Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Салаҟаиа Шоҭа Хьыч-иҧа



Салаҟаиа Шоҭа Хьыч-иҧа  (18.07.1933, Аҧсны,  Очамчыра араион Ҭхьына ақыҭа – 07.11.2021) – афольклорист, алитератураҭҵааҩ, акритик. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор (1999), Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор,  Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик (2006). Д.И. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (1980, амонографиа «Аҧсуа нарҭтә епос» азы). Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы (1983), Аҧсны аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩы (2013), Аҧсны иреиҳау ашкол зҽаҧсазтәыз аусзуҩы (2014) ҳәа ахьӡқәа ихҵоуп. Ианашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден аҩбатәи аҩаӡара. СССР-и  (1973) Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәеи Урыстәыла ашәҟәыҩцәа Реидгылеи (1999) рлахәыла, ашьҭахь – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла (2003). Дыҩуан аҧсышәалеи урысшәалеи.

Аҵара иҵон  Ҭхьына ақыҭантәи 8-шықәсатәи ашкол аҟны (1940-1948), иҵара иациҵоит Аҟәатәи  арҵаҩратә  ҵараиурҭаҿы (1948-1952). А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҟны ибзиаӡаны аҵара ахьиҵоз аҟнытә Ленин истипендиа иоуан. Иҵара анхиркәша, 1956 ш. афольклористика азанааҭ ала Қарҭ,  Ш.Русҭавели ихьӡ зху  ақырҭуа литература аинститут  аспирантура даанахәоит.

Ш. Салаҟаиа 1965 ш. Москва, А.М. Горки ихьӡ зху адунеитә литература аинститут аҟны ихьчоит акандидаттә диссертациа. 1959 ш. абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Аҧснытәи ринститут аҟны аусура дрыдыркылоит аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҵбыс, 1968 ш. нахыс – аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс, ашьҭахь – 1977-1988 шш. раан  ари аинститут аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩс дыҟан. 1992 ш. инаркны  Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵаара аинститут аҭҵаарадырратә усзуҩы хадас дыҟан. 60 ш. инарыцны Ш. Салаҟаиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧснытәи аҧсуаҭҵаара аинститут аҟны аус иуан.  1960-тәи ашықәсқәа раахыс  иара убас Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет аҟны алекциақәа дрыҧхьон аҧсуа фольклори алитературеи, Нхыҵ-Кавказ ажәларқәа  – абаза, адыга уҳәа рлитературақәа рзы. А.М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт аҟнгьы аамҭак азы алекциақәа дрыҧхьон.

Ш. Салаҟаиа иааҧсара шьардоуп Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ашьақәгылареи аҿиареи рҟны. 1998-2013 шықәсқәа раан уи аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩ хадас даман, аҵыхәтәанынӡа академиа ахадара далан. Аҭҵаарадырра аганахьала Г. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху апремиа рыҭаразы акомиссиа ахантәаҩыс дыҟан ианаҧырҵаз 2005 ш. инаркны.    

1999 ш. март азы Москва, А.М. Горки ихьӡ зху Адунеитә литература аинститут аҟны ихьчеит адоктортә диссертациа (аҭҵаарадырратә ажәахәк аҳасабала)  «Аҧсуаа репикатә рҿиара» ахьӡны.

Ш. Салаҟаиа иҭҵааратә усура мҽхакы ҭбаала еиларсуп. Жәлар рҿаҧыц ҳәамҭақәа реизгареи ранҵареи аганахьала, насгьы аҧсуа фольклор аепикатә жанрқәа рыҭҵаараҿы шьарда илиршеит. Аиқәыршәаҩс дрымоуп  Аҧсуа жәлар репикатә рҿиара. Ахрестоматиа» (Қарҭ-Аҟәа, 1975), «Аҧсуа фольклор» (Аҟәа, 2003), аизга «Аҧсуаа рҿаҧыц ажәабжьқәеи рашәақәеи» А.А. Аншбеи, с.Л. Зыхәбеи иареи еицеиқәдыршәеит) (Аҟәа, 1970). Авторс дрымоуп аҧсуа фольклор иазку аҭҵаарадырратә статиақәа рацәаны, иара убас амонографиақәа ҩба: «Аҧсуа жәлар рфырхаҵаратә епос», «Аҧсуа нарҭтә епос». Истатиақәа жәпакы (Абрыскьыл», «Ажәеиҧшь», «Нарџьхьоу», «Нарҭаа», «Сасрыҟәа», «Саҭанеи- Гәашьа», «Хәажәарҧыс», «Цәыцә» ирызкны) кьыҧхьуп аенциклопедиа «Адунеи ажәларқәа рмифқәа» (ҩ-томкны, М., 1980-1982) аҟны.

