Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

АЖУРНАЛ «АЛАШАРА» АҬОУРЫХ АҞНЫТӘ




     1955 ш. инаркны 1956 ш. октиабрнӡа (№3) ажурнал редактор хадас даман М. Л. Аҳашба. Аханатә аредколлегиа иалахәын: А. Н. Џьонуа, Ш. Д. Инал-иԥа, К. Шь. Ломиа (аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ), И. Гь. Папасқьыр, Шә. А. Ԥачалиа.

М. Л. Аҳашба инаҩс редакторцәа хадақәас иҟан: А. Н. Џьонуа (1956–1966), Ч. М. Џьонуа (1966–1975), А. К. Џьениа (1975–1978), Гь. К. Гублиа (1978–1984), Н. Т. Кәыҵниа (1984–2004). 2004 ш. инаркны ажурнал «Алашара» аредактор хадас дыҟоуп А. И. Лагәлаа.

    Раԥхьатәи ажәашықәсақәа рзы (1955–1964) есхымз шықәсык ахьтә иҭыҵуан ф-номерк; 1966 ш. инаркны иҭыжьуп 9 номерк; 1967–1990 шш. раан ажурнал есымза иҭыҵуан (шықәсык 12 номер); 1991 ш. иҭыҵит 11 номер, 1992 ш. – номерзаҵәык; 1993 ш. - Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы ажурнал ҭыҵыртә аҭагылазаашьа ыҟамызт; 1994 ш. 2 номерк ҭыҵит; 1995 ш. – 1 номерк ауп иҭыҵыз; 1996 ш. номер заҵәыкгьы ҭымҵит; 1997 ш. – 1 номерк ҭыҵит; 1998–2005 шш. рзы ажурнал кварталк ахьтә знык иҭыҵуан (есышықәса 4 номерк); 2006 шықәса раахыс – шықәсык ахьтә 6 номерк ҭыҵуеит.

«Алашара» иахьа Аԥсны аԥсышәала мацара иааиԥмырҟьаӡакәа иҭыҵуа литературатә журналуп. Уи аԥсуа литература, акультура, аԥсуаҭҵаара аизҳазыӷьара иаланагалеит ахәҭаа ду. Аҭыжьымҭа адаҟьақәа зегьы рҿы раԥхьаӡа акәны икьыԥхьын аԥсуа шәҟәыҩҩцәа реиҳараҩӡак иреиӷьӡоу рпоезиатәи рпрозатәи ԥҵамҭақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аиҳабыратәи, абжьаратәи, аиҵбыратәи абиԥарақәа.

 Ажурнал «Алашара» аҭоурых аҟнытә

Иҳаҩсыз ашәышықәса 50-тәи ашықәсқәа рызыбжазы алитературатә журнал ҿыц аҭыжьра аҧсуа жәлар рҭоурыхи ркультуреи рзы иамаз аҵак дуӡӡа аилкааразы, иааркьаҿны акәзаргьы, ирзааҭгылатәуп 1936–1937 шықәсқәа инадыркны Аҧсны имҩаҧысуаз атрагедиатә хҭысқәа, ишьақәгылаз аколониатә система. 20-тәи ашықәсқәеи — 30-тәи ашықәсқәа рызыбжеи рзы аҧсуа жәлар асовет мчра ирнаҭаз агәыӷрақәа шьала икәабан. Аахыҵ-Кавказтәи Асоциалисттә Федеративтә Советтә Реиспублика анаҧыхха, уи иалаз ареспубликақәа хазы-хазы Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла (СССР) ианалала, Аҧсны автономтә республикак аҳасабала Қырҭтәылатәи ССР алалара аҩ-республикак рконституциақәа рыла ианышьақәырӷәӷәаха, Қырҭтәылатәи Акомпартиеи (уи формала икоммунисттәын, ҵакыла ишовинисттәын) асоветтә органқәеи рнапы аурыжьӡеит цәгьацәыҧхамшьарала Қырҭтәылатәи ССР унитартә ҳәынҭқарраны аҟаҵаразы, ареспублика аҩнуҵҟа ашовинисттә политика амҩаҧгаразы, аҧсуаа рақырҭуатәразы, Аҧсны адемографиатә ҭагылазаашьа шьаҭанкыла аҧсахразы.

Абри аполитика инақәыршәаны ихацыркын Қырҭтәылантә хыҧхьаӡара рацәала ақырҭқәа Аҧсныҟа иааганы рнырхара аус; уи лҵшәа бзиала амҩаҧгаразы 1936 шықәсазы Л. Бериа инапхгарала (уи 1931–1938 шықәсқәа рзы Қырҭтәылатәи Акомпартиа Ацентр Комитет актәи амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан, апартиа Аахыҵ-Кавказтәи атәылаҿацәтә комитетгьы маӡаныҟәгаҩысгьы даман) еиҿкаан иҷыдоу атрест «Абхазпереселенстрои». Уи аус ахьынӡауаз (1953 шықәсанӡа) жәанызқьҩыла ақырҭқәа ааганы Аҧсны инырхан, убри алагьы араҟа адемографиатә ҭагылазаашьа шьаҭанкыла иҧсахын (Қырҭтәыла аиҳабыра ари аус хәымга мҩаҧнагон Асовет Еидгыла анеилаҳа ашықәс аҟынӡа). 1949 шықәсазы Аҧсны иқәынхоз акгьы зхараӡамыз абырзенқәа зқьҩыла Абжьаратәи Азиаҟа иахыганы, рыҩнқәа ақырҭқәа ааганы иҩнарҵеит; абырзенқәа реиҳараҩӡак Сталин иаамҭа анынҵәа ашьҭахь, иахгаз ажәларқәа (ачеченцәа, аингушцәа, аҟарачқәа, аболкарцәа) рыҧсадгьылахь иандырхынҳәуаз, Қырҭтәыла аиҳабыра Аҧсныҟа иқәырмыжьлеит. Иара абри ашықәс азы аҧсуаа рхырҵәара азҵаарагьы ықәгылан; ари аус еиқәаҵәа анагӡаразы иаҭахыз зегьы азыҟаҵан: аихамҩатә вокзалқәа рҟны еизган арахә реиҧш аҧсуаа зҭарцалашаз зқьыла авагонқәа; иазыҟаҵан авторанспортгьы. Аха аҧсуа жәлар усҟан Анцәа ихьчеит; «аҧсуаа реиҧш иҟоу ажәлар захаҳгари, еиӷьуп иақырҭуаҳтәыр», — абас рыӡбазар акәхап ақырҭуа политикцәа, Москва итәаз инадыркны Қарҭтәиқәа рҟынӡа.

1936–1941 шықәсқәа рзы Аҧсны имҩаҧган раҧхьатәи арепрессиақәа; «ажәлар ираӷацәоуп» ҳәа ахара рыдҵаны иҭакын, иҭархан зықьҩыла ауаа; урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан аполитикатә усзуҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа, амилаҭтә интеллигенциа егьырҭ рхаҭарнакцәа, анхацәа. Ажәакала, 20–30-тәи ашықсқәа рзы иааиҵагылаз аҧсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа жәпаҩык нырҵәан. Иҭархаз рхыҧхьаӡараҿы иҟан Н. А. Лакоба, Е. А. Ешба, Д. И. Аланиа, В. К. Ладариа, Н. Н. Ақырҭаа, М. И. Чалмаз, С. П. Басариа, С. И. Ҷанба, В. В. Агрба, С. М. Ашәхәаҵаа, Л. Б. Лабахәуа, А. И. Чыкәбар, Г. К. Берзениа, А. Е. Касланӡиа, М. О. Ақаҩба, А. К. Ҳашба, В. И. Кәыкәба уб. егь.; Ш. Л. Ҵәыџьба иакәзар, 1935 шықәсазы дҭакын, 1936–1953 шықәсқәа рзы Колымаҟа дахганы дыҟан. Арепрессиақәа цон 40-тәи ашықәсқәа рзгьы; аа-шықәса (1947–1955) дҭакын М. А. Лакрба ақырҭқәа Аҧсны имҩаҧыргоз ақырҭуатәра аполитика дахьаҿагылаз азы. Аҧсны иҭактәыз, ишьтәыз рсиа ҟазҵоз Қырҭтәылатәи Акомпартиеи, ареспублика ашәарҭадара акомитети Аҧснытәи урҭ рфилиалқәеи, урҭ ирымҵақьақьоз ацәгьаҳәацәеи (аӡәык-ҩыџьак Аҧснытәи АССР аҩнуҵҟатәи аусқәа жәлар ркомиссар Ԥачулиа иҩызцәа аҧсуаагьы рылан, ҳәарада) ракәын. Ақырҭқәа ракәымзар Аҧсны арепрессиақәа рымҽхак ҭбаамхаргьы ауан; аҧсуаагьы урҭ ракәын еиҳараӡак ахара здырҵоз, асовет мчра акәӡамызт; Москва харан, арҭ ааигәа иҟан. Амала иџьоушьаша, ақырҭуа шовинисттә политиказы Асовет Еидгыла аиҳабыра акгьы рҳәомызт; ирҳәартәгьы иҟазма усҟан, ақырҭқәа рыбӷа Кремль аҟны иӷәӷәазар... Иахьа Қырҭтәылатәи Акомпартиеи Қырҭтәыла асоветтә еиҳабыреи усҟан Аҧсны иҟарҵаз ацәгьоурақәа лабҿаба иузырбо адокументқәеи аматериалқәеи маҷымкәа икьыҧхьуп; аха зкьыҧхьра иахьымӡаз еиҳа ирацәан, урҭ шьҭан 1992 шықәса жьҭаарамза 22 рзы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа хықәкыхырхарҭала ирблыз Аҧснытәи аҳәынҭқарратә архиви Аҧснытәи абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи рнаукаҭҵааратә институти рҟны. Аҧсуа политикцәеи, ауаажәларратә усзуҩцәеи, анхацәеи харада ихыҭхәыцаау ахара рыдҵаны ишындырҵәоз аанарҧшуеит, иаҳҳәап, 1937 шықәса абҵарамза 3 рзы агазеҭ «Советская Абхазия» ианҵаз аҳәынҭқарратә харадҵаҩ, Аҧснытәи АССР апрокурор В. И. Шониа аусӡбратә процессқәа руак аҿы ииҳәаз инеиҵыхыу ажәахә. Уи аҟны ирықәӡбан шықәсык аҧхьа иҭадырхахьаз Н. А. Лакобеи, В. К. Ладариеи, М. И. Чалмази, М. А. Лакобеи уб. егь. Шониа ибз ацәа ахыхны абас дцәажәон: «Воспользовавшись ходом исторических событий и очутившись у власти в рядах партии, проходимцы и авантюристы Н. Лакоба, Инал-ипа, Ладария и Чалмаз перекрасились, замаскировались и в течение ряда лет безнаказанно творили здесь свои грязные дела... Н. Лакоба и его контрреволюционная группа опирались на кулачно-зажиточную часть деревни, на бывших князей и дворян... Спасибо железной руке пролетарской диктатуры — органам НКВД, которые и выдернули этот вонючий сорняк и освободили от него благоухающие, цветущие социалистические колхозные поля Абхазии... В разоблачении этой троцкистской банды — исключительная заслуга тов. Л. Берия... Н. Лакоба и его шайка давно почуствовали, что последовательное, большевистское руководство ЦК КП(б) Грузии, возглавляемое тов. Л. Берия, если не сегодня, так завтра, сорвёт с них маску... Особенную активность... контрреволюционная лакобовская группа начинает проявлять в годы развёрнутого социалистического наступления. Особенно страстно эта контрреволюционная группа и её руководитель Н. Лакоба реагировали на ликвидацию капиталистических элементов в деревне... Ненависть к колхозному строительству вытекала прямо из всей внутренней кулацкой природы членов лакобовской контрреволюционной организации. Любовь к кулаку, к бывшим князьям, дворянам и феодально-помещичьим традициям, ненависть к трудовому крестьянству, середнякам и беднякам — вот что объединило лакобовскую “артель”...» (Абхазия: документы свидетельствуют, 1937–1953 гг. Сборник материалов / Составители: Б. Е. Сагария, Т. А. Ачугба, В. М. Пачулия. Сухум, 1991. С. 434–443). Араҟа, ишырҳәо еиҧш, акомментриақәа мыцхәуп. Иџьоушьаша, арҭ ахарадҵаратә ажәахәқәа ишьақәдырӷәӷәоит аколнхарақәа реиҿкаара ашықәсқәа раан Н. А. Лакоба дызхагылаз Аҧсны аиҳабыра (Ацентртә Нагӡком) аҧсуа қыҭақәа рҟны асоциалисттә еиҭакрақәа ҟәышрала, Аҧсуара хырҩ азуны, ауаа классла еилыхны еиҿамыжькәа ишымҩаҧыргоз, насгьы асоциализм, акоммунисттә идеиақәа ираӷаҵәҟьаз Лакоба ицнагаҩцәеи иареи рус зыӡбоз бериараа шракәыз. Лакобеи егьырҭ Аҧсны анапхгараҿы иҟаз аҧсуааи анҭадырха ашьҭахьоуп ақырҭқәа автономтә республика ианахаҧаҵәҟьа, иаарҭахыу ҟарҵо ианыҟалаҵәҟьа; убасҟаноуп аҧсуа қыҭақәа, анхацәа рҭагылазаашьа аныцәгьахаҵәҟьа, «акласстә ӷацәа» рыҧшаареи рҭакреи ианрылагаҵәҟьа. Хыхь иаҳҳәаз агәаанагара шьақәнарӷәӷәоит усҟантәи ашықәсқәа рзы Аҧсны инхоз, араҟа имҩаҧысуаз ахҭысқәа шаҳаҭс ирымаз апублицист С. Данилов истатиа «Трагедия абхазского народа»; уи кьыҧхьын Миунхен иҭыҵуаз «Вестник Института по изучению истории и культуры СССР» (1951. № 1) аҟны. Автор иааигоит игәыҭшьаагоу афактқәа, иааирҧшуеит ареспубликаҿы ақырҭуа фашистцәа имҩаҧыргоз аполитика. С. Данилов, аҧсуаа аколнхарақәа реиҿкаара иаҿагыланы имҩаҧыргаз еизарак далацәажәо, иҩуан: «...Сход продолжался двое суток, и только после того как было получено заверение главы правительства о его решении самому съездить в Москву, сход стал расходиться... Абхазцы надеялись, что “их” Нестор устроит дело в их пользу, что им удастся избежать колхозов... Через некоторое время сам Н. Лакоба был вызван в Москву. Какие там велись разговоры — сказать трудно. Однако после возвращения главы правительства коллективизация пошла в Абхазии иначе, чем всюду в СССР: кулаков, как таковых, не оказалось вовсе, никого не раскулачивали и не ссылали... Видимо, Н. Лакоба всё же удалось на этот раз выпросить у своего приятеля — “хозяина” страны, какое-то облегчение для “показательной” (курортной) Абхазии... Методы коллективизации давали козыри в руки врагов Н. Лакобы. Берия и его сотрудники отлично знали, что все его мероприятия по коллективизации в Абхазии — не что иное как фикция, а все сводки, посылаемые центру о её ходе — миф... Одно было ясно: для успешной подлинной коллективизации Абхазии и её чистки необходимо было убрать Лакобу...». (Абхазия: документы свидетельствуют, 1937–1953 гг. Сборник материалов. Сухум, 1991. С. 457). Алада автор далацәажәоит Н. А. Лакоба Карҭ дшыршьыз атәы, иазгәеиҭоит уи ашьҭахь ақырҭқәа Аҧсны дара ишырҭахыз ала ашьаарҵәыратә система шышьақәдыргылоз: «Вскоре после смерти Н. Лакобы из Тифлиса в Абхазию прибыла специальная бригада НКВД, в которую входили знатоки своего дела, для “водворения большевистского порядка в Абхазии”... В первую очередь были сняты с должности и в большинстве случаев арестованы (с последующей ликвидацией) почти все руководители районных и, частично, центральных органов НКВД Абхазии и заменены новыми, прибывшими из Тифлиса. Так почва для успешной работы сотрудников Берии быстро подготовлена... Все новые мероприятия проводились под его, Берии, непосредственным наблюдением. Чистка Абхазии началась систематически, постепенно. В первую очередь были арестованы члены абхазского правительства (ЦИКа), затем очередь дошла до руководителей административных и партийных органов, различных хозяйственных организаций, кооперации, торговли, заводов и т. д... Аресту подлежали решительно все: члены партии, комсомольцы, беспартийные, специалисты, научные работники, журналисты, торговые работники; ...в сёлах аресту подвергалась вся местная интеллигенция — о бывших помещиках, зажиточных крестьянах и тех, кто имел какое-либо отношение к членам прежнего абхазского правительства и говорить не приходится: все они были арестованы и в лучшем случае сосланы на север, в концлагеря, без права переписки... Особенно сильно отразилась эта чистка на молодой немногочисленной абхазской интеллигенции: почти вся она целиком была уничтожена». (Абхазия: документы свидетельствуют, 1937–1953 гг. Сборник материалов. Сухум, 1991. С. 457–459). Анаҩс С. Данилов иҩуеит Аҧсны ақырҭқәа ааганы индырхо, зегьынџьара мчыла ақырҭуа бызшәа аларгало ишалагаз, аҧсуаа рыҧсадгьылаҿ ҭыҧ рмоуа ишыҟалаз, алкаагьы ҟаиҵоит: «Абхазия, “пдстриженная” на новый фасон, даже не соответствовала советскому лозунгу: “государство национальное по форме и социалистическое по содержанию”, ибо по форме Абхазия была абхазской, а по содержанию — инородной» (Абхазия: документы свидетельствуют, 1937–1953 гг. Сборник материалов. Сухум, 1991. С. 460).

