Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Ҷыҭанаа Виачеслав Михаил-иҧа



Ҷыҭанаа Виачеслав Михаил-иҧа (19.11.1955, Аҧсны, Очамчыра арион Ԥақәашь ақыҭа – 25.02.2005) – аҧсуа поет. СССР-и (1989) Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәеи, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1999) рлахәыла. Дыҩуан аҧсышәала.

Аҟәатәи ашкол-интернат №1 далгеит (1974). 1978 ш. акәзар, иҵара хиркәшеит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҟны, аҧсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы изаанаҭ ала. Аус иуан агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» акорреспондентс (1978-1980). Ажурнал «Аҧсны Аҟазара» аҟәша аредакторс дыҟан, ашьҭахь аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩыс аус иуан (1980-2005). Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) арадио «Би-би-си» акорреспондентс дыҟан, Аҧсны жәлар фырхаҵарала ахақәиҭразы рықәҧара иазкыз арадиоматериалқәа азирхион.

Ажәеинраалақәа иҩуан ашкол данҭаз инаркны. Иҩымҭақәа рнылон ажурналқәа: «Амцабз», «Алашара», агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» уҳәа егьырҭгьы. Иажәеинраалақәа агәылоуп «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.». (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009). Иажәеинраалақәа рахьтә Д. Чачхалиа, В. Краско аурысшәахь еиҭаргаз анылеит алитературатә еизга «Ерцахә» (Аҟәа, 1981), насгьы аизга «Однажды в апреле» (Қарҭ, 1982).

Ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы ҭижьит.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Исызгәакьоу аҿыҭбжьы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1981; Ажәҩан баҳча. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984; Амш мҩас. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1987: Сызхьымӡаз ажәа. Ажәеинраалақәеи апародиақәеи. Аҟәа, 2005; Иалкаау. Аҟәа,  2017; аурысшәахь аиҭагақәа: Золотая нить. Стихи. М., 1987. (Библиотека журнала ЦК ВЛКСМ «Молодая гвардия», 1987, №9 (272).