Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Ҷанба Самсон Иаков-иҧа



Ҷанба Самсон Иаков-иҧа (18.06.1886, Аҧсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Аҭара ақыҭа – 1937) – аҧсуа рккаҩы, апрозаик, адраматург, апоет, апублицист, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, амилаҭтә литератураҿы адраматургиа ашьаҭаркҩы. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи дрылан. Дыҩуан аҧсышәалеи урысшәалеи.

Аҧсны, Драндатәи ауахәаматә школ далгеит, иара убас Аҟәатәи ашьхаруаа ршколи, Қәҭешьтәи ақыҭанхамҩатә школи (1907). Аҧсныҟа даныхынҳә аҧсуа бызшәа дирҵон Кәтолтәи алагарҭатә школ аҟны, аха арҵаҩра азы аршаҳаҭга ахьимамыз азы иусура ааныркылеит. Ашьҭахь Хонтәи (Қырҭтәыла) арҵаҩратә семинариа дҭалеит. 1914 ш. иҵара даналга аҧсуа қыҭақәа рҟны алагарҭатә школқәа реиҳабыс дҟарҵеит, аҧхьа Кәтол ақыҭан, нас, 1915 ш. Аӡҩыбжьа ақыҭан. Усҟан Аӡҩыбжьатәи ашкол ахь днашьҭын аҭыҧантәи афельдшер иҧҳа Аҟәатәи аҳәса ргимназиа иалгахьаз Елена Никонор-иҧҳа Гоиден. Хара имгакәа С. Ҷанбеи лареи рыҧсҭазаара еиларҵоит.

Кәыдрытәи аучасткаҿы С. Ҷанба акультура-рккаратә усура ду мҩаҧигон.

1916 ш. инаркны С. Ҷанба Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа аҟны иҟаз алагарҭатә школ напхгаҩыс даман, араҟа аҧсуа бызшәеи агеографиеи рзы рҵаҩысгьы дыҟан. Аҵаҩцәа рзы хәарҭара алоуп, хымҧадагьы иахәҭоуп ҳәа дахәаҧшуан аҭоурыхи, агеографиеи, атәылаҿацә гәакьа акультуреи рганахьала адырра рыҭара, ихаҭагьы ари ахырхарҭала илиршоз рацәан.

1918-1920 шш. раан ақырҭуа меншевикцәеи урҭ рыцнагаҩцәеи иаҧырҵаз Аҧсны Жәлар Рсовет далан.

Аҧсны Жәлар Рсовет аҟны иара, насгьы Д. И. Аланиа, М. К. Цагәриа, И. Маан иаҧырҵеит аоппозициатә гәыҧ «ихьыҧшым асоциалистцәа». Аҧсни аҧсуа жәлари ринтересқәагьы рыхьчон. 1921-1925, 1930-1932 шш. раан ССР Аҧсны аҵара азы Жәлар Ркомиссариат напхгара аиҭон. Жәлар ркомиссарк иаҳасабала С. Ҷанба зныкымкәа далахәын, дагьықәгылон Москва 1923-1924 шш. раан имҩаҧысуаз аидгылатәи автономтәи республикақәа аҵара азы жәлар ркомиссарцәа реилацәажәарақәа. 1923-1928 шш. рзы – агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредактор хадас дыҟан. 1923 -1930 шш. раан – ССР Аҧсны Ацентртә Анагӡаратә Комитет дахантәаҩын. Иара убас Қырҭтәыла Ацентртә Анагӡаратә Комитети, Аахыҵ-Кавказтәи Ацентртә Анагӡаратә Комитети, СССР Ацентртә Анагӡаратә Комитети дрылан. 1932-1937 шш. рзы Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс аус иуан. 1934 ш. Москва, асовет шәҟәыҩҩцәа актәи Зегьеидгылоутәи реизара ду аделегатс дыҟан.

С. Ҷанба дрылахәын аҧсуа нбан ҿыц аус адулареи аҧсуа литературатә бызшәа аиӷьтәреи, ажәарқәеи ашколқәа рзы (авторс дрымоуп Аҧсны агеографиа, «Аҧсабараҵара. Алагарҭатә классқәа рзы» (1925), арҵага шәҟәқәеи, афольклортә материалқәа реизгареи рыҭҵаареи. Ацхыраара риҭон ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа, ахшыҩзышьҭра бзиа риҭон алитературатә кружокқәа.

