Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Ҳашыг Никәала Ҷыф-иҧа



Ҳашыг Никәала Ҷыф-иҧа (11.02.1932, Аҧсны, Гәдоуҭа араион Хәаҧ ақыҭа – 23.05.2014, Аҟәа ақалақь) – аҧсуа шәҟәыҩҩы, апублицист. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1973), Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1999) дрылан. Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы (1992) ҳәа ахьӡ ихҵан.  Ианашьоуп «Ахьӡ- Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара. Дыҩуан аҧсышәала.

А. М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет далгеит (1962). 1962 ш. инаркны Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа рклуб деиҳабын. 1968 ш. нахыс – ажурнал «Алашара» аредакциа алитературатә усзуҩы. 1971ш.  инаркны – ашәҟәыҭыжьырҭа «Алашара» аредактор. 1975 ш. февраль 13 инаркны – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ареферент; Қырҭлитфонд Аҧсны аганахьала анапынҵа ҷыдақәа змаз. 1980 ш. инаркны – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аконсультант. 1980 шықәса апрель 1 нахыс – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟны иҟаз асахьаркыратә литература аларҵәаразы абиуро аиҳабы. 1986 ш. маи 16 нахыс – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла амаӡаныҟәгаҩ, Алитфонд аиҳаби уи имаҵуреи еидибалон. 1997 ш. апрель 17 инракны – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Алитфонд аиҳабы, 1991 ш. нахыс – ажурнал «Амцабз» аҟәша аредактор, 2010-2014 шш. раан – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аконсультант.

Ирҿиаратә мҩа хациркит 1950-тәи ашықәсқәа раан ажәеинраалақәа рыла. Раҧхьатәи иажәеинраалақәа кьыҧхьын 1956 ш. Гәдоҭатәи араионтә газеҭ «Аколлективтә џьа» аҟны. Иажәеинраалақәа рнылеит иара убас аизга «Ашьаҟьар» (1960) аҟны. Дышнеи-шнеиуаз Н. Ҳашыг апрозахь диасуеит. Истатиақәеи иочеркқәеи, иажәабжьқәеи (ахәыҷқәа ирызкугьы), иповестқәеи, ироманқәеи, рнылон ажурналқәа «Алашара», «Амцабз», аизга «Ерцахә», аочеркқәа еиуеиҧшым реизгақәа «Аамҭеи ауааи», агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Аидгылара», «Республика Абхазия» уҳәа.

Жәохә инрареиҳаны аҧсышәала ишәҟәқәа ҭыҵхьеит.

1980-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа нахыс Н. Ҳашыг иҩуеит Аҧсны ауаажәларра-политикатәи акультуратәи ҭагылазаашьа иазку апублицистикатә статиақәа жәпакы, иара убас аибашьреи егьырҭ азҵаарақәа дырзааҭгылон. («Аҽалагаларада… СССР жәлар рдепутатцәа аҩбатәи реизара ду аҟны М. Мгелаӡе иқәгылара иазкны» (Аидгылара. 1990. №1(003), ианвар. Ад. 6.; «Едуард Шеварднаӡе: аиҭаира мамзаргьы аиҭарҿыцра» (Аидгылара. 1991. №8(017), август, Ад. 5; «Уроки памяти. («Республика Абхазия . 1991. №67, 26 декабря. С. 2; «Аҳәынқарра ҿыци ажәлар  рпроблемақәеи» (2006) уҳәа егьырҭгьы.

Аҧсшәахь еиҭеигеит А. П. Чехов иажәабжь «Ахәмарра», Г. Д. Гәлиа иажәабжьқәа «Аҩны аҧшәмаҧҳәыс», «Адилижанс», ачерқес шәҟәыҩҩы А. Н. Охтов («Џьигиҭ»), аҟабарда шәҟәыҩҩы Б.Б. Мазихов («Аџь-ҵла»), адыга шәҟәыҩҩы П. К. Кошубаев («Билимготоваа рарбаӷь») уҳәа ражәабжьқәа.

Ашәҟәыҩҩы игәы иҵхон амилаҭтә-етикатә традициақәеи Аҧсуареи рлахьынҵа, урҭ аныҧшит ишәҟәы «Аҧсуара» (аҩынтәраан –ихарҭәааны аҭыжьра – «Аҧсуара ашьаҭақәа»).

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Ашьха рҩашқәа ахьеилало. Ароман. Аҟәа, 1967; Иҿымшәаз ашәҭ. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1969; Акорпус хада. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1972; Абду Ажьгьери. Аповест. Аҟәа, 1975; Аҧсабара ахәыҭҳәыҭбжьқәа. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1980; Иалкаау. Аповестқәеи ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1981; Аҧышәара. Ароман. Аҟәа, 1984; Ашьха уарба. Аповест, ажәабжьқәа, аскетчқәа, Аҟәа, 1988; Ахаҵа дызқәымшәо иҟоузеи. Ажәабжьқәа, Аҟәа, 1991; Мирод Гәажәба. Ауаҩы лаша исахьа. Аочерк. Аҟәа, 1995; Аибашьра, аибашьра… Ажәабжьқәа, аочеркқәа, адрама. Аҟәа, 2006; Аҧсуара. Аҟәа, 1994; Аҧсуара ашьаҭақәа. Аҟәа, 2002; Аҳәынҭқарра ҿыци ажәлар проблемақәеи. Аҟәа, 2006; Ашәҟәыҩҩцәа ирызку ажәа. Аҟәа, 2008; Аҧсуа ҳәынҭқарра аидеологиа. Аҟәа, 2011; Абду Ажьгери. Ароман. Аҟәа, 2013; аурысшәахь аиҭагақәа: Рассказы пастушьего двора. (Для детей).Сухуми, 1979.