Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Џьынџьал Нонна Иури-иҧҳа



Џьынџьал Нонна Иури-иҧҳа (21.08.1971, Аҧсны, Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭан) – ашәҟәыҩҩы, апублицист. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (2018). Дыҩуеит аҧсышәала.

 1988 ш. далгеит Гәыҧтәи абжьаратәи ашкол. 1989-1995 шықәсқәа раан аҵара лҵон Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҟны.

2000 ш. раахыс аус луеит Гәылрыҧшьтәи абжьаратәи ашкол аҟны аҧсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс.

Лпрозатә ҩымҭақәа рнылахьеит ажурнал «Алашара», агазеҭ «Аамҭа». Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иҭнажьуа аҿар рырҿиамҭақәа еидызкыло аизга «Ашацкыра» (2009; 2011).

Аҭыжьымҭа:  «Абзиабара ашәа». Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 2016.