Ақырҭқәа рус хәымгақәа рынагӡаразы ибзиаҵәҟьаны рхы иадырхәеит 1941–1945 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра дугьы. Урҭ ашықәсқәа рзы Аҧсны акырынтә еиҿкаан ахацәа аибашьрахь рдәықәҵара (мобилизациа), араҟа Л. Бериа ибз аламкәа ҟалашьа амамызт; усҟан уи Москваҟа диаган, Атәылахьчара Аҳәынҭқарратә Комитетгьы далан. Абри иахҟьаны абџьар зкратәы иҟаз ахацәа реиҳараҩӡак аибашьрахь идәықәҵан, уахь иагеит ашәҟәыҩҩцәа, амилаҭтә культура арҿиара знапы алакыз аҧсуаа рацәаҩны; иҭахазгьы маҷым. Иҭахаз рхыҧхьаӡараҿы иҟан еицырдыруаны иҟалахьаз ашәҟәыҩҩцәеи алитературахь зшьаҿа еихызгаз аҿарацәеи: Л. Б. Кәыҵниа, М. Д. Гочуа, С. М. Қәычбериа, Владимир Қапба, Рауфбеи Џьопуа, Камыгә Хәырцлаа, Сергеи Ҵабриа, Шалуа Ҭориа уб. егь. Аибашьра иалахәын: Қь. Ҟ. Агәмаа (1950 ш. иҧсҭазаара далҵит иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны), Ҷ. М. Џьонуа, А. Н. Џьонуа, Џь. К. Тапаӷәуа, С. Л. Сангәлиа, Шь. М. Сангәлиа, К. Х. Ачба уб. егь.

Шықәсқәак рыла Аҧснытәи АССР Қырҭтәыла апровинциақәа ируакны иҟаҵан; автономтә республика анапхгаратә усҳәарҭақәа зегьы (араионтә советқәеи, ақыҭсоветқәеи налаҵаны) ақырҭқәа рыла ирҭәын, урҭ реиҳараҩык Қырҭтәылантә иааган; инханы иҟаз аӡәык-ҩыџьак аҧсуаа аформазы рҭыҧқәа рҿы итәан, қарҭаа рымаҵ зуазгьы, «ирыцшәаҳәозгьы» ыҟан рыгәҭаны. «После событий 1937 года из руководящих органов Абхазии были удалены почти все абхазцы. Единицы либо не шли в расчёт, либо были бессильны что-либо предпринимать. В Абхазии это называлось “правильным подбором кадров”», — иҩуан Гь. Д. Гәлиа, уи аамҭа еиқәаҵәа игәаларшәо. (Гулиа Г. Дмитрий Гулиа. Повесть о моём отце. М., 1965. С. 220).

1937 шықәсазы Қырҭтәылатәи Акомпартиа Аҧснытәи аобласттә организациа аконференциаҿы Қырҭтәылатәи Акомпартиа Ацентр Комитет инақәырӷәӷәаны иҟанаҵаз адҵала ақәҵара адкылан ақырҭуа графика шьаҭас иҟаҵаны аҧсуа алфавит ҿыц аҧҵаразы (жәеизаҟа шықәса рхы иадырхәоз алатын нбанқәа шьаҭас измаз алфавит аҭыҧан). Арепрессиақәа ирасакьаҳәымҭаны ианыҟаз аамҭазы, ари аус мап ацәкра иаанагоз — аҧсуа жәлар зегьы ашәарҭа дуӡӡа рҭаргылара акәын. Сталини Бериеи уҳәа рыла СССР аҳҭны қалақь аҟны зыбӷа ӷәӷәаз ақырҭуа коммунистцәа-ашовинистцәа рыгәҭакы анагӡаразы акаҿы иаангыло иҟамызт. Алфавит ҿыц аҟаҵара рнапы ианҵан Д. И. Гәлиеи, аҧсуа бызшәа здыруаз А. Г. Шаниӡеи, С. Н. Џьанашьиеи. Усҟантәи атрагедиатә ҭагылазаашьаҿы Д. И. Гәлиа аҟәышра ду ааирҧшит уҳәартә иҟоуп. Алфавит ҿыц алагалан 1938 шықәсазы, рхы иадырхәон 1954 шықәсазынӡа. Аҧсуаа ирыцәтәымыз, ирзымдыруаз алфавит алагалара аҧырхага дуӡӡа ҟанаҵеит, ашколтә ҵара аҩаӡара акырӡа иланарҟәит, абаҩхатәра злаз, акрызлыҵраны иҟаз аҿар рыҧсҭазаара ҿанаҟәеит.

Ақырҭуа еиҳабыра абарҭ рҟны иаанымгылаӡеит; урҭ рҽазҵәылхны иашьҭалеит аҧсуа милаҭтә культура зегьы, аҧсуа литературеи уи ҧсыс иахаз аҧсуа бызшәеи рырӡра, аҧсуа жәлар рҭоурых арҩашьара, ақырҭуатәра, Аҧсны ажәытә ҭыҧ хьыӡқәа рыҧсахра; ажәакала, акультуратә геноцидгьы амҩаҧгара иалагеит. 1944 шықәсазы напы адыркит аҧсуа школқәа раркра, аҵара ақырҭуа бызшәахь аиагара, Қырҭтәылантә ақырҭуа рҵаҩцәа раагара. «В 1946 году закрылись абхазские школы. Тысячи педагогов остались безработными. К этой акции приспешники Берия готовились ещё с 1944–1945 годов. Это именовалось “реорганизацией абхазских школ”. И делалось это чёрное дело, разумеется для “пользы абхазской культуры”» — иҩуан Гь. Д. Гәлиа. (Гулиа Г. Дмитрий Гулиа. Повесть о моём отце. М., 1965. С. 218–219). Русура аанкылан аҧсуа рҿиаратә хеидкылақәа (Аҧснытәи ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла уҳәа уб. егь.). Маҷ-маҷ иӡуа иалагеит ажәеицааирақәа «аҧсуа литература», «аҧсуа шәҟәыҩҩцәа»; урҭ рҭыҧан ицәырҵит абарҭ аилкаарақәа: «ақырҭуа шәҟәыҩҩцәа Аҧснытәи ротриад», «ақырҭуа литература автономтә хәҭа», «Мраҭашәаратәи Қырҭтәыла алитература» уб. егь. Есааира рхыҧхьаӡара иагхон аҧсышәала иҭыҵуаз аҧсуа шәҟәқәа. Ишьақәыргылан аҧсуаа рзы асоветтә идеологиатә цензура аасҭа еиҳагьы еицәаз, аиаша зынӡагьы изаҳар зҭахымыз ақырҭуа цензура (уи аҳра ауан 1980-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазынӡа). 1951 шықәсазы Д. И. Гәлиа иҩызшәа ихьӡ арбаны аҧсышәалеи, урысшәалеи, қырҭшәалеи иҭыжьыз 18 даҟьа иҟаз ашәҟәы хәыҷы «Сышәҟәы “Аҧсны аҭоурых” иахҳәааны» мацара иуанаҳәо рацәоуп. Адунеитә наукеи акультуреи рҟны асеиҧшҵәҟьа иҟоу ацәыгьцәыҧхамшьара шамахамзар иуҧылаӡом. Даҽа ҿырҧштәык: 1954 шықәсазы Қарҭ қырҭшәала иҭыжьын алитератураҭҵааҩ П. Ингороҟва ишәҟәы «Георги Мерчуле», ақырҭқәа усумҭа ҟаимаҭуп ҳәа ирыдыркылаз, аартра дуӡӡак ҟаиҵаз џьушьап. Мыцла, ихыҭхәыцаау ахҭысқәа рыла еиҿартәу, анаука иацәыхароу ари аусумҭаҿы автор ишышьақәирӷәӷәоз ала, Аҧсны инаркны Геленџьик аҟынӡа Амшын еиқәа иаҿықәу адгьылқәа зегьы ақырҭқәа иртәызаап, иахьатәи аҧсуаа XVII ашәышақәсазы Нхаҵ-Кавказынтә ашьхақәа ирхыҵны «абхазы-грузины» ахьынхоз абарҭ адгьылқәа рахь иааны рнапаҿы иааргазаап. Ашәҟәаҿы иара убасгьы афальсификациа рызуп аҭыҧхьыӡқәа. Иџьашьатәӡам ашовинисттә политика мҩаҧызгоз Қырҭтәылатәи Акомпартиа Ацентр Комитети ақырҭуа интеллигенциа аӡәырҩи (Г. Н. Леониӡе, К. С. Гамсахурдиа, С. Г. Каухчишвили, Г. С. Ахвледиани уб. егь.) Ингороҟва ишәҟәы иахьадгылаз. Аҧсуаа ракәзар, уи рыбжьы ақәдмыргакәа инырмыжьит; ашәҟәы иаҿагыланы иқәгылеит Сталини Бериеи раамҭа аниаӡӡаа ашьҭахь Аҧсны аиҳабыраҿы иҟаз аполитикцәагьы. Абас шакәу шаҳаҭра руеит 1955 шықәса нанҳәа 16 рзы Қырҭтәылатәи Акомпартиа Аҧснытәи аобком амаӡаныҟәгаҩ Г. Гегешиӡеи, Аҧснытәи АССР Аминистрцәа Рсовет ахантәаҩы А. Лабахәуеи, Аҧснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы А. Ҷоҷуеи Қырҭтәылатәи Акомпартиа Ацентр Комитет амаӡаныҟәгаҩ В. П. Мжаванаӡе иахь идәықәырҵаз ашәҟәи 1957 шықәса мшаҧымза 19 рзы Аҧснытәи АССР Аминистрцәа Рсовет ахантәаҩы А. Лабахәуеи Қырҭтәылатәи Акомпартиа Аҧснытәи аобком амаӡаныҟәгаҩ И. Ҭарбеи КПСС Ацентр Комитет Апрезидиум ашҟа иршьҭыз ашәҟәи.

