Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Џьонуа Алықьса Нестор-иҧа



Џьонуа Алықьса Нестор-иҧа (07.05.1920, Аҧсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион)  Ҷлоу ақыҭа Аимара аҳабла – 27.02.1989) – аҧсуа поет, апрозаик, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (1984, ажәеинраалақәеи апоемақәеи рышәҟәы «Ашьеи абзиабареи» рзы). Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) далахәын. Ианашьоуп Аџьар Ҟаҧшь аорден,  Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден аҩбатәи аҩаӡареи, амедалқәеи, адырга «СССР аҵара зҽалызкааз». СССР-и (1952), Аҧсни Рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан. Дыҩуан аҧсышәала.

Аҵара иҵон Аимаратәи ҩ-классктәи ашкол (1927-1928) аҟны, ашьҭахь - Ҷлоутәи ҧшь-классктәи ашкол даналга диаргоит Н. А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи аҧсуа школ ахь (1932-1938). 1938 ш. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҧсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша дҭалеит, аха аҩбатәи акурс аҟнытә аррамаҵура ашҟа иҧхьоит. Аханатә аррамаҵура дахысуан Туркментәыла (ақ. Мари) атанктә архәҭа аҟны. Ари аамҭазы Москватәи аҭыжьырҭа «Советский писатель» аурысшәала иҭнажьит аизга «Аҧсны апоетцәа». Уи иагәылалеит А. Џьонуа иажәеинраалақәа рыхәҭак. Ашәҟәы аррамаҵура дахьахысуаз архәҭахь изынарышьҭит, ирыҧхьеит, арратә ҭӡыгазеҭ «За родину» ианырҵеит иажәеинраалақәа ҩба: «Амҳаџьыр», «Аҟармаҵыс». Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ианалага дызлаз атанктә архәҭа афронт ахь иналагылеит. Раҧхьатәи ажәыларақәа раан А. Џьонуа дхәын, ҩымз ахәшәтәырҭаҿы дыҟан, аҧхьа – Новошахтинск ақалақь аҟны, ашьҭахь – Сталинград амҵан астанциа Илиниц. Игәабзиара шьақәыргыланы ирхәҭахь дхынҳәит, аҧшыхәратә рота аҟны сержантын. 1942 ш. ааҧынразы Барвенково-Лозоваиа (Украина, Харковтәи аобласт) араион аҟны дрытҟәеит, аха иаарласны абналара илшеит; Украина, Винницатәи аобласт аҟны апартизанцәа ргәыҧ «За родину» аҧшыхәратә гәыҧ далалеит. Апартизантә гәыҧ Асовет Ар рырхәҭақәа ианрыларҵа, 1944ш. февраль азы А. Џьонуа даарышьҭуеит Аҟәатәи арратә комиссариат ахь.

Аҧсныҟа даныхынҳә , иҵара иациҵоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҟны, дагьалгоит 1947 шықәсазы. Аус иуан Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аконсультантс, Аҟәатәи арҵаҩратә техникум (1947-1953) аҧсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс, агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» акультуреи абзазареи рыҟәша аиҳабыс, ашьҭахь – апартиатә бзазара аҟәша аиҳабыс (1953-1956), ажурнал «Алашара» аредактор хадас (1956-1978). 1978-1986 шш. раан – Аҧсны Аминистрцәа Рсовет аҟны иҟаз архивтә усбарҭа анапхгаҩыс, 1986-1989 шш. рзы – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аусбарҭа ахантәаҩыс дыҟан.

Акьыҧхь аҟны дцәырҵит 1930-тәи ашықәсқәа аҩбатәи рызбжа инаркны. Раҧхьатәи иажәеинраалақәа «Миха иҧҳа», «Аусуҩы», «Џьота», «Абарбарҩы», анылеит агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь». Иҩымҭақәа рнылон ажурнал «Алашара», агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Советкая Абхазия», «Литературная Украина» уҳәа егьырҭгьы. А. Џьонуа иажәеинраалақәа маҷымкәа икьыҧхьын «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).

Жәохә инареиҳаны ажәеинраалақәеи, апоемақәеи, апрозатә ҩымҭақәеи реизгақәа дравторуп.

Иажәеинраалақәа жәпакы еиҭагоуп аурыс, аукраин, ақырҭуа уҳәа абызшәақәа рахь.

А. Џьонуа дырдыруеит еиҭагаҩк иаҳасабалагьы. Аҧсшәахь еиҭеигеит араб, аурыс, аукраин, адыга, ақырҭуа уҳәа апоетцәа Маҳмуд Сами Аль Баруди, Баирам Ат-Туниси, Муфида аль Багдади, Сурџьиҭ Рампури, С. А. Есенин, В. В. Маиаковски, И. И. Франко, Л. Г. Тычин, Х. Х. Гашоков, И. И. Тлиустен, Г. Н. Леониӡе, Ш. С. Акобиа, К. Р. Калаӡе, Х. Гагуа ражәеинраалақәа, М. А. Шолохов, А. Н. Толстои, И. В. Бондарев, Л. Қьиачели уҳәа рырҿиамҭақәа.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Ашьыжьтәи ашәахәақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1949; Аҧсадгьыл ахьӡала. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1953; Аҭоуба. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1956; Арҩаш. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1958; Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1961; Уаҵәазы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1967; Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1970; Сара сгәыӷра. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1974; Еснагь иҳацу. Ажәеинраалақәеи абалладақәеи. Аҟәа, 1978; Иалкаау. Ажәеинраалақәеи абалладеи. Аҟәа, 1980; Ашьеи абзиабареи. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1982; Ажәеинраалақәа. (Асериа «Иалкаау аҧсуа лирика» ала). Аҟәа. 1985; Аҧхьарца. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1986; Иалкаау. Актәи ашәҟәы. Ажәеинраалақәа. Абалладақәа. Апоемақәа. Аҟәа, 1990; Иалкаау. Ҩ-томкны. Аҟәа, 2010; аурысшәахь аиҭагақәа: Журчащий родник. Стихи. М., 1965; Верность. Стихи. Сухуми, 1969; Прибой весны. Стихи. Сухуми, 1984.