Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Смыр Рушьбеи Ҳазараҭ-иҧа



Смыр Рушьбеи Ҳазараҭ-иҧа (13.02.1950, Аҧсны, Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭа - 29.07.2019) – аҧсуа поет. СССР-и (1979) Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәеи Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1999) рлахәыла, ашьҭахь – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла (2003). Адыгатәыла акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы (2004). Аҧсны жәлар рпоет (2010). Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (2007; ажәеинраалақәа реизга «Абжьы» азы). «Ахьӡ-Аҧша» аорден аҩбатәи аҩаӡара ианашьоуп. Дыҩуан аҧсышәала.

Приморсктәи абжьаратәи ашкол далгеит. Ахҧатәи акласс аҟны дантәаз машәырла изблак ааха аиуит. Ашықәсқәа ииасцыҧхьаӡа апоет ибла есааира иагхо иалагеит (8% заҵәык ракәын иабоз). Иҽихәшәтәуан Одесса, Филатов иклиникаҿы. Ибла ачымазара иахҟьаны иҵара данагхозгьы ҟалалон. Ианаалоз аланарҧшыгагьы аҧшаара уадаҩын. Одессантә даныхынҳә, аҳәара иҟаиҵаз ала, иҭаацәа амырзакан  изаархәеит, иаарласнгьы иҵеит уи арҳәашьа. Аҩны иҟан иара убас агитареи абалалаикеи. Урҭ рыла ибзианы дыхәмаруан иан – Шура Базба. Урҭгьы инапаҿы иааигеит Рушьбеи. Амырзакан ала инаигӡон атетрад ианиҵоз ажәақәа ирылихуаз ашәақәа. Абасала ажәеинраалақәа рыҩра далагеит. Ичымазара даргәамҵуан поетны ишьақәгылараны иҟаз. Апоет қәыҧш иажәеинраалақәа зныз атетрад (усҟан уи ихыҵуан жәаха шықәса) апоет В. П. Анқәаб имҧыхьашәеит Артиом Анқәаб ибзоурала , В. Анқәаб урҭ амҩа рзылихит. Ҿыц аҩра иалагаз апоет изы ари акырӡа аҵанакуан, уи егьаӡбеит ҧхьаҟатәи ирҿиаратә разҟы. Дышнеи-шнеиуаз иаалырҟьаны ланарҧшыгала ицәгьамкәа ибо дҟалеит. Иҽазҵәылхны ашәҟәқәа рыҧхьарагьы далагеит, игәабзиара ишаҧырхагазгьы, лассы-лассы ахыхь изцәырҵуан. Иажәеинраалақәа анылон агазеҭ «Бзыҧ».

Аҟәатәи аҳәынҭқарратә азаанаҭ-техникатә ҵараиурҭа далгеит, афымца азҟаза изаанаҭ иманы. 1972 ш. дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет, аха ибла ачымазара иахҟьаны аҩабтәи акурс аҟнытә  иҵара  аанижьыр акәхоит. 1985-1987 шш. раан аҵара иҵон А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт аҟны иҟоу ҩышықәсатәи Иреиҳау алитературатә курсқәа рҟны. 1970-1975шш. рзы Афон-ҿыц, атурбаза «Ԥсырӡха» аҟны абиблиотекаҿы аус иуан.

1968 ш. раахыс апоет иажәеинраалақәа иааиҧмырҟьаӡакәа ирнылоит ажурнал «Алашара», иара убас агазеҭқәа: «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны», «Еҵәаџьаа», «Советская Абхазия», «Литературная газета» (Москва), алитературатә еизгақәа: «Ерцахә», «Однажды в апреле», «Литературная Абхазия»; ашәҟәы «Памятник нам сыновей не заменит… Стихи и песни» (Аҟәа, 1994) уҳәа егьырҭгьы. Р. Смыр иажәеинраалақәа жәпакы агәылоуп «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).

1973 ш. иҭыҵит апоет раҧхьатәи иажәеинраалақәа реизга «Аеҵәақәа рыкәашара». Уи нахыс иҭыжьуп ажәеинраалақәа реизгақәа жәаҩа.

ХХI ашә. алагамҭазы Р. Смыр иҽҧишәеит прозаикк иаҳасабалагьы. 2002 ш. ажурнал «Алашара» актәи аномер ианылеит иажәабжь «Ҟәыбҷа».

Ипоезиа хыҵхырҭа хадас иамоуп аҧсуа жәлар рҿаҧыц рҿиамҭа, Д. И. Гәлиа, И. А. Коӷониа, Б. У. Шьынқәба уҳәа рырҿиамҭақәа.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Аеҵәақәа рыкәашара. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1973; Ашьанҵа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1976; Ахҿа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1979; Сышьхақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1981; Ашыцқәа рашәақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1985; Акәукәуқәа еиқәҿырҭуеит. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1988; Сҽыласқәа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1990; Рада Гәышьа. Ажәеинраала ҿыцқәа. Аҟәа, 1994; Аҳаҳаира. Ажәеинраалақәа, Аҟәа, 1998; Арҵу. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2000; Рарира. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2003; Абжьы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2005; Слабашьа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2008; Иалкаау иҩымҭақәа реизга. Х-томкны. Аҟәа, 2010-2012; Аҵыс иаҵәа. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2011; Снаргәыҵа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2015.