Абри аамҭазы Ингороҟва имцгәаанагарақәа акритика рзыруит З. В. Анчабаӡе, Хә. С. Бӷажәба, Ц. Н. Бжьаниа, аӡәык-ҩыџьак ақырҭуа ҵарауаагьы: Н. А. Берӡенишвилии и Қь. В. Ломҭаҭиӡеи.

1957 шықәса мшаҧымза 10 рзы аҭоурых ду змоу ақыҭақәа Мықәи Лыхни аҧсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа еиҿыркааит зқьҩыла ауаа злахәыз аизарақәа; урҭ рҟны иаҿаҧҽын П. Ингороҟва ишәҟәы.

Ақырҭуа еиҳабыра Аҧсны имҩаҧыргоз ашовинисттә политика аҿаҧҽуа, насгьы аҧсуа милаҭтә культура аиҭарҿиара, акадрқәа ҿыцла реиҵааӡара, аҧсуа ҭоурыхтә ҭыҧхьыӡқәа реиҭашьақәыргылара шаҭахыу азгәаҭо аҧсуа шәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи Москваҟа апартиа Ацентр Комитет ашҟа акымкәа-ҩбамкәа ашәҟәқәа рыҩхьан: Гь. А. Ӡиӡариеи, Б. Шьынқәбеи, К. С. Шаҟрыли (1947 шықәса жәабранмза 25; ВКП/б/ Ацентр Комитет амаӡаныҟәгаҩ А. А. Кузнецов ихьӡала), Гь. А. Ӡиӡариеи Б. Шьынқәбеи (1953 шықәса цәыббрамза 5; КПСС Ацентр Комитет амаӡаныҟәгаҩ Н. С. Хрушьчови уб. егь. рыхьӡала), Е. П. Шьаҟрыли Ҭ. П. Шьаҟрыли (1952 шықәса жьҭаарамза 11; И. В. Сталин ихьӡала), Д. И. Гәлиа (1954 шықәса лаҵарамза; СССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ахантәаҩы К. Е. Ворошилов ихьӡала. 1957 шықәса; КПСС Ацентр Комитет актәи амаӡаныҟәгаҩ Н. С. Хрушьчов ихьӡала), А. Лабахәуеи И. Ҭарбеи (1957 шықәса мшаҧымза 19; КПСС Ацентр Комитет Апрезидиум ахь) уб. егь.

Абарҭ аамҭа еиқәаҵәақәа раан, еиқәханы иҟаз аҧсуа шәҟәыҩҩцәа, аибашьра ду иалагылазгьы, аӡәык-ҩыџьак Аҧсны инханы иҟазгьы, ачҳара ду аарҧшны, ргәы камыжькәа, аамҭа бзиак шрыхьӡо агәра ганы аҧсуа литература аҿиара зынӡа аанкылара алдмыршеит. Еихьӡара дуӡӡақәак амамзаргьы, алитература аҧсы ҭан. 30-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа инаркны 1953–1954 шықәсқәа рзынӡа иҭыҵыз ашәҟәқәа рхыҧхьаӡара маҷын; иҟамызт еиҧҟьарада иҭыҵуаз литературатә периодикатә кьыҧхьтә органк, аибашьра алагаанӡа уарла-шәарла аҧхьаҩцәа ироуаз «Алитературатә журнал» 1941 шықәсазы аҭыжьра аанкылан; инханы иҟаз «Аҧсны ҟаҧшьи» даҽа раионтә газеҭқәаки ракәын; аӡбахә уҳәар ҟалоит 50-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы хрыжь-хрыжь иҭыҵуаз «Альманах».

Бериа ицәгьоурақәа аҿаҧызҽуаз 1953 шықәсазтәи КПСС Ацентр Комитет ақәҵара ашьҭахь, Аҧсны маҷ-маҷ аҭагылазаашьа аҽаҧсахуа, аҧсуа жәлари урҭ ркультуреи рзинқәа рзырхынҳәра иалагеит. 1956 шықәса ҧхынгәымза 10 рзы КПСС Ацентр Комитет Апрезидиум ақәҵара аднакылоит «Қырҭтәылатәи Акомпартиа Ацентр Комитет аусураҿы иҟаз агхақәа рзы». Уи аҿы Қырҭтәылатәи ССР аҟны ақырҭуа еиҳабыра хықәкыхырхарҭала мчыла имҩаҧыргоз аҧсуааи ауаҧсааи рмилаҭтә культура ахәаҽра иазкыз ассимилиациатә политика иақәӡбан.

1954 шықәсазы ақырҭуа нбан шьаҭас измаз аҧсуа алфавит еиҭакын, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҟны ҿыц иаартын аҧсуа ҟәша, аусура иалагеит аҧсуа бызшәеи алитературеи ркафедра; еиҭахацыркын аҧсуа школқәа рзы арҵаҩцәа разыҟаҵара, арҿиаратә хеидкылақәа русура.

Абарҭ ашықәсқәа рзы имҩыҧысуаз аҧсуа милаҭтә культура аиҭарҿиара апроцесс, Қырҭтәылатәи Акомпартиа уаанӡатәи анапхгара иҟарҵаз ацәгьоурақәа раҧырҟәҟәаразы, агхақәа рыриашаразы КПСС Ацентр Комитет иаднакылаз ақәҵарақәа уҳәа убас егьырҭгьы Д. И. Гәлиагьы гәацҧыҳәарала идикылеит, агәыӷра дуқәа еиҭаизцәырҵит иара. Абри аамҭазы ицәырымҵырц залшомызт алитературатә журнал аҭыжьра азҵаарагьы. Уи аӡбара иазыҳаҵҳаҵо иашьҭаз дреиуан Д. И. Гәлиагьы. Ус имариамызт усҟан, аҭагылазаашьа маҷк ишеиӷьхазгьы, аҧсуа журнал аҭыжьразы азин ылхра. Егьа ус иҟазаргьы, 1955 шықәсазы алитературатә-сахьаркыратә ауажәларра-политикатә журнал «Алашара» аҭыжьра хацыркын. Ари хҭыс дуӡӡаны иҟалеит ажәлар рдоуҳатә ҧсҭазаараҿы; «Алашара» еиҧш иааиҧмырҟьаӡакәа иҭыҵуаз ажурнал амилаҭтә культура аҭоурых аҟны ахаангьы иҟамызт.

Ажурнал аиҿкааҩцәа рхыҧхьаӡараҿы иҟан ашәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи аӡәырҩы — Д. И. Гәлиа, Б. Шьынқәба, И. Гь. Папасқьыр, А. Н. Џьонуа, Ш. Д. Инал-иҧа, Кә. Шь. Ломиа, И. К. Ҭарба уб. егь. 1955 ш. инаркны 1956 ш. цәыббрамзанӡа (№ 3 аҟынӡа) «Алашара» редактор хадас дыҟан М. Л. Аҳашба. Аханатә аредколлегиа иалан: А. Н. Џьонуа, Ш. Д. Инал-иҧа, Кә. Шь. Ломиа (аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ), И. Гь. Папасқьыр, Шә. А. Ԥачалиа. Аредакциаҿы аус иуан А. Е. Лашәриагьы (аҟәша деиҳабын); атекстқәа кьыҧхьыга машьынала илкьыҧхьуан Цабу Киут.

Ажурнал ашьақәгылара аамҭа игәаларшәо, уи раҧхьатәи аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ Кә. Шь. Ломиа иҩуан: «...ажурнал “Алашара” аира еиҵызхыз, ахьӡгьы азызыҧшааз Дырмит Гәлиа раҧхьа дгылоуп. Исгәалашәоит, усҟан уи шаҟа дҭынчмыз, илаба ҷашь кны апартиеи асоветтәи органқәа рахь дышныҟәоз, ашәҟәыҩҩцәа, аҟазара аусзуҩцәа, аҵарауаа ҭаха шримҭоз, дышрыҿцәажәоз... Ажурнал “Алашара” аҭыжьразы апартиеи аиҳабыреи ирыдыркылаз ақәҵара анаа, аинтеллигенциа зегьы ирзеиҧшыз ҳамҭа дуун, ҳәаа змаӡамыз гәырӷьаран. Аха иҟалап уи ахҭыс зегь реиҳа Дырмит Гәлиа деигәырӷьазар, ҽышәала дзышьҭаз аус ахьылҵыз... Сгәы иаанагоит актәи аномер азы ҭоурых хҭыс дууп ҳәа Дырмит Гәлиа ипоема “Сара схәышҭаара” ахьанылаз... Исгәалашәоит, Дырмит Гәлиа ипоема ажурнал азы имаҳхырц Алықьса Лашәриеи сареи ҳаннеиз иара иҟны.

– Сара сзы насыҧ дууп абри арҿиамҭа ҳжурнал ҿыц — зда ҳамаӡам — актәи аномер иахьаныло. Дадраа, шәа шәҿақәоуп, шәа ишәылшо маҷӡам, убарҭқәа зегьы ажурнал иагышәмыжьын, макьана ҳжурнал асаби иҩызоуп, ааӡара аҭахуп, — иҳәеит Дырмит Иасыф-иҧа. Нас уи дразҵааит аномер ианылараны иҟаз аматериалқәа, дразҵааит авторцәа, ажурнал ацәа, уи сахьаркырала ишеиқәыршәахо, аҩызцәа ргәаанагарақәа уҳәа убас игәы иҭыхоз азҵаарақәа рацәаӡаны». (Ломиа Кә. Шь. Раҧхьатәи аномер азы ажәақәак // Алашара. 1980. № 11. Ад. 91. Аиҭакьыҧхьра — Алашара. 2005. № 4. Ад. 123–124).

