Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Хьиуитт (Браиан) Џьорџь



 

Хьиуитт (Браиан) Џьорџь (11.11.1949, ақ. Донкастер, Британиа Ду) – англыз ҵарауаҩ, кавказтәи абызшәақәа рпрофессор, Британиатәи Академиа алахәыла, Британиа Ду аҟны Аԥсны ҳаҭыр зқәу ахаҭарнак (1993 ш. раахыс), Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу алахәыла (1997), Жәларбжьаратәи Асерқестә Ассоциациа аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу алахәыла (1997). Ианашьоуп Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (2003).

Арԥарцәа Донкастертәи рграмматикатә школ далгеит. 1969-1972 шш. раан аҵара иҵон Кембриџь Аԥшьа Иоанн иколлеџь аҟны (агуманитартә классикатә ҭҵаарадыррақәа русхк аҟны Артур Генри Томас истипендиа иоуан). 1971 ш. дрыԥсахеит Ренох иуниверситет аҟны Џьон Стиуарт, иара убас  Греивз Коллеџь рстипендиақәа. 1972 ш. абакалавр дахысуан. 1972-1973 шш. рзы аклассикатә ҭҵаарадыррақәа русхк аганахьала Уорр истипендиа иоуан. 1973 ш. алингвист идиплом иоуит, 1976 ш. – магистрын, 1982 ш. – аҭҵаарадыррақәа дркандидатхеит. 1975-1976 шш., насгьы 1979-1980 шш. раан Британиатәи Асовет аспирантцәа реимдара апрограммала аҵара иҵон Қарҭ (Қырҭтәылатәи ССР). 1978-1981 шш. рзы – Ауниверситет Хала аҟны алингвистика арҵаҩы. 1983 ш. инаркны – Оксфорд, Марџьори Уордроп Ифонд аусбарҭа алахәыла. 1985 ш. инаркны – Revue des Etudes Georgiennes et Caucasiennes  аҭыжьратә коллегиа алахәыла. 1985-1990 шш. раан – афилологиатә еилазаара Асовет алахәыла.  1986-1990 шш. рзы – Societas Caucasologica Europaea (SCE) раԥхьатәи ахада. 1988-1992 шш. – кавказтәи абызшәақәа рбызшәадырра арҵаҩы. 1992-1996 шш. – Лондонтәи ауниверситет Мрагыларатәи Африкатәи аҭҵаарақәа Ршкол кавказтәи абызшәақәа рпрофессор. 1993 ш. раахыс – ажурнал «Central Asia Survey»  аҭыжьратә коллегиа далоуп.

Кавказ ажәларқәа рҭоурыхи, ркультуреи, рбызшәақәеи ирызкны аҭҵаамҭақәа жәпакы дравторуп.

Аҭыжьымҭақәа: Abkhaz. Amsterdam, 1979; Abkhaz Newspaper Reader (with supplements). 1998; The Abkhazians: A Handbook. 1998; Introduction to the Study of the Languages of the Caucasus. 2004; Abkhaz Folk-tales. 2004; Pages from Abkhazian Folklore (with Zurab Dzhapua). 2008; Abkhaz: a Comprehensive Selftutor. 2010; Georgia, Abkhazia, South Ossetia: a Reassessment, to appear. 2012.