭанҟа иахыргеит. 1956 ш. Аҧсныҟа ианыхынҳә Н. Патулиди далгеит Аҟәатәи аусуцәа аҿар иртәыз абжьаратә школ №1 (1962), анаҩс – Полтаватәи атранспорттә ргыларатә техникум (1970), Москва, ВЦСПС иатәыз азаанаҭеигылақәа Иреиҳау рышкол (1981). 1960 ш. усуҩыс дыҟан. 1966 ш. инаркны аус иуан «Закранстрои» атуризми аекскурсиақәеи рзы Аҧснытәи аобласттә совет иахьаҵанакуаз машьынаныҟәцаҩыс, нас – техникс, нџьнырс, автобаза атехникатә ҟәша аиҳабыс.

1985 ш. нахыс Аҟәа ихаҭа еиҿикааз абырзен жәлар ртеатр напхгара аиҭон. 1991 ш. инаркны - 1992 ш. август азынӡа абырзенцәа ркультуратә центр «Ирини» аҭакзыҧхықәу маӡаныҟәгаҩс дыҟан. 1994-2001 шш. раан, 1994 ш. ианвар 22 рзы иаҧҵаз Аҧсны абырзенцәа Ргәыҧ дахантәаҩын. 1996-2001 шш. рзы Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатс, аҭҵаарадырреи, аҵареи, акультуреи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩс дыҟан. 2001 ш. инаркны – Аҧсны акультура аминистр ихаҭыҧуаҩс.

Иҩымҭақәа рнылон Аҟәа, Қарҭ, Москва иҭыҵуаз апериодикатә кьыҧхь. Ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы дравторуп. «Сухумские мотивы» ахьӡны Аҟәа 2500 шықәса ахыҵра иазкны Москва  иҭыҵыз (2005) ажәеинраалақәа реизга авторцәа дыруаӡәкуп.

Н. Патулиди иажәеинраалақәа жәпакы Аҧсны иазкуп, уи адагьы иара иҧсҭазаара ихаҿы изаагомызт. Аҧсны аанимыжьит аполитикатә ҭагылазаашьа анеибарххаз, аибашьраангьы, уи ашьҭахь Аҧсны амацәаз ианҭакыз,  абырзенцәа аӡәырҩы Бырзентәылаҟа ианцозгьы. Иара иҩуан: «Я с Абхазией жить обречен ибо  с нею навек обручен…»

Аҭыжьымҭақәа: урысшәала: Иду к тебе. Стихи. Сухум, 1977; Привязанность. Стихи. Сухум, 1980; Светлый день. Стихи. Сухум, 1984; Меч и скрипка. Стихи и поэмы. Сухум, 1987; Время жизни. Стихи. Сухум, 1988; Южные выси. Стихи. Донецк, 1991; Непокой. Сухум, Стихи. 1992; Под защитой льва. Сухум, 1995; Алычовая метель. Стихи и поэмы. Сухум, 2013.