А. Н. Гогәуа, аҧсуа журнал аҭыжьра шымариамыз, насгьы амилаҭтә литература аҿиаразы «Алашара» аҵак ду шамаз азгәаҭо, иҩуеит: «Иуҳәар алшоит аҧсуа сахьаркыратә-литературатә журнал ахы акит, Д. И. Гәлиа игазеҭ “Аҧсны” иацны иҭыҵуаз “Еҵәаџьаа” ала ҳәа. Уи ашьҭахь Аҧсуа шәҟәыҩҩцәа реидгыла иҭнажьуаз “Алитературатә журнал”, аҽыҵгақәа ҧшааны аҭыҵра иахьаҟәырхыз, ҳлитература аҿиара даара иаҧырхагахеит. Нас, Асовет ҳәынҭқарра аполитикаҿ ҧсцарҭақәак аныҟала, усҟантәи Аҧсны аиҳабыра, Аҧснытәи ашәҟәыҩҩцәа реидгыла, Аҧсны жәлар рпоет Д. И. Гәлиа заҧхьа дгылаз аҧсуа милаҭтә интеллигенциа иаацрымҵӡо иҟарҵоз аҽышәарақәа рыбзоурала, 1955 шықәсазы азин ҟалеит алитературатә-сахьаркыратә журнал “Алашара” аҭыжьра. Убринахыс ажурнал “Алашара” иабзоураны, аҧсуа литература, аҧсуа литературатә-естетикатә хәыцра ҽаҧара иҧеит. Уи ҳәара аҭахума, аҧсуа шәҟәыҩҩцәа зегьы ишрыбзоуроу еиҧш, убра лымкаала ирылшаз рацәоуп ажурнал аредактор хадацәа, аредакциа аилазаарақәа зегьы... Ҳжурнал ҳлитература азы ихәышҭаароуп. Уи еиқәу амца аҧхарагьы бзиоуп, алашарагьы, анархагьы. Убри нҵыра амазааит». (Гогәуа А. Н. Алашарагьы, анархагьы... // Алашара. 2005. № 4. Ад. 141).

Д. И. Гәлиа ипоема «Сара схәышҭаара» анаҩс «Алашара» актәи аномер ианылеит Ш. Л. Ҵәыџьба, Б. Шьынқәба, Кь. Ш. Чачхалиа, А. Н. Џьонуа, Ҷ. М. Џьонуа, В. П. Анқәаб, А. Ҭ. Аџььнџьал, Кә. М. Герхелиа, Гь. К. Гәыблиа, Кә. Шь. Ломиа, Ш. Хә. Ԥлиа, И. К. Ҭарба, Н. З. Ҭар-ҧҳа ражәеинраалақәа, А. Е. Лашәриа иажәабжь «Ашәахәа» (Қьабырхәынтәи ажәабжьқәа рцикл аҟнытә), И. Гь. Папасқьыр иажәабжьқәа «Аҧсшьарҭа ҩны аҟни» «Ауарҳали». Иаартын ҩ-рубрикак: «Атәылаҵара», «Акритикеи абиблиографиеи». Актәи аҵаҟа икьыҧхьын М. М. Ҭраҧшь истатиа «Аҟәа ажәытәӡатәи аҭоурых аҟнытә», аҩбатәи аҵаҟа — ҩ-статиак: Ш. Д. Инал-иҧа «Аҧсуа сахьаркыратә проза иазкны згәаҭарақәак», Ш. Хь. Салаҟаиа «Адгьыл аҿтәи аеҵәақәа» (Кә. Шь. Ломиа иажәеинраалақәа реизга «Адгьыл аҿтәи аеҵәақәа» иазкны).

 

Абраҟа маҷк ҳааҭгыланы, иааркьаҿны акәзаргьы, ажәак-ҩажәак ҳҳәар ахәҭоуп 1955–2012 шықәсқәа рзы «Алашара» аҭыҵшьақәа шыҟаз, аредколлегиа иалақәаз, амҽхаки атиражи зеиҧшрақәаз рзы.

Раҧхьатәи ажәашықәсазы (1955–1965) есышықәса фба-фба номер ҭыҵуан; 1966 шықәсазы иҭыҵит жә-номерк; 1967–1990 шықәсқәа рзы есымзы знык иҭыҵуан; 1991 шықәсазы иҭыҵит жәеиза; 1992 шықәсазы номерк ауп иҭыҵыз (Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡа даҽа номерқәак ҭыҵзаргьы /усоуп ҳәа агәра гаҵәҟьаны ирзышьақәмырӷәӷәеит аредакциаҿы аус зуазгьы/, урҭ џьаргьы иаҳҧыхьамшәеит; иҟалап, усҟан Аҧсны аполитикатәи аекономикатәи ҭагылазаашьа ахьыцәгьаз иахҟьаны уаҳа аҭыжьра алымшазаргьы); 1993 шықәсазы (аибашьра анцоз) ажурнал аҭыжьра алшо ҳәа иҟамызт; 1994 шықәсазы иҭыҵит ҩ-номерк; 1995 шықәсазы — номерк; 1996 шықәсазы «Алашара» шҭыҵуаз атәы зҳәаша номеркгьы ҳзымҧшааит; 1997 шықәсазы аҧхьаҩцәа ироуз номерк ауп; 1998–2005 шықәсқәа рзы есхымз знык иҭыҵуан; 2006–2012 шықәсқәа рзы есҩымз номерк ҭыҵуан. Иааизакны 1955–2012 шықәсқәа рзы иҭыжьын 453 номер.

Абарҭ ашықәсқәа рзы лассы-лассы рҽырыҧсахуан ажурнал атиражи амҽхаки, иҧсахымкәа иахьанӡа иааиз (1992–1993 шықәсқәа рзтәи Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь формат маҷла иҭыҵыз ҩбаҟа номер алаҳамҵозар) «Алашара» аформат (70х108 1/16) ауп.

1955–1963 шықәсқәа рзы ажурнал атираж хадарала 2000 цыра ыҟан (иналаршә-ҩаларшәны — 1500, 1600, 2100, 2125, 2150, 2200, 2250); 1964–1967 шықәсқәа рзы атираж акыр иацлеит, иагьынаӡеит 3200–4551; уи иҵегь ишьҭыҵит 1968 шықәса инаркны — 5410–5920 рҟынӡа; 1970–1988 шықәсқәа рзы — 6021–7255; 1989 шықәса август мза инаркны 1992 шықәса алагамҭазынӡа «Алашара» атираж маҷк иацӡааит (5039–5713 цыра). Аибашьра ашьҭахь Ареспублика Аҧсны аекономикатә ҭагылазаашьа уадаҩ иахҟьаны уарла-шәарла иҭыҵуаз аномерқәа ртираж лаҟәит 500 рҟынӡа, иуҧылон номерқәак (1995, № 1; 2002, №№ 3, 4; 2003, № 1) зтираж 1000 цыра рҟынӡа инаӡоз. «Алашара» аҭоурых аҿы зегьы иреиҳау атиражқәа рыман 1981 шықәсазтәи хә-номерк: № 1 (7270 цыра), № 3 (7278 цыра), №№ 4, 5 (7255 цыра), № 6 (7256 цыра).

1955–1979 шықәсқәа рзы ажурнал амҽхак хадарала 6 кьыҧхь бӷьыцк ыҟан, зны-зынла — 5, 5,5, 5,25, 5,38, 5,75, 6,25, 6,5, 7, 7,5 (96 ма 104 даҟьа; зны-зынла — 82, 86, 88, 90, 92, 98, 100, 114); 1980 шықәсазы иҭыҵыз аномерқәа акыр рымҽхак наӡон 12,6 кьыҧхь бӷьыц (104, 144 даҟьа); 1981–1984 шықәсқәа рзы — 8,4 кьыҧхь бӷьыц (104 даҟьа; иналаршә-ҩаларшәны —112, 96); 1985 шықәсазтәи 1–2-тәи аномерқәа — 12,6 кьыҧхь бӷьыц (144 даҟьа), 3-тәи — 9,6 кьыҧхь бӷьыц (144 д.), егьырҭ аномерқәа — 8,5 кьыҧхь бӷьыц (136 даҟьа); 1986–1990 шықәсқәа рзтәи аномерқәа реиҳарак — 11,9 кьыҧхь бӷьыц (136 даҟьа), егьырҭ аномерқәа — 8,5 кьыҧхь бӷьыц (136 даҟьа). 1991 шықәсазы (2-тәи аномер инаркны) ажурнал амҽхак акыр иацлеит, иагьынаӡеит 13,5 кьыҧхь бӷьыц рҟынӡа (216 даҟьа); аибашьра ашьҭахь иҭыҵуаз номерқәак рҟны (1995, № 1 /224 даҟьа/; 2006, №№ 1, 2, 3, 4 /200 даҟьа/) уи еиқәырхан; номерқәак 8, 11, 11,55 кьыҧхь бӷьыц (112, 124, 128, 134, 138, 146, 148, 160, 170, 176 даҟьа) ыҟан. 2005 шықәсазы иҭыҵыз 2-тәи аномер амҽхак наӡон 16 кьыҧхь бӷьыц рҟынӡа (176 даҟьа). 2006 шықәсазы (5-тәи аномер инаркны) «Алашара» амҽхак шьақәгылеит 12,5 кьыҧхь бӷьыц рҟны (хадарала 200 даҟьа, номерқәак — 176, 192 даҟьа). Араҟа аҧхьаҩ дҵаар ҟалоит аномерқәа жәпакы рымҽхакқәа анеиҟроу рдаҟьақәа зеиҧшыми ҳәа. Уи зыхҟьо урҭ рҟны ахархәара змоу ашрифтқәа рыхкқәеи ршәагаақәеи роуп.

1955 шықәса инаркны 1956 шықәса цәыббрамзанӡа (№ 3 аҟынӡа) ажурнал «Алашара» редакторс дыҟан М. Л. Аҳашба; аредколлегиа иалан А. Н. Џьонуа, Ш. Д. Инал-иҧа, Кә. Шь. Ломиа (аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ), И. Гь. Папасқьыр, Шә. А. Ԥачалиа. М. Л. Аҳашба ишьҭахь редактор хадацәас иҟан: А. Н. Џьонуа (1956. № 4–1966. № 3), Ҷ. М. Џьонуа (1966. № 4–1975. № 8), А. К. Џьениа (1975. № 8–1978. № 3), Гь. К. Гәыблиа (1978. № 3–1984. № 1), Н. Ҭ. Кәыҵниа (1984. № 2–2004. № 1) (1984 шықәсазтәи № 2 аҟны аредактор хада дшарбамызгьы, редактор хадас иҟаҵәҟьаз Н. Ҭ. Кәыҵниа иакәын /аномер аҿы иара дарбоуп аредактор хада ихаҭыҧуаҩ ҳәа/). 2004 шықәса раахыс, Н. Ҭ. Кәыҵниа ишьҭахь, редактор хадас дыҟоуп А. И. Лагәлаа.

Аредакциаҿы аханатәгьы аус зуаз рхыҧхьаӡара маҷын (аӡәы апроза инапы ианын, даҽаӡәы — апоезиа, ахҧатәи — апублицистикеи акритикеи). Аҳәынҭқарра аҟынтәи аҭыҧ ҿыцқәа риурагьы ус имариамызт; акыр шықәса дыҟамызт атехникатә редакторгьы. Аредактор хада ихаҭыҧуаҩ имаҵура акәзар, уи цәырҵит 1975 шықәса ҭагаланразы; уи аҭыҧаҿ дшьақәырӷәӷәан Н. Ҭ. Кәыҵниа, ус дагьыҟан 1984 шықәса алагамҭазынӡа, уинахыс (1984. № 3 инаркны) аредактор хада ихаҭыҧуаҩыс дҟалеит В. Џь. Амаршьан (ус дарбоуп Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡа). 1993–2006 шықәсқәа рзы уарла-шәарла иҭыҵуаз ажурнал аномерқәа рҟны аредактор хада ихаҭыҧуаҩ дарбаӡам; 2007 шықәса инаркны аредактор хада ихаҭыҧуаҩыс дырҩегь дарбоуп В. Џь. Амаршьан.

Аҭакзыҧхықәу маӡаныҟәгаҩыс иҟан: Кә. Шь. Ломиа (1955. № 1–1957. № 1), Ш. Л. Ҵәыџьба (1957. № 2–1960. № 6), А. Н. Гогәуа (1961. № 1–1963. № 1), А. К. Џьениа (1963. № 2–1968. № 12), Н. Ҭ. Кәыҵниа (1969–1975), В. Џь. Амаршьан (1975–1984. № 2), Р. Ӡ. Лашәриа (1984. № 3–1984. № 9; 1984. № 11–1984. № 12; 1987. № 8–1987. № 12; 1988. № 2–1992. № 1), С. Х. Ҭаркьыл (1984. № 10; 1985. № 1–1987. № 7; 1988. № 1). 1993–1998 шықәсқәа рзы уарла-шәарла иҭыҵуаз ажурнал аномерқәа рҟны аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ дарбаӡам. 1999 шықәса актәи аномер инаркны дарбоуп аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ — А. И. Лагәлаа; дыҟан 2004 шықәса № 2 аҟынӡа, уинахыс — З. Џь. Џьапуа (2012. № 5 аҟынӡа), нас ахәбатәи аномер инаркны — Альбина Анқәаб-ҧҳа.

Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы ажурнал аредколлегиа иалан (хыхь зыӡбахә ҳҳәахьоу рнаҩс), насгьы аредакциаҿы аус руан: Д. И. Гәлиа, Гь. А. Ӡиӡариа, Ш. Л. Ҵәыџьба, А. Е. Лашәриа, П. С. Ҷкадуа, Б. Шьынқәба, А. К. Џьениа, А. А. Аншба, А. Н. Гогәуа, Гь. К. Гәыблиа, Ш. Хь. Салаҟаиа, М. И. Миқаиа, М. Т. Лашәриа, Н. Ҭ. Кәыҵниа, В. Џь. Амаршьан, Џь. Б. Аҳәба, Б. А. Гәыргәлиа, С. Х. Ҭаркьыл, А. Хә. Аргәын, П. Хә. Бебиа, Р. Хә. Қапба, Н. Ҷ. Ҳашыг, Р. И. Ебжьноу, Р. Ӡ. Лашәриа, Виач. А. Бигәаа. Акыр шықәса корректорцәас аус еицыруан Т. Аҩӡ-ҧҳаи Д. Гәыргәлиа-ҧҳаи. 1991 шықәсазы ицәырҵит ажурнал ауаажәларратә хеилак, уи иалан: Ш. Д. Инал-иҧа, Б. Шьынқәба, Кә. Шь. Ломиа, Ш. Хь. Салаҟаиа, А. Н. Гогәуа, В. Л. Аҵнариа, Џь. Б. Аҳәба, А. Хә. Аргәын, Б. А. Гәыргәлиа, Н. Ҷ. Ҳашыг, С. Х. Ҭаркьыл.

2012 шықәсазы иҭыҵыз 6-тәи аномер аҟны ишарбоу ала, аредактор хада ихаҭыҧуаҩыс дыҟан В. Џь. Амаршьан, аҭакзыҧхықәу маӡаныҟәгаҩыс — А. Анқәаб-ҧҳа, аредколегиа иалан И. Н. Аҳаш-ҧҳа, В. В. Аҧҳазоу, Д. К. Наҷҟьебиа, Гә. В. Сақаниа-ҧҳа, Дм. Габелиа; ауаажәларратә хеилак — А. Н. Гогәуа, Џь. Б. Аҳәба, Шь. М. Аџьынџьал, Н. Ҭ. Кәыҵниа, Гь. К. Гәыблиа, М. И. Миқаиа, П. Хә. Бебиа, Р. Хә. Қапба, Н. Ҷ. Ҳашыг, Т. М. Ҷаниа, В. Б. Агрба, В. К. Занҭариа, Г. Шь. Аламиа, А. Кә. Мықәба, З. Џь. Џьапуа, Гә. С. Кәыҵниа-ҧҳа, В. А. Кәаӷәаниа, Н. Ҷ. Логәуа, З. Шь. Ҭҳаиҵыкә-ҧҳа, А. Ажьи-ҧҳа. Корректорцәас иҟан: Т. Аҩӡ-ҧҳа, М. Кәыҵниа-ҧҳа; техредакторцәас — Л. Амҷ-ҧҳа, Л. Чамагәуа-ҧҳа.

 

«Алашара» — 1955 шықәса инаркны иааиҧмырҟьаӡакәа аҧсышәала иҭыҵуа (ахәыҷтәы журнал «Амцабз» алаҳамҵозар) литературатә журнал заҵәуп. Уи иалшаз рацәоуп аҧсуа литературеи, акультуреи, аҭҵаарадырреи рырҿиаразы. Ажурнал адаҟьақәа рҿоуп раҧхьаӡа иахькьыҧхьыз ашәҟәыҩҩцәа реиҳараҩык рпоезиатәи рыпрозатәи ҩымҭақәа. Уи ианылон абиҧара еиҳабыра иаҵанакуаз ашәҟәыҩҩцәа (Д. И. Гәлиа, Ӡ. Х. Дарсалиа, И. Гь. Папасқьыр, М. Л. Аҳашба, М. А. Лакрба), урҭ ирышьҭанеиуаз, акыр еиҵбыз абиҧара иеиуаз апоетцәеи апрозаикцәеи (Ш. Л. Ҵәыџьба, Б. Шьынқәба, Ҷ. М. Џьонуа, А. Н. Џьонуа, К. Х. Ачба, С. Л. Сангәлиа, Ш. Р. Аҟәсба, М. Гь. Папасқьыр, Гә. Гь. Папасқьыр-ҧҳа, Н. Ҭ. Бараҭелиа, Кь. Ш. Чачхалиа, И. К. Ҭарба, Шь. М. Сангәлиа, Џь. К. Тапаӷәуа, Ш. К. Басариа, К. Шь. Аргәын уб. егь.) рырҿиамҭақәа. Игәыгәҭажьымызт изаамҭаӡамкәан зыҧсҭазаара иалҵыз, Сталини Бериеи рхаан ирӡыз, иҭархаз, 1941–1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьраан аҧсадгьыл зхы ақәызҵаз ашәҟәыҩҩцәа (С. И. Ҷанба, И. А. Коӷониа, Л. Б. Кәыҵниа, В. В. Агрба, Қь. Ҟ. Агәмаа, С. М. Қәычбериа, Л. Б. Лабахәуа уб. егь.) рлитературатә ҭынха.

Ажурнал иҟанаҵаз даараӡа ирацәоуп ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа реиҵааӡаразы, убри алагьы амилаҭтә литературатә процесс еиҧымҟьауа аҟаҵаразы. 1955 шықәсазтәи актәи аномер аҿар ҧыҭҩык рҩымҭақәа ананыла ашьҭахь, аҩбатәи аномер аҟны иаартын арубрика «Аҿар рыбжьы»; уи аҵаҟа 2-тәи, 3-тәи, 6-тәи аномерқәа рҟны икьыҧхьын А. Ҭ. Аџьынџьал, К. Шь. Аргәын, Гь. К. Гәыблиа, Џь. К. Тапаӷәуа, П. Хә. Бебиа, Б. А. Гәыргәлиа, Кә. М. Герхелиа, Н. З. Ҭар-ҧҳа, Кь. Ш. Чачхалиа, Т. М. Ҷаниа, М. Т. Лашәриа, Н. Ҭ. Кәыҵниа, Ш. Хә. Ԥлиа, С. Х. Ҭаркьыл, З. Гь. Кәарҷиа, И. Ҳ. Лашәриа, Џь. Б. Аҳәба, Шь. Ҷкадуа, Р. Кә. Џьопуа, Ан. У. Кәыҵниа, Б. Кобахиа, М. Ҟаитан, П. Логәуа ржәеинраалақәа; Шь. М. Аџьынџьал, А. К. Џьениа, А. Н. Џьонуа, Н. К. Оҭырба ражәабжьқәа. 1956–1960 шықәсқәа рзы «Алашара» еиуеиҧшым аномерқәа рҟны икьыҧхьын, хыхь зыӡбахә ҳҳәаз аҿар рнаҩс, алитературахь зшьаҿа еихызгаз авторцәа ҿыцқәа (Н. Ҷ. Ҳашыг, А. Б. Возба, Шь. Камкиа, Б. К. Зарданиа, В. К. Дауҭиа, B. К. Басариа, Гь. М. Нарасқәа, С. А. Кәыҵниа, З. Аргәын-ҧҳа, Bова €әыблиа, Гьаргь Дбар, Р. Кобахиа, Алықьса Лагәлаа, В. Х. Пап-ҧҳа, Гьаргь Смыр, Денуар Ҭаниа, М. Ҵәыџь-ҧҳа, В. А. Чуаз, Мариа Ҷараиа, Лида Аршба, Мақсма Барганџьиа, Иасон Барцыц, Р. Кобахиа, Владимир Ҵәыџьба) рырҿиамҭақәа.

1964, 1966, 1967, 1972–1974, 1976–1980 шықәсқәа рзы арубрика «Аҿар рыбжьы» еиқәырхан; 80-тәи ашықәсқәа рзы ишьақәгылеит даҽа традициак — есышықәса актәи аномер аҟны хадарала аҿар рҩымҭақәа ркьыҧхьра. Абри аамҭазы ҿыц ицәырҵыз ашәҟәыҩҩцәа рхыҧхьаӡараҿы иҟан: Ш. Габниа (Габуниа), Т. Шь. Аџьба, B. Џь. Амаршьан, А. Хә. Аргәын, В. Л. Аҵнариа, З. Р. Быҭәба, Р. Ҳ. Смыр, Г. Шь. Аламиа, В. А. Ахьиба, B. Г. Дбар, Р. Ӡ. Лашәриа, И. Н. Аҳаш-ҧҳа, В. В. Аҧҳазоу, В. К. Занҭариа, B. М. Ҷыҭанаа, Гыц Асҧа (Л. Б.Гыцба), А. И. Лагәлаа, Б. У. Барцыц-ҧҳа, Л. С. Тәан-ҧҳа, Б. Кә. Қаџьаиа, Вл. Н. Қапба, С. А. Гындиа, В. А. Кәаӷәаниа, Ан. Џь. Ԥкьын, А. С. Адлеиба, Е. С. Адлеи-ҧҳа, Радион Ҵәыџьба, B. Л. Бигәаа А. А. Ҷкадуа, К. Габниа, Беслан Аџьынџьал, Иура Аџьынџьал, Ема Абыхә-ҧҳа, Иуана Абыхәба, Џь. И. Адлеи-ҧҳа, Гьаргь Адлеиба, Павел Анқәаб, Лиудмила Ануа-ҧҳа, Р. Ч. Барцыц, Е. Гь. Бебиа-ҧҳа, Валина Быҭә-ҧҳа, Виктор Кәакәасқьыр, Гьаргь Касланӡиа, Гьаргь Шьаданиа уб. егь. 80-тәи ашықәсқәа рзы — Д. Б. Занҭариа, Гә. В. Сақаниа-ҧҳа, Гә. С. Кәыҵниа-ҧҳа, С. Б. Дел-ҧҳа, Е. В. Ажьиба, И. И. Хәарҵкиа, З. Џь. Џьапуа, Н. И. Сабекиа-ҧҳа, Дифа Агр-ҧҳа, С. Ф. Ладариа-ҧҳа, А. З. Кәарҷиа, В. Ҷолариа, Наҭела Бган-ҧҳа, Аркади Кархалаа, Д. Быҭәба, Заира Бараҭелиа-ҧҳа, С. Чакветаӡе, Адгәыр Лашәриа, Марина Џьапуа-ҧҳа уб. егь.

1993–2002 шықәсқәа рзы уарлашәарла иҭыҵуаз ажурнал аномерқәа рҟны шамахамзар иуҧылаӡом шәҟәыҩҩы ҿыцк ихьӡ. 2004 шықәсазтәи актәи аномер инаркны дырҩегьых «Алашара» ианыло иалагеит аҿар рҩымҭақәа; аҩбатәи аномер аҿы еиҭашьақәыргылан арубрика «Аҿар рыбжьы», уимоу 2010 шықәсазы ицәырҵит даҽа рубрикак — «Ҳаҧхьаҩцәа рҩымҭақәа» (зны-зынла — «Ҳжурнал аҧхьаҩцәа рҩымҭақәа»). Зҩымҭақәа кьыҧхьыз аҿар 30-ҩык иреиҳан (Дырмит /Дмитри/ Габелиа, Алхас Чхамалиа, Инна Ҳаџьым-ҧҳа, Асҭамыр Кәарҷиа, Џьамбул Инџьгиа, Хаҭуна Шьоуа-ҧҳа, Есма Ҭодуа-ҧҳа, Абзагә Аҟалӷьба, Альбина Анқәаб-ҧҳа, Зина Ажьи-ҧҳа, Инна Бенделиани уб. егь.). Ҵабыргуп, арҿиамҭақәа сахьаркыратә ҩаӡарала еиҟарам, иҧсыҽугьы маҷӡам; ус иҟан уаанӡагьы. Егьа ус иҟазаргьы, ажурнал аханатәгьы аҿарацәа алитературахь амҩа ахьырзаанартуаз иашан. Урҭ рахьтә ишәҟәыҩҩцәа дуқәаны иҟалазгьы маҷыҩӡам. Аха иҟоуп даҽа џьоукых, знык-ҩынтә жәеинраалақәак ма жәабжьқәак кьыҧхьны, нас алитература иацәхьаҵыз.

