Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Ҷкадуа Платон Семион-иҧа



Ҷкадуа Платон Семион-иҧа (20.05.1904, Аҧсны, Аҟәатәи аокруг Самырзаҟантәи аучастка (иахьатәи Гал араион) – 16.03.1985, Аҧсны, Аҟәа ақалақь) – аҧсуа шәҟәыҩҩы, ажурналист. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1935) Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи дрылан. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) аан Кавказ ахьчара далахәын. Дыҩуан аҧсышәала.

Оқәымтәи аа-шықәсатәи ашколи Аҟәатәи арҵаҩратә техникуми (1926) дрылгеит. 1926 ш. инаркны рҵаҩыс аус иуан Аҭаратәи ашкол аҟны. 1928-1931 шш. раан – агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциа алитературатә усзуҩын, аамҭак азгьы аредактор ихаҭыҧуаҩыс дыҟан. 1933 ш. ҿыц аҭыҵра иалагаз Очамчыратәи араионтә газеҭ «Абольшевик мҩа» ашҟа диасит. Абри ашықәс азы еиқәиршәеит, егьҭижьит ари агазеҭ раҧхьатәи аномер. 1934-1937 шш. раан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа деиҳабын. 1937-1943 шш. рзы А8сны а0ы8антәи ааглыхра жәлар ркомиссарс дыҟан. 1943-1957 шш. рзы аус иуан жәлар рынхамҩа еиуеиҧшым аусхкқәа рҟны. 1957 ш. инаркны 1964 ш. азынӡа атәанчара ашҟа диасаанӡа аҧҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа (ашьҭахь – аҭыжьырҭа «Алашара») аредакторс дыҟан.

Алитератураҿы дцәырҵит 1924 ш. иажәеинраалақәеи иажәабжь кьаҿқәеи рыла. 1932 ш. иҭижьит раҧхьатәи иповест «Тҟәарчал ҿыц». Уи азкуп аиндустриатә қалақь Тҟәарчал. Ашьҭахь, 1936 ш. инаркны 1953 ш. азынӡа шамахамзар арҿиара инапы алакымызт. Ҩаҧхьа алитература даназыхынҳә иҩит асатиратә жәабжь «Сагьаса», 1955 ш. ажурнал «Алашара» (№6) егьанылеит.

Анаҩстәи ашықәсқәа раан абри ажурнал аҟны икьыҧхьит иажәабжьқәа: «Чанҭала иус нҵәаанӡа», «Сагьаса иажәабжьқәа», «Ԥсҳәынтәи ажәабжьқәа», «Аҧсныҟа ӷбала», «Аҧсҭазаареи аҧсреи» (1960, №4; 1961, №6; 1971, №5; 1976, №3; 1981, №;9; аповест «Изхарада?» (1958 №1); агәалашәарақәа «Хашҭра зқәым ашықәсқәа (1970, №5, ажәеинраалақәа (1979, №5).

Ашәҟәқәа жәпакы дравторуп. Иҧсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа раан аус адиулон аколнхаратә ҧсҭазаара иазкыз ароман «Сузар». Уи ҭымҵӡакәа егьаанхеит.

П.Ҷкадуа аҧсшәахь еиҭеигеит К.Лордқиҧаниӡе, Д.Шенгелиа, Г.Петрозашвили, Г.Чиқовани уҳәа рҩымҭақәак.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Аҿыц аиааиуеит. Аҟәа, 1932; Аҿыц аиааиуеит. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1959; Ҩ-еиниарак. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1963; Аамҭа ашьҭақәа. Агәалашәарақәа. Аҟәа, 1971; Иалкаау. Аҟәа, 1976; Ԥсҳәытәи ажәабжьқәа. Ажәабжьқәа. Аочеркқәа. Агәалашәарақәа. Алакәқәа. Аҟәа, 1979; Иаша мҩала. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1981; Сагьаса. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1984; аурысшәахь аиҭагақәа: Горная Абхазия, год сорок второй. Документальная повест. Сухуми, 1983.