С. Ҷанба илагала шьардоуп аҧсуа литератураҿы. Ирҿиаратә усура ахацыркра амадоуп апублицистика. Раҧхьатәи истатиақәеи иазгәаҭақәеи ркьыҧхьуан аурысшәала иҭыҵуаз агазеҭқәа «Закавказская речь», «Сухумский листок», ашьҭахь – «Сухумский вестник». Урҭ рҟны уи иҩуан акырӡа шаҵанакуа жәлар рҵаралашара, акультура арҿиара, амилаҭтә хдырра ашьҭыхра, еиҭеиҳәон ақыҭа нхацәа рҭагылазаашьа, ауаа хархьқәа аҵара риураҿы иҟаз ауадаҩрақәа, ақыҭа уааҧсыра рыҩнуҵҟа ақыҭанхамҩатәи ааглыхратәи дыррақәа рыларҵәара хымҧадатәны ишыҟаз.С. Ҷанба ирҿиаратә лшарақәа еиҳаракгьы иахьааҧшыз раҧхьатәи аҧсуа газеҭ «Аҧсны» (1919-1921) адаҟьақәа рҟны ауп. Уи аҧҵараҿгьы далахәын, иааҧсарақәа ыҟан, аредакциа аколлегиагьы далан. Агазеҭ ианылеит иҵарыз ипублицистикатә статиақәа, урҭ ирныҧшуан иполитикатәи иуаажәларратәи дунеихәаҧшышьа  («Аҟәа, март 17») (Аҧсны. 1919, №2; «Жәлар Рсовет аартраан Ҷанба иқәгылара» (1919. №4; «Аидгылара» (1920. №18(56)) уҳәа егьырҭгьы.

«Аҧсны» адаҟьақәа рҟны икьыҧхьын раҧхьатәи исахьаркыратә ҩымҭақәагьы: апоема «Ашьха ҭыҧҳа. (Аҧсны)» (1919. №14), аҭоурыхтә драма «Амҳаџьыр» 4-хәҭакны (1919. №35, 36, 37, 38; 1920. №1, 3(41), 4(42), 5(43), 6(44), 7(45). Ари амилаҭтә сахьаркыратә литератураҿы раҧхьатәи драматә ҩымҭоуп.

Адрама «Амҳаџьыр» зныкымкәа иқәдыргылахьан Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҿы. Уи ықәдыргылахьан аресиссоирцәа В. Кривцов (1928), В. Гаррик-Вачнаӡе (1929), В. Русин-Русиновски (1933), К. Карал-оглы (1937), М. Мархолиа (1966). С. Ҷанба идрама «Амҳаџьыр» ашьаҭала иҩит акиносценариа, егьрыдыркылеит акиноматографиатә акционертә еилазаара « Межрабком фильм – Русь». Афильм аҭыхра иалагарц азгәаҭан 1928-1929 шықәсқәа рзы. Аха ус егьаанхаеит, усҟан економикала ишьҭаханы иҟаз ССР Аҧсны афильм аҧҵаразы иаҭахыз ахарџь азоужьра алымшеит.

С. Ҷанба авторс дрымоуп иара убас апиеса «Аҧсны-Ҳаным», ажәабжьқәа маҷымкәа, аповест «Сеидыҟ» уҳәа иҵегьы.

Ианҵаз жәлар рлакәқәеи рҳәамҭақәеи С. Ҷанба иеиҭагамҭаны еиуеиҧшым ашәҟәқәа иргәылалеит, урҭ рхыҧхьаӡараҿы «Абхазские сказки» (Аҟәа, 1935).

1937 ш. С. Ҷанба харада ахара идҵаны дырӡын, ҩеижәа шықәса инареиҳаны иҩымҭақәа ркьыҧхьра азин ыҟамызт, ашәҟәыҩҩы инапылаҩырақәа жәпакгьы бжьаӡит. Дыриашан 1950-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭазы (1958 ш. иахымгакәа).

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Амҳаџьыр. Адрама. IV-қәгыларак аманы. Аҟәа, 1920; Аҩы иашьыз, иҧсцәа иҵәыуон. Акҭк змоу акомедиа. Аҟәа, 1922; Ашьха ҭыҧҳа. Аҧсны. Апоема. Дева гор. (Аҧсышәалеи урысшәалеи). Аҟәа, 1925; Аиааира. Апиеса 8 сахьак аманы. Киршон ипиеса «Ача» иаҿырҧшны. Аҟәа, 1932; Иаалкау иҩымҭақәа. Аҟәа, 1934; Сабду ихәшҭаара ахаҳә. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1936; Апиесақәа. Аҟәа, 1937; Иалкаақәоу. Апоезиа. Апроза. Адрама. Аҟәа, 1958; Иалкаау иҩымҭақәа. Апроза. Адраматургиа. Аҟәа, 1976; Сабду ихәшҭаара ахаҳә. Ажәабжь. Аҟәа, 1982; (Асериа «Ашколтә библиотека» ала); Иҩымҭақәа. Апроза. Апоезиа. Адрама. Ажәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа рҟнытә. Астатиақәа, анҵамҭақәа. Аҟәа, 1986; аурысшәахь аиҭагақәа: Апсны-ханым. Пьеса в 4-х действиях. Сухум, 1923; Сеидык. Повесть. Тифлис, 1935; Избранное. Сухуми. 1960; На пути к сознательности. (Статьи и заметки, 1911-1916 шш.). Сухуми, 1982; Сочинения. Сухуми, 1987.