 

Иааизакны «Алашара» ианыҧшуан XX ашәышықәса аҩбатәи азыбжазы аҧсуа литература аҿиара ахырхарҭақәа, еиуеиҧшым ажанрқәа рыҿиашьа. Иуҳәар ҟалоит ажурнал алитературатә процесс агәҭаҵәҟьа игылан, уи аныра дугьы анаҭон ҳәа. Алитератураҿы аҧыжәара шамац иаман асоциалисттә хырхарҭа, аидеологиатә ҟазшьа змаз, аҧсҭазаара аидеализациа азызуаз аҩымҭақәа; урҭ аҧырҵон ашәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы. Зны-зынла дара урҭ авторцәа рнапы иҵыҵуан «даҽа литературак» иаҵанакуаз арҿиамҭақәагьы. Аӡәык ҩыџьак ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рҽазыршәо иалагеит аҳра зуаз аидеологиа зныҧшуаз алитературатә традициақәа рыцәхьаҵра. Аҩымҭақәа ртематика аҽарҭбаауан. Маҷ-маҷ ихынҳәуан аҭоурыхтә тема, ажәлар рмилаҭтә хдырра зырӷәӷәоз. Ашәҟәыҩҩцәа еиҳагьы игәцараркуа иалагеит Аҧсуара алахьынҵа, аҧсуа культуреи алитературеи рыҧсы злаҭаз, амилаҭтә цәа рхазҵоз адоуҳатә хыҵхырҭақәа. Апоезиаҿы аҭыҧ ду ааныркыло иалагеит алирикатә жәеинраалақәа, алирикатә фырхаҵа идунеихәаҧшышьа, ицәаныррақәа цәырызго. Алирикатә цәа рыҟәнуп апоемақәагьы акыр. 1955 шықәса аахыс «Алашара» ианылеит Б. Шьынқәба, А. Ҭ. Аџььнџьал, И. К. Ҭарба, Ҷ. М. Џьонуа, Кь. Ш. Чачхалиа, А. Н. Џьонуа, М. И. Миқаиа, Гь. К. Гәыблиа, П. Хә. Бебиа, Б. А. Гәыргәлиа, Н. З. Ҭар-ҧҳа, Т. М. Ҷаниа, М. Т. Лашәриа, Н. Ҭ. Кәыҵниа, Ш. Хә. Ԥлиа, С. Х. Ҭаркьыл, Т. Шь. Аџьба, B. Џь. Амаршьан, В. Л. Аҵнариа, Р. Ҳ. Смыр, Г. Шь. Аламиа, В. А. Ахьиба, Р. Ӡ. Лашәриа, И. Н. Аҳаш-ҧҳа, B. М. Ҷыҭанаа, В. К. Занҭариа, А. И. Лагәлаа, Гә. В. Сақаниа-ҧҳа, Г. С. Кәыҵниа-ҧҳа, С. Б. Дел-ҧҳа, Е. В. Ажьиба убас егьырҭгьы рлирикатә жәеинраалақәа маҷымкәан.

Иалкаазар ахәҭоуп 1962–1965 шықәсқәа рзы «Алашара» еиуеиҧшым аномерқәа рҟны «Маҿа-маҿа» ҳәа азеиҧш хьӡы рыманы икьыҧхьыз Ш. Л. Ҵәыџьба иажәеинраалақәа («Аӡиас Детрин», «Колыматәи ашьхақәа», «Ани асабии», «Акәара», «Аҧслыш», «Аҵааҵлақәа», «Апрофессоргь длахьынҵацәгьан», «Ашәҟәы шьҭаҵан», «Иаҳхарам акгьы!», «Ҭагалантәи таига» уб. егь.). Урҭ ирныҧшит апоет 1936–1953 шықәсқәа рзы Колыматәи алагерқәа рҿы данҭакыз ихигаз агәаҟрақәа изынрыжьыз ацәаныррақәа; иџьоушьаша ажәеинраалақәа ауаҩра ду, ачҳара ргәылжжо иҟоуп, ацәымӷра ацәаарагьы убом.

Аӡбахә мҳәакәа узавсуам асатиратә жәеинраалагьы. Ари ажанр аҿы Д. И. Гәлиеи Л. Б. Лабахәуеи рышьҭахь қәҿиарала иҽҧишәеит апоет-алирик Кь. Ш. Чачхалиа. Ажурнал ианылеит иеицырдыруа иҟалаз апоет исатиратә жәеинраалақәа акыр: «Амбакәа иаҳцәигоит иаҳмырбакәа», «Рамадан ичамадан», «Софыџь исаҧыџь», «Ацгәи аҳәынаҧқәеи», «Еимаркуазеи», «Ԥҳәызба ҧагьак илызкны», «Аҩыжәраҿы аҧсуара...», «Ацгәаба-ҵыхәабаба».

1967, 1968, 1989 шықәсқәа рзы раҧхьаӡакәны икьыҧхьын О. Б. Беигәаа иажәеинраалақәа («Соушәыжь!», «Прометеи ибжьы: Аҳ, ҧсеивгарҭак!», «Ра», «Ӡызлан», «Мыш шәҭоуп Аҧснаа!», «Асҭампылтәи аҧсыуа бжьы», «Аҧсны, Аҧсны!» уб. егь.).

«Алашараҿы» икьыҧхьыз ажәабжьқәеи, ажәабжьоуқәеи (аповестқәеи) (арҭ ажанрқәа аҧыжәара рыман ажурнал адаҟьақәа рҟны), ароманқәеи жәпакы шаҳаҭра руан иҳаҩсыз ашәышықәса аҩбатәи азыбжазы апрозаҿгьы аиҭакрақәа шымҩаҧысуаз азы. Апрозатә ҩымҭақәа аҧырҵон апоетцәагьы.

Апроза, апоезиа еиҧш, даҽа хырхарҭак ала иҿиар шалшоз шьақәдырӷәӷәоит А. Н. Гогәуа иҩымҭақәа. «Алашараҿ» икьыҧхьын иахьа иеицырдыруа уи иажәабжьқәеи иповестқәеи жәпакы: «Ҭакар аблақәа», «Амзаҭәымҭа», «Ашьханӡа еихамҩала», «Ашәуа иеҵәа», «Хаха-хымш ныҟәа ахьыбжьоу...», «Асыс-мҟаа», «Шьха-ҧшӡа», «Быжь-хаҳәк ианырхыс», «Абрагь», «Иабаҟарҵо абарҭ аҷнышқәа рыҭра?», «Аси амацәыси», «Мшәагә Хәыҷи Мшәагә Дуи», «Анана-Гәында лашҭа», «Асҟак дааигәан, аха дузгәамҭеит. Ҳаамҭазтәи аҳәамҭа», «Уаҧхьа игылоу деилургартә иҟалахьан», убасгьы ароман «Аҽыкәаҳа» аацыҧҵәаха, ароман-рапсодиа «Ас ду». Ашәҟәыҩҩы иҽазишәеит аҳра зуаз асоциалисттә реализм аҳәаақәа рҭыҵра, ахаҿсахьақәа раҧҵараан ишьақәгылаз асхематизмра ацәцара; хықәкысгьы ишьҭихит иуадаҩны еилоу ауаҩы иҟазшьа, иҩнуҵҟатәи адунеи, иҧсихологиа сахьаркырала инарҵауланы аҭҵаара. Уи иаҭахын махәҭа рацәала еиларсу ажәабжьҳәаратә форма, асиужеттә-композициатә еиҿартәышьа ҿыцқәа, еиуеиҧшым асахьаркыратә хархәагақәа ахрархәара. А. Н. Гогәуа иажәабжьқәеи иповестқәеи рҟны иузгәамҭарц залшом уаанӡа апрозаикцәа ззааҭгылахьаз атемақәагьы даҽакала ишааирҧшуаз.

Ажурнал аҟны иара убасгьы икьыҧхьын Ҷ. М. Џьонуа, А. К. Џьениа, Шь. М. Аџьынџьал, Ш. Ҷкадуа, Џь. Б. Аҳәба, Гь. К. Гәыблиа, Н. З. Ҭар-ҧҳа, А. Б. Возба, Н. Ҷ. Ҳашыг, Н. Ҭ. Кәыҵниа, В. Џь. Амаршьан, Д. Б. Занҭариа, Д. К. Наҷҟьебиа убас егьырҭгьы ражәабжьқәеи рповестқәеи. Урҭ рыгәҭаны иҟан асоциалтә-ҧсихологиатә, аҭоурыхтә, афилософиатә, асатиратә ҩымҭақәа.

«Алашара» ианын 40 инареиҳаны ароманқәа рцыҧҵәахақәа ма инагӡоу урҭ рвариантқәа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан: И. Гь. Папасқьыр «Аҧҳәыс лыпату»; И. К. Ҭарба «Идыру ахьӡ», «Амра ҳара ҳҿы игылоит», «Сан лыблақәа», «Адунеи ахьалаго»; А. К. Џьениа «Абна амаӡа», «Ацәаҟәа аабатәи аҧштәы», «Анмираҳ — ҩыџьа рынцәахәы», М. И. Миқаиа «Ахҟа», «Ашацәа ртәарҭа»; В. Џь. Амаршьан «Шаҭ-иҧа Хьымкәараса иеҵәахә», «Аҧсҳа», «Сбааш хьыҵәцара. Ароман-гәҭыха»; П. Хә. Бебиа «Ашьацҳәа», «Ақьачақьцәа»; Џь. Б. Аҳәба «Асқьала», «Амҩасҩы», «Ахамышҭыхә. Иҟалаҵәҟьаз», «Алахәыла»; Гь. К. Гәыблиа «Адгьыл аҳақ», «Лахьынҵала иузшоу»; Н. З. Ҭар-ҧҳа «Амшын ҳәынҭқар Ҳаиҭ. (Абацәа рыдгьыл)»; Н. Ҭ. Кәыҵниа «Аҭакари ахьҭеи», «Алашә иблақәа аныхты», «Ашьа ицаша», «Адлаҧса»; Т. М. Ҷаниа «Мшыбзиа, аҧсҭазаара!», «Шәышьханхыҵ»; Шь. М. Аџьынџьал «Аҳәа зыҟәну аџьныш», «Ԥсык еицырхан...»; Р. Кә. Џьопуа «Ахымҩас»; Гыц Асҧа [Гыцба Л. Б.] «Аихьӡылацәа», «Заниашьа зхаҵашьоу».

1970-тәи ашықәсқәа рзы хҭыс дуны иҟалеит Б. Шьынқәба иҭоурыхтә-философитә роман «Ацынҵәарах» акьыҧхьра (Алашара. 1973. № 12; 1974. №№ 1–8). Аҩымҭаҿы раҧхьаӡакәны мчхара дула, инарҭбааны иқәыргылан XIX ашәышықәсазтәи Кавказтәи аибашьра апроблема, афилософиатә зҵаара дуқәа. Ароман иаҳәоит адунеиҿ имҩаҧысуа аибашьрақәа, арыцҳарақәа, атрагедиақәа зегьы зыхҟьо ауаҩы игаӡареи, иҧсымҭәреи, имдырреи, идоуҳатә культура алаҟәреи шракәу. Уи убасгьы ишьақәнарӷәӷәоит ауаатәыҩса иахьауажәраанӡа изықәныҟәо уаҩра злам азакәан — «амчра змоу еснагь диашоуп» — ишзацәымцаз, аубыхцәа рлахьынҵа рлахьынҵахар шрылшо егьырҭ ажәларқәагьы (зхыҧхьаӡара рацәоугьы убрахь иналаҵаны). Зҭоурыхтә ҧышәа иазхәыцны, иҧсҿыхгоу алкаа ззыҟамҵо ажәлар лахьынҵа бзиа рҧеиҧшым. Ароман иқәнаргылаз азҵаарақәа иахьагьы ҧсра рықәӡам. Аҩымҭа абызшәақәа акыр рахь иеиҭаган. Уи рхатәык аҳасабала ирыдыркылеит Нхыҵ-Кавказтәи ажәларқәа; избан акәзар ашәҟәыҩҩы илшеит урҭ рхьаа, рыгәҭыхақәа раарҧшра.

Амилаҭтә литератураҿы лагаламҭа дуун Б. Шьынқәба аҩбатәи ироман «Ахаҳә еиҩса» аҩ-шәҟәыкгьы (Алашара. 1982. №№ 4–7; 1991. №№ 6, № 7, № 8). Аҩымҭаҿы иаарҧшуп 20–30-тәи ашықәсқәа рзтәи ажәлар рҭагылазаашьа, амилаҭтә культура аҷыдарақәа, Аҧсуара алахьынҵа; ицәыргоуп аетнософиатә проблемақәа; автор иаҧиҵеит аҧсуаа рҭоурыхтә-етнографиатә портрет.