Ш. Салаҟаиа деицырдыруеит алитератураҭҵааҩ, акритик иакәны. Илитератураҭҵааратәи илитература-критикатәи статиақәеи ишәҟәқәа жәпаки рызкуп афольклортә хыҵхырҭақәеи амилаҭтә литература аҭоурыхи, аҧсуа-адыгеи, аҧсуа-ақырҭуеи егьырҭ алитературатәи акультуратәи еимадарақәа. Ашәҟәыҩҩцәа Д. Гәлиа, И. Коӷониа, Ӡ. Дарсалиа, С. Ҷанба, М. Аҳашба, И. Папасқьыр, Кь. Чачхалиа, Б. Шьынқәба, Қь. Агәмаа, Ҷ. Џьонуа, А. Џьонуа, Ш. Ҵәыџьба, И. Ҭарба, А. Лашәриа, А. Аџьынџьал, К. Ломиа, А. Гогәуа, Ш. Аџьынџьал, Г. Гәыблиа, М. Лашәриа, Ш. Ҷкадуа, Б. Гәыргәлиа, аҵарауаа Хә. Бӷажәба, В. Аҵнариа, С. Зыхәба уҳәа рырҿиара иазкуп истатиақәа жәпакы. Истатиақәа кьыҧхьын ажурналқәа: «Алашара», «Аҟәа-Сухум», «Юность», агазеҭқәа: «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны», «Советская Абхазия» «Еҵәаџьаа», «Аҧсуа институт адыррақәа», «Афольклори алитературеи рсериала Адыгатәылатәи аҭҵаарадырратә институт аҵаратә нҵамҭақәа», алитература-критикатә статиқәа реизга «Ажәеи аамҭеи» еиуеиҧшым аҭыжьымҭақәа рҟны.  Алитератураҭҵааратәи алитература-критикатә статиақәеи аочеркқәеи реизгақәа жәпакы ҭижьит. Аусумҭақәа: Аҧсуа литература. Иаазыркьаҿу аочерк» (Аҟәа, 1968), «Аҧсуа литература аҭоурых аочеркқәа» (Аҟәа, 1974), «Асоветтә милаҭрацәатә литература» ф-томкны (ат. 5; М., 1974), «Аҧсуа литература иаазыркьаҿу аочеркқәа» (Қарҭ, 1975; қырҭшәала) уҳәа егьырҭгьы равторцәа дыруаӡәкуп.

Ш. Салаҟаиа илагала маҷымкәа иҟоуп аҧсуа литературазы ашколтә рҵага шәҟәқәеи апрограммақәеи  реиқәыршәараҿы. 1960-тәи ашықәсқәа инадыркны афбатәи, абыжьбатәи, ажәабатәи, ажәеизатәи аклассқәа рзы алитература   аиқәыршәара далахәын.

Ш. Салаҟаиа иналаршә-ааларшәны акәзаргьы, асахьаркыратә рҿиара дазхьаҧшуан. Авторс дамоуп ажурнал «Алашара» (1962, №59 ианылаз «Шьақар-иҧа Ш.»  ҳәа ҧсевдонимс измоу ажәабжь «Сара сашьа Шьханыҟәа».

Аҭыжьымҭақәа: афольклор иазку аҭҵаамҭақәа: Абхазский народный героический эпос. Тбилиси, 1966; Абхазский нартский эпос. Тбилиси, 1976; Избранные труды: в 3 томах. Т. 1. Эпическое творчество абхазов. Сухум, 2008; Некоторые вопросы по абхазскому фольклору и литературе. Сухум, 2012; алитература иазку аусумҭақәа: Аҧсҭазаара ашыкьымҭазы: Алитература-критикатә статиақәа. Аҟәа, 1974; Алитература алаҧшҳәаақәа. Астатиақәеи аочеркқәеи. Аҟәа, 1983; Аамҭа ашьаҿа ақәыршәаны. Алитература-критикатә статиақәа. Аҟәа, 1989.