Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Џьениа Алықьса Камыгә-иҧа



Џьениа Алықьса Камыгә-иҧа (21.02.1930, Аҧсны, Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭа – 07.06.1998, Аҧсны, Гәдоуҭа араион Ҭасраҟәа аҳабла) – аҧсуа шәҟәыҩҩы, апублицист. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи рлахәыла. Дыҩуан аҧсышәала.

Аҷандаратәи абжьаратәи ашкол далгеит (1949), ашьҭахь - Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет (1955). 1973-1975 шш. раан аҵара иҵон Москва, А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт Иреиҳау акурсқәа рҟны. Аус иуан агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» акорреспондентс, акультуреи абзазареи рыҟәша аиҳабыс (1955-1963), С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр алитературатә хәҭа аиҳабыс, ажурнал «Алашара» аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩс (1963 ш. маи инаркны), аредактор хадас (1975 №8 – 1978 №3) ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аредактор хадас (1978 ш. инаркны), Аҧсны ашәҟәыбзиабаҩцәа ргәыҧ анапхгаҩыс.

Аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧара далахәын. 1977-1978 шш. раан Қырҭтәыла амчрақәа Аҧсны имҩаҧыргоз ассимилиациатәи амилаҭеилыхратәи аполитика иаҿагыланы ақәҧара дахьалахәыз (130-ҩык аҧсуа интеллигенциа рнапы зҵаҩыз «Аҧсуа шәҟәы» ҳәа зыхьӡхаз, КПСС Ацентр Кимитет Амаӡаныҟәгаҩ хада Л. И. Брежнев уҳәа рыхьӡала ишьҭыз) азы ажурнал «Алашара» аредактор хадас даныҟаз имаҵура дамырхит.

Раҧхьатәи иажәабжьқәа кьыҧхьын агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аҟны 1949 шықәсазы. Араҟа икьыҧхьуан иара убас аҧсуеи, аурыси, мраҭашәараевропатәи ашәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа ирызкыз астатиақәа. Раҧхьатәи ишәҟәы «Сышьха қыҭа» ҭыжьын 1960 шықәсазы. Ажурнал «Алашара» лассы-лассы зҩымҭақәа анырҵоз дреиуан, ароуп шамахамзар иҩымҭақәа зегьы раҧхьаӡа акьыҧхь иахьанылоз. Иажәабжьқәа иреиуоуп: «Абжьаҟьала», «Асасааирҭа ду», «Уара узы, ажьи Гыд!», «Дшьацәхныслеит, аха…», «Ажьақәа зыцәшәо», «Аҩны аҧшәмаҧҳәыс даҭахуп» (алакә), «Ашьоура», «Аҵла баша игылан рымҳәааит», «Аҵх лашьца», «Аиқәырхара», «Аӡәгьы бзиа дсымбацызт, дызбарангьы сыҟам», «Аџьра амца ацроуп», «Ашьхыц», «Шьаҭажә дызусҭоу», Аҭынчра рҽалакны ицәан ахәыҷқәа», «Мышкы ҧсҭазаарак еиҳауп», «Ахьаа змам, насыҧ имоуп», аповестқәа: «Аҧшӡа зегьы дыртәуп», «Аӡы аҧсра», «Ахаҵа шәа», «Агәнаҳа уаҵамлан, сашьа», ароманқәа: «Абна амаӡа», «Ацәаҟәа аабатәи аҧштәы», «Анмираҳ-ҩыџьа рынцәахәы», аочеркқәа: «Урҭ рыҧсадгьылахь ихынҳәит», «Амагнит», «Ашьхақәа ҿыхеит», «Ааҧын абжьы», «Зшьапқәа хту аӡӷаб хәыҷы», «Адгьыл амч», «Аҳамҭа ду», «Анаҧхара» уҳәа егьырҭгьы.

Аҧсшәахь еиҭеигеит аҳәаанырцәтәи, иара убас аурыс, абаза, аҟабарда, ачерқес, ақырҭуа, ауаҧс уҳәа ашәҟәыҩҩцәа ражәабжьқәеи рповестқәеи жәпакы, урҭ иреиуоуп: А. Моравиа, К. Г. Паустовски, В. П. Астафиев, А. Несин, Б. Ҳ. Ҭҳаиҵыхә, А. Н. Охтов, П. Т. Мисаков, А. Шогенцуков, О. Ш. Иоселиани, В. Гаглоев уҳәа егьырҭгьы.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Сышьха қыҭа. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1960; Ақалақь иаҵәа. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1964; Ашәҭқәа шәымкәаҳан. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1967; Абна амаӡа. Ароман. Аҟәа, 1971; Ацәаҟәа аабатәи аҧштәы. Ароман. Аҟәа, 1976; Аӡы аҧсра. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1977; Иалкаау. Ароман. Аповестқәа. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1980; Агәнаҳа уаҵамлан, сашьа. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1982; Анмираҳ-ҩыџьа рынцәахәы. Ароман. Аҟәа, 1986, (аиҭаҭыжьра – 1990); Аамҭа афырхацәа. Адокументтә повестқәеи ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1999; Иҩымҭақәа реизга: 5-томкны, актәи, аҩбатәи атомқәа; Аҟәа, 2010, 2012); аурысшәахь аиҭага: Тайна леса. Роман. Сухуми, 1979.