Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Ҷыҭанаа Аинар Зураб-иҧа



 

Ҷыҭанаа Аинар Зураб-иҧа (01.08.1999, Аҧсны, Очамчыра араион Баслахә ақыҭа) – апоет, апублицист. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (2022). Дыҩуеит аҧсышәала.

Очамчыра араион Ҷ. Р. Хьиба ихьӡ зху Баслахәтәи абжьаратәи ашкол далгеит (2016). Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет ажурналистика аҟәшаҿы иҵара хиркәшеит (2020). 2021-2022 шш. рзы Аҧсны Атәылахьчара аминистрра арбџьар мчқәа рҟны аррамаҵура дахысуан.

Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет аҟны аҵара данҭаз алитературатә арҿиаратә еилазаара «Ацәыкәбар» далахәын.

Акьыҧхь аҟны дцәырҵит 2018 ш. инаркны ажәеинраалақәа рыла. Ипоезиатә рҿиамҭақәа рнылахьеит: Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет иҭнажьуа ажурнал «Аҧсынгьари» (№2, 2018 ш), алитературатә журнал «Алашара» (№5, 2019 ш., №2, 2020ш., №4, 2021 ш.), агазеҭ «Аҧсны» (№3, 2020 ш.), авидеоАнтологиа «2021 шықәсазтәи 21 жәеинраала» (ақ. Москва, 2022 ш.), урысшәала: алитературатә журнал «ЛИФФТ» (Ҟабарда-Балкартәи Ареспублика, (№1(2), 2022).

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Иҵәахыз амаӡа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2019.