Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Сангәлиа Шьалуа Михаил-иҧа



Сангәлиа Шьалуа Михаил-иҧа (07.05.1922, ССР Аҧсны, Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭа 26.07.1982, Аҟәа ақалақь) – аҧсуа поет, апрозаик, адраматург. СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩыцәа Реидгылақәа дрылан. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) далахәын. Дыҩуан аҧсы-шәала.

Аҵара иҵон Џьгьардатәи, Аӡҩыбжьатәи, Очамчыратәи ашколқәа рҟны. А. С. Пушкин ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт далгеит (1952), иара убас А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт Иреиҳау алитературатә курсқәа дырхысит. Аус иуан агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциаҿы.

Иҩымҭақәа акьыҧхь рбоит 1939 ш. инаркны ажурнал «Алашара», агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» рҟны. Иажәеинраалақәа рыхәҭак агәылоуп «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.». (Аҟәа - Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа – Москва, 2009). Иҩымҭақәа еиҭаганы ианылеит 1958 ш. Москва иҭыжьыз «Антология абхазской поэзии».

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Сымҩанызаҩ. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1957; Апиесақәеи ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1958; Сыԥсадгьыл ааԥынра. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1968; Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Алегендақәа. Ажәабжьқәеи, алакәқәеи, асатирақәеи. Апиесақәа. Аҟәа, 1972; Ицәажәоит Бзыԥҭа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1976; Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Алегендақәа. Аҟәа, 1982; Аԥсҭазаара амҩала. Ажәабжьқәа. Апиесақәа. Аҟәа, 1983.