Ҷкадуа Ричард Мегона-иԥа (12.10.1968, Тҟәарчал ақалақь, Аԥсны) – апоет, апрозаик. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (2025). Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) далахәын. Дыҩуеит урысшәала.
1985 ш. далгеит Тҟәарчалтәи 3-тәи абжьаратәи ашкол.
1987 ш. арежиссиор ицхырааҩс аусура дрыдыркылеит С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны.
1990 ш. инаркны аҵарпа иҵон Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет (латәарадатәи аҟәша) аҟны.
1993-1996 шш. раан аус иуан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыраҿы АВМ аоператорс, 1996-2006 шш. рзы – Аԥсны иҟаз Жәларбжьаратәи агәыҳалалратә еиҿкаара «Ҳәаа змам аҳақьымцәа» (Medicines San Frontiers) аҟны.
2006 ш. инаркны ҩаԥхьа С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ахь усура дхынҳәуеит арежиссиор ицхырааҩс, ашьҭахь – аоператорс, абжьҭаҩырҭа ацех аиҳабыс дыҟан – 2021 ш. азынӡа. Ҳазҭагылоу аамҭазы џьаргьы аус иуӡом.
Иажәеинраалақәа рнылахьеит Урыстәылатәи ажурнал «Веси» (№1, 2022 ш.), «Мрагылара-Европатәи апоезиа антологиа» (немец бызшәала, Франкфурт, 2019 ш.), «Во мне прячется человек» («Аҭыжьырҭа СТиХИ акубок» апремиа аихшьалақәа рыла ажәеинраалақәа зну аудиошәҟәы, 2021 ш.).
Аԥсшәахь еиҭагоу иажәабжьқәа акьыԥхь рбеит алитература-сахьаркыратә журнал «Алашара» адаҟьақәа рҟны (№4, 2017; №2, 2024).
Аҭыжьымҭақәа: урысшәала: Шаги слов. Стихи. Сухум, 2002; Джантоу. Я хочу вернуться к тебе вновь. Стихи. Сухум, 2016; Чан. Рассказы. Сухум, 2017; Дом души. Рассказы. Сухум. 2020.


