Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Хәарцкиа Игор Иван-иҧа



Хәарцкиа Игор Иван-иҧа (15.05.1955, Аҧсны, Гәдоуҭа араион Жәандәырҧшь ақыҭа – аҧсуа шәҟәыҩҩы, апоет, ажурналист, апублицист. Аҧсны ажурналистцәа Реидгылеи Урыстәыла ажурналистцәеи  Реидгылеи, ажурналистцәа Реидгылақәа жәларбжьаратәи рконфедерациеи рлахәыла. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (1997), ашьҭахь – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи алахәыла (2003). Дҩуеит аҧсышәала (асахьаркыратә ҩымҭақәа) урысшәалеи (апублицистика).

К. Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол-интернат №1 далгеит (1972), ашьҭахь дҭалеит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт. Иҵара хиркәшеит 1977 шықәсазы.

1979 ш. инаркны аусура хациркит агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» акультуреи абзазареи рыҟәша акорреспондентс. 1980-1983 шш. раан – Аҧсуа радио акорреспондент. 1985 ш. нахыс аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аредакторс дыҟан, нас, еиуеиҧшым ашықәсқәа раан, аус иуан Аҧсны Аминистрцәа Рсовет аҟны иҟаз акьыҧхь азы аусбарҭаҿы, агазеҭ «Республика Абхазия» акорреспондентс. Урыстәыла  еиқәыршәаны Москва иҭижьит (2003) аизга «Абхазские сказки и легенды».

И. Хәарцкиа иажәеинраалақәа икьыҧхьит агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь», ажурнал «Алашара» уҳәа рҟны.

Иажәеинраалақәа агәылалеит «Аҧсуа поезиа  антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа- Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Ӡыда аҟәара. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1985; Ахьшь шкәакәа. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1987; Аҧааимбар ара диасит. Ажәеинраалақәа, абалладақәа, апоема. Аҟәа, 1991; Аҭынчра амч. Ажәеинраалақәа, Аҟәа, 2014; урысшәала аҭыжьымҭақәа: Земля Адама в соавтростве с Л. Л. Регельсоном. Сухум, 1997; урысшәала аиҭагақәа: Гора мудрецов. Рассказы. Сухум, 2009; Дом на окрайне. Рассказы, пиеса, стихи, статьи. Сухум, 2015.