Ажурнал ианын имаҷымкәан адраматә ҩымҭақәа: М. А. Лакрба иҭоурыхтә драма «Аиларҭәа ссир», Шә. А. Ԥачалиа икомедиа «Гәында», С. Хәаҭланӡиеи Хә. Џьопуеи рсатиратә комедиа «Аца иҭоу аҳәынаҧ», Р. Кә. Џьопуа икомедиа «Аҧҳәысҳәаҩцәа», Ш. А. Ҷкадуа исатиратә комедиақәа «Ҳауа идагәада?», «Даӡәызароуп аӡәы!», Џь. Б. Аҳәба идрама «Дадгәул», А. Н. Гогәуа идрама «Амш-уаара» уб. егь.

Ажурнал аҿы иара убасгьы икьыҧхьын ажәлар рҿаҧыцтә ҳәамҭақәа маҷымкәан.

 

«Алашара» адаҟьақәа рҟны аҭыҧ ду ааныркылон (иахьагьы уи аус еиҧырҟьам) аиҭагақәа, урҭ аҧсуа милаҭтә литература аҭоурых иахәҭакуп. Аҧсшәахь иеиҭаган имаҷымкәан иеицырдыруа егьырҭ амилаҭтә шәҟәыҩҩцәа жәпаҩык рҩымҭақәа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан: Софокл «Аҳ Едип» (иеиҭеигеит В. Л. Аҵнариа); Езоп иажәамаанақәа (иеиҭеигеит И. Ҳ. Лашәриа); У. Шекспир итрагедиа «Гамлет» ацыҧҵәаха (иеиҭеигеит И. Ҷоҷуа), исонетқәа (иеиҭеигеит Б. А. Амҷба); Ф. Шиллер ибаллада «Аҧаҭхь» (иеиҭеигеит М. И. Миқаиа), идраматә поема «Дон Карлос» (иеиҭеигеит Н. Ҭ. Кәыҵниа); Џь. Баирон ипоема «Шилионтәи атҟәа» (иеиҭеигеит М. Т. Лашәриа); И. В. Гиоте иажәеинраалақәа (иеиҭаргеит В. Л. Аҵнариа, Д. К. Чачхалиа); Џь. Лондон ижәабжь «Аҧсҭазаара абзиабара» (иеиҭеигеит Џь. Б. Аҳәба); К. Гольдони икомедиа «Асасааирҭа аҧшәма ҧҳәызба» (иеиҭеигеит Л. Касланӡиа); Г. Ибсен идрама «Алаҧшҵашәарақәа» (иеиҭеигеит Џь. Б. Аҳәба); Р. Биорнс иажәеинраалақәа (иеиҭаргеит В. Л. Аҵнариа, Г. Адлеиба); Г. Лонгфелло ипоема «Гаиавата изы ашәа» (иеиҭеигеит М. Т. Лашәриа); О. Уаилд иажәабжь «Аҩыза гәакьа» (иеиҭеигеит Б. А. Амҷба); Марк Твен ироман «Том Соиер ихҭысқәа» (иеиҭеигеит В. Џь. Амаршьан); С. Цвеиг иновелла «Изымдыруаз лысалам шәҟәы» (ахы иақәиҭны иеиҭеигеит Шь. К. Царгәыш); Р. Тагор иажәабжьқәа «Имлашьуа ахаҳәқәа», «Ауаҩ хәыҷы ирыцҳара» (иеиҭеигеит Џь. Б. Аҳәба); Е. Л. Воинич лроман «Ашхырцәаӷь» (иеиҭеигеит Б. А. Амҷба); Е. Хемингуеи иҩымҭақәа «Аҭаҳмадеи амшыни» (иеиҭеигеит М. Л. Аҳашба), «Килиманџьаро иқәу асы» (иеиҭеигеит Џь. Б. Аҳәба); С. Моем ижәабжь «Иззымиааиз» (иеиҭеигеит Н. Ҭ. Кәыҵниа); Ш. Бодлери П. Верлени ражәеинраалақәа (иеиҭаргеит Б. Шьынқәба, В. К. Занҭариа); Габриель Гарсиа Маркес иповест «Ирыларҳәахьаз уаҩшьрак аҭоурых» (иеиҭеигеит Н. Ҭ. Кәыҵниа); Омар Хаиам иҩымҭақәа (рубаи) (иеиҭаргеит Б. Шьынқәба, Гь. К. Гәыблиа); А. С. Пушкин иажәеинраалақәеи ипоемақәеи (иеиҭаргеит Д. И. Гәлиа, Л. Б. Кәыҵниа, Б. Шьынқәба, Ҷ. М. Џьонуа, Н. З. Ҭар-ҧҳа, П. Хә. Бебиа); М. Иу. Лермонтов ипоема «Аҧсыҳарам» (иеиҭеигеит М. Т. Лашәриа), иажәеинраалақәа (иеиҭаргеит B. Л. Аҵнариа, В. К. Занҭариа, И. И. Хәарҵкиа); Н. В. Гоголь ипоема «Аҧсы хьшәашәақәа» ацыҧҵәаха (иеиҭеигеит М. Ҭ. Бӷажәба); Ф. М. Достоевски ироман «Ацәгьоуреи ахьырхәреи» ахқәак (иеиҭеигеит А. Н. Гогәуа); Н. А. Некрасови, Ф. И. Тиутчеви, А. А. Фети ражәеинраалақәа (иеиҭаргеит Н. Ҭ. Кәыҵниа, В. Л. Аҵнариа, В. К. Занҭариа); Л. Н. Толстои иажәабжь «Х-ҧсраки» (иеиҭеигеит А. Ҭ. Аџьынџьал), иповестқәа «Ҳаџьы-Мураҭи» (иеиҭеигеит М. Л. Аҳашба) «Иван Илиа-иҧа иҧсреи» (иеиҭеигеит Н. Ҭ. Кәыҵниа), ироман «Аибашьреи аҭынчреи» ацыҧҵәахақәеи (иеиҭеигеит И. Ҷоҷуа); И. С. Тургенев иповест «Раҧхьатәи абзиабара» (иеиҭеигеит Н. Ҭ. Кәыҵниа); А. П. Чехов иажәабжьқәа «Ачынуаҩ иҧсра», «Хамелеон», «Агәырҩа», «Ротшильд искрипка», «Ахәмарра», «Аҟазара амаҭәар» «Зыҧсы ҭоу ашықәснҵара» (иеиҭаргеит Xә. С. Бӷажәба, Вл. Маан, Џь. Б. Аҳәба, Н. Ҷ. Ҳашыг, С. Х. Ҭаркьыл); B. В. Маиаковскии, С. А. Есенини, A. А. Блоки ражәеинраалақәа (иеиҭаргеит Б. Шьынқәба, А. Е. Лашәриа, Кә. Шь. Ломиа, П. Хә. Бебиа, Гь. К. Гәыблиа, М. И. Миқаиа, Н. Ҭ. Кәыҵниа, Вл. К. Занҭариа, Д. К. Чачхалиа, Г. Адлеиба); А. М. Горки иҩымҭақәа «Ауаҩы иира», «Италиа иахҳәаау алакәқәа» (иеиҭаргеит В. Какалиа, Ш. Х. Ԥлиа); А. П. Платонов иажәабжь «Агәыбжьанытә» (иеиҭеигеит А. Н. Гогәуа); А. Н. Толстои иажәабжь «Ешер» (иеиҭалгеит Шь. Кәыҵниа-ҧҳа); И. А. Бунин иажәабжьқәа «Натали», «Ганскаиа Галиа», иповест «Митиа ибзиабара» (иеиҭеигеит Н. Ҭ. Кәыҵниа); А. А. Ахматова лажәеинраалақәа (иеиҭеигеит С. Х. Ҭаркьыл); М. А. Шолохов иажәабжьқәа «Ayaҩытәыҩса иразҟы», «Аҧхамшьа», ароман «Дон ҭынч» ацыҧҵәаха (иеиҭаргеит А. Н. Џьонуа, Џь. Б. Аҳәба); Н. С. Гумилиов иажәеинраалақәа (иеиҭеигеит В. К. Занҭариа); К. М. Симонов иажәеинраалақәа (иеиҭаргеит Б. Шьынқәба, Н. Ҭ. Кәыҵниа); К. А. Федин «Аделегациа иалахәыз», «Суук-су» (иеиҭеигеит А. Н. Гогәуа); В. М. Шукшин иажәабжьқәа «Амҽышаҽнытәи агәҿыӷьра» «Миль пардон, мадам!», «Санка иҭоурых» «Агәырҩа» «Дыҟан ауаҩы...» (иеиҭеигеит B. Џь. Амаршьан); С. В. Михалков прозала иҩу иажәамаанақәа (иеиҭеигеит С. Х. Ҭаркьыл); B. П. Астафиев иажәабжьқәа «Сара сҵаа-ҵлақәа», «Ааҧынтәи адгьылбжьаха» (иеиҭеигеит А. К. Џьениа); И. В. Бондарев иажәабжь «Аеҵәеи адгьыли» (иеиҭеигеит А. Н. Џьонуа); А. Мицкевич иажәеинраалақәа (иеиҭеигеит Б. Шьынқәба); Саиат-Нова иажәеинраалақәа; Ш. Русҭавели ипоема «Абжьас-цәа зшәу» ахқәак (иеиҭеигеит М. Т. Лашәриа); Д. Г. Гурамишвили иҩымҭақәа реизга «Давиҭиани» аҟынтәи ацыҧҵәаха (иеиҭеигеит Кә. Шь. Ломиа); И. Г. Ҷавҷаваӡеи, А. Р. Ҵереҭелии, Важьа Ԥшавелеи, Г. В. Табиӡеи, М. Мирнелии ражәеинраалақәа (иеиҭаргеит Д. И. Гәлиа, С. И. Ҷанба, Ҷ. М. Џьонуа, Б. Шьынқәба, В. П. Анқәаб, Кә. Шь. Ломиа, Гь. К. Гәыблиа, Н. Ҭ. Кәыҵниа); Л. Қьиачели иажәабжь «Аби аҧеи» (иеиҭеигеит А. Н. Џьонуа); Н. В. Думбаӡе иповест «Сареи, сандуи, Иликәеи, Иллариони» (иеиҭеигеит Кә. М. Герхелиа); Ҭ. И. Ҷилаӡе идрама «Актриса қәыҧш лзы ароль» (иеиҭеигеит Р. И. Ебжьноу); А. С. Исаакиан ипоема «Абул Ала Маари» ацыҧҵәаха (иеиҭеигеит Н. Ҭ. Кәыҵниа); О. Ҭуманиан иажәеинраалақәа; Г. И. Матевосиан иажәабжь «Арха иаҵәара» (иеиҭеигеит Д. Б. Занҭариа); Т. Г. Шевченкои, И. И. Франкои, П. Г. Тычинеи ражәеинраалақәа (иеиҭаргеит Д. И. Гәлиа, Л. Б. Кәыҵниа, Б. Шьынқәба, А. Н. Џьонуа, Кә. Шь. Ломиа); И. П. Котлиаревски ипиеса «Наталка-Полтавка» аҟынтәи арҧыс нанамга Пиотр иашәақәа; В. Быков иповест «Абаҟа» (иеиҭеигеит Кә. Шь. Ломиа); К. Л. Хетагуров иажәеинраалақәа (иеиҭаргеит Д. И. Гәлиа, Кә. Шь. Ломиа, Гь. К. Гәыблиа); Ҟ. Ш. Кулиеви Р. Г. Гамзатови ражәеинраалақәа (иеиҭаргеит Ҷ. М. Џьонуа, П. Хә. Бебиа) уб. егь.

«Алашара» иалшаз рацәоуп еишьцәоу ажәларқәа — аҧсуааи, ашәуааи (абазааи), адыгааи (аҟабардақәеи, ачерқьесцәеи, аедыгьааи) реимадарақәа рырӷәӷәаразы. Уи адаҟьақәа рҟны иеиҭаганы икьыҧхьын абаза шәҟәыҩҩцәеи адыга поетцәеи апрозаикцәеи рҩымҭақәа рацәаны; зны-зынла номерк абжа урҭ ианрызкызгьы ыҟан. Убас 1959 шықәсазтәи 3-тәи аномер аҟны «Ашәуа поетцәа ражәеинраалақәа» ҳәа арубрика алкааны икьыҧхьын Б. Х. Ҭҳаиҵыхә, Ԥ. К. Цеҟәа, М. Х. Ҷкәуту, Е. М. Шҳаи-ҧҳа, Ҟали Џьгәаҭан, Џь. К. Лаҩыцә, Қь. Л. Мыхцы, С. Ебзеи-ҧҳа, Иу. А. Цеҟәа ражәеинраалақәа; урҭ иеиҭаргеит А. Ҭ. Аџьынџьал, Ш. Л. Ҵәыџьба, Кә. М. Герхелиа, Т. Шь. Аџьба.

1972 шықәсазы иҭыҵыз 4-тәи аномер зегьы аҟабарда литература иазкуп. Уи ианын Б. Ԥаҵәа, А. А. Шьоџьанцыҟә, П. Х. Ҟажар, А. П. Ҷышьоҟәа (Кешоков), З. М. Тҳаӷазиҭ, А. К. Шьомахәа, А. О. Шьоџьанцыҟә, М. Хә. Ҷашьҭ ражәеинраалақәа (иеиҭаргеит Б. Шьынқәба, В. П. Анқәаб, И. К. Ҭарба, Кә. Шь. Ломиа, Т. Шь. Аџьба, П. Хә. Бебиа, Гь. К. Гәыблиа, Б. А. Гәыргәлиа, С. Х. Ҭаркьыл, В. Џь. Амаршьан); М. М. Ҟармоҟәа, Б. Б. Мазыҳа, A. Т. Шорҭан, А. А. Ҳахәҧаҵәа ражәабжьқәа (иеиҭаргеит М. Л. Аҳашба, Ш. Ҷкадуа, Н. Ҷ. Ҳашыг, Н. Ҭ. Бараҭелиа), А. Х. Нало иетиуд «Амцабз агага» (иеиҭеигеит Ш. Р. Аҟәсба), Ҳ. И. Ҭеиуна ироман «Шогемоҟәаа рхылҵшьҭра» ацыҧҵәаха (иеиҭеигеит Н. Ҭ. Кәыҵниа). Иара абраҟа икьыҧхьын асовет аамҭазы Ҟабарда-Балкариа аекономикеи акультуреи рыҿиара аазырҧшуа астатиақәеи аматериалқәеи (П. Ҭажь «Аешьаратә жәларқәа иакыу рҭаацәараҿы», «Афактқәеи ацифрақәеи» / Иеиқәиршәеит П. Шавлоҟәа); Шора Нагәма изку Ҳ. Ҟармоҟәа истатиа «Амца-жәла зыҧшааз», аҟабарда литература иазку М. Г. Соҟәур истатиа «Зҭәымҭа иҭагылоу» уб. егь.

Аедыгь литература иазкын 1979 шықәсазы иҭыҵыз 10-тәи аномер шеибгаз. Уи аҟны икьыҧхьын И. Ш. Машьбаҵә, Н. Н. Бaӷ, Ҳ. И. Береҭap, Ҟ. Х. Жане, Н. И. Ҟуиоҟә, Ҟ. Х. Ҟәымпиль, Р. М. Наҳаи, Ҳ. Ԥанашә, Р. Ԥараныҟә, А. М. Ҳадаӷатль, Џь. Цәиахә (Цеи) ражәеинраалақәа (иеиҭаргеит Ш. Л. Ҵәыџьба, Кә. Шь. Ломиа, В. П. Анқәаб, И. К. Ҭарба, Т. Шь. Аџьба, Б. А. Гәыргәлиа, С. Х. Ҭаркьыл, Т. М. Ҷаниа, Н. Ҭ. Кәыҵниа, Н. З. Ҭар-ҧҳа, П. Хә. Бебиа, В. Џь. Амаршьан, Г. Шь. Аламиа, Д. Б. Занҭариа); Ҭ. М. Ҷерашь, Ҳ. А. Ашьна, Ԥ. К. Қошьбаи, С. И. Ԥанашә, Иу. Цәиахә (Цеи) ражәабжьқәа (иеиҭаргеит И. Ҷоҷуа, Ш. К. Басариа, Џь. Б. Аҳәба, В. Џь. Амаршьан, Н. Ҷ. Ҳашыг, Вл. К. Басариа); Хь. К. Сҳаҧлыҟә иҭоурыхтә драма «Шарлотта-Аишеҭ» ацыҧҵәаха (иеиҭеигеит Ш. Ҷкадуа); И. И. Ҭльаусҭан ироман «Иҿымцәаауа алашара» ацыҧҵәаха (иеиҭеигеит А. Н. Џьонуа). Аедыгь литература аҿиарамҩа дазааҭгылеит А. А. Шьҳалиахәа истатиа «Октиабр иарҿиаз алитература» аҟны. Икьыҧхьын иара убасгьы И. Беџьан истатиа «Аедыгьа жәлар рҟазараз ажәақәак».

Адыга шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа иара убасгьы икьыҧхьын егьырҭ ашықәсқәа рзы иҭыҵуаз ажурнал аномерқәа акыр рҿгьы.

Иазгәаҭатәуп «Алашара» лассы-лассы ишанылоз даҽа бызшәак ала иҩуаз (иахьагьы иҩуа) аҧсуаа рҩымҭақәа иеиҭаганы: ақырҭшәахьтә — Гь. М. Чачба иҩымҭақәа (иеиҭаргеит Б. Шьынқәбеи Б. А. Гәыргәлиеи), аурысшәахьтә — Ф. А. Искандери (иеиҭаргеит Ш. Р. Аҟәсба, Кә. Шь. Ломиа, Џь. Б. Аҳәба, С. Агәмаа-ҧҳа, B. Л. Аҵнариа, В. Џь. Амаршьан, В. К. Занҭариа), Гь. Д. Гәлиеи (иеиҭаргеит М. Л. Аҳашба, Кә. Шь. Ломиа, М. Т. Лашәриа, Н. Ҷ. Ҳашыг, В. Џь. Амаршьан, Н. Ҭ. Кәыҵниа, В. Ҷолариа, Е. Арџьениа), Е. Ф. Басариа-ҧҳаи (иеиҭеигеит А. Н. Гогәуа) уб. егь. рҩымҭақәа.

Ажурнал иара убасгьы иалшаз маҷым алитератураҭҵаареи акритикеи рырҿиаразы. Аханатәгьы уи ианылон алитератураҭҵааҩцәеи, акритикцәеи, ашәҟәыҩҩцәеи, аҧхьаҩцәеи рыстатиақәеи ррецензиақәеи алитературатә процесси, апоетцәеи апрозаикцәеи рышәҟәқәеи рырҿиареи ирызкны.

«Алашара» аредакциа хынтә иеиҿнакааит амилаҭтә литература аҿиара еиуеиҧшым азҵаарақәа ирызку аимак-иаҿакқәа. Актәи аимак-аиҿак рызкын аҧсуа литература аҿиаpaмҩa апериодқәа, уи хациркит Ш. Д. Инал-иҧа 1958 шықәсазы аномер 6 ианиҵаз астатиала. Анаҩс 1959 шықәсазы ажурнал ианын Вианор Занҭариеи Гь. К. Гәыблиеи рыстатиақәа (№№ 5, 6); 1960 шықәсазы аимак-аиҿак рҽаладырхәт Хә. С. Бӷажәба, Ш. Хь. Салаҟаиа, Ҷ. Коӷониа, Н. П. Лакоба.

Аҩбатәи аимак-аиҿак азкын аҧсуа жәабжь. Раҧхьатәи астатиа иҩит А. А. Аншба, истатиа «Иахьатәи аҧсуа жәабжь аҿиараҿы иҟоу хырхарҭақәак» анылеит «Алашара» 1970 шықәсазтәи 7-тәи аномер. Уи рҽаладырхәт С. Л. Зыхәба (1970. № 8), Б. А. Гәыргәлиа (1970. № 9), Шь. К. Царгәыш (1970. № 10), В. Л. Аҵнариа (1970. № 11), A. Н. Гогәуа (1970. № 12), Ш. Хь. Салаҟаиа (1971. № 1), Ш. Д. Инал-иҧа (1971. № 2).

Аҧсуа лирика иазкыз ахҧатәи аимак-аиҿак алагеит В. Л. Аҵнариа истатиа «Ахушҭаареи амцабзи. (Ҳаамҭазтәи аҧсуа лирика амҩақәак, аформақәак, аиҿыхарсҭақәак)» ала (1984. № 6). Аицәажәара иацырҵеит В. К. Занҭариа (1984. № 7), В. П. Анқәаб (1984. № 8), А. А. Аншба (1984. № 9), Р. И. Ебжьноу (1984. № 10), А. Н. Гогәуа (1984. № 12), Т. Шь. Аџьба (1985. № 1), З. Џь. Џьапуа (1985. № 2), С. Х. Ҭаркьыл (1985. № 3), Р. Хә. Қапба (1985. № 4), Ш. Д. Инал-иҧа (1985. № 5), Хә. С. Бӷажәба (1985. № 6), Б. А. Гәыргәлиа (1985. № 7).

Хыхь зыӡбахә ҳҳәаз авторцәа рнаҩс ажурнал адаҟьақәа рҟны рыстатиақәа ркьыҧхьуан: И. Гь. Папасқьыр, Ш. Л. Ҵәыџьба, Ҷ. М. Џьонуа, А. Н. Џьонуа, Б. Шьынқәба, И. К. Ҭарба, Гь. Д. Гәлиа, Кә. Шь. Ломиа, А. Х•. Арг•ын, М. К. Делба, В. С. Занҭариа, М. Гь. Папасқьыр, Ш. Р. Аҟәсба, М. Г. Ладариа, С. Л. Зыхәба, В. В. Дарсалиа, А. Шь. Зыхәба, М. И. Миқаиа, Т. М. Ҷаниа, В. Б. Агрба, М. Т. Лашәриа, Н. Ҭ. Кәыҵниа, В. Џь. Амаршьан, Н. Ҷ. Ҳашыг, Џь. Б. Аҳәба, А. Кә. Мықәба, И. И. Кәыҵниа, Р. Ӡ. Лашәриа, Ц. Бениа-ҧҳа, Г. Шь. Аламиа, Вл. Аҳашба, Виач. А. Бигәаа, В. А. Кәаӷәаниа, У. Ш. Аҩӡба, Ҭ. Шь. Џьапуа-ҧҳа, Н. Киут-ҧҳа, Д. Аџьынџьал-ҧҳа, З. Џь. Аџьапуа, А. И. Лагәлаа, Гә. В. Сақаниа-ҧҳа, В. Кәакәасқьыр, Д. К. Наҷҟьебиа, З. Шь. Ҭҳаиҵыкә-ҧҳа, Е. Коӷониа-ҧҳа уб. егь. Ианылон иара убасгьы егьырҭ амилаҭқәа ирхаҭарнакцәоу алитератураҭҵааҩцәа аӡәырҩы (К. Л. Зелински, А. Малиутина, Е. Н. Ишьченко, В. В. Кожинов, М. М. Циколиа, О. Г. Ҷурӷулиа уб. егь.) рыстатиақәа.

 

«Алашара» адаҟьақәа рҟны икьыҧхьын аҧсуа бызшәа иазкыз астатиақәа рацәаны. 1976–1977 шықәсқәа рзы имҩаҧган аҧсуа бызшәа аҩышьаҧҟарақәа ирызкыз аимак-иаҿак; хықәкыла ирзааҭгылан: аҧсуа орфографиеи апунктуациеи рызҵаарақәа; антропонимқәеи, анбан дуқәеи аббревиатурақәеи, аҧхьаӡара хьыӡқәеи, ацынгылақәеи, ажәамҧсахқәеи, ажәаҳәа хуҭақәеи, абжьыҟақәеи рҩышьа ҧҟарақәа. Аимак-иаҿак рҽаладырхәт: К. С. Шьаҟрыл, Ш. Ҟ. Арсҭаа, Л. П. Ҷкадуа, Н. Ҳ. Аӡын-ҧҳа, Т. Хә. Ҳалбад, Ҭ. П. Шьаҟрыл, В. Ҳ. Конџьариа-ҧҳа, В. А. Амҷ-ҧҳа, Н. В. Арыш-ҧҳа, В. Мқан-ҧҳа, С. А. Амҷ-ҧҳа, Р. К. Гәыблиа.

 

Аҭоурыхтә статиақәа рыгәҭаны аҭыҧ ду ааныркылон Аҧсны Асовет мчра ашьақәыргыларазы ақәҧара иазку аусумҭақәа (авторцәа: Гь. А. Ӡиӡариа, Б. Е. Саӷариа, А. Е. Кәыпраа уб. егь.). Ҷыдала рыӡбахә ҳәатәуп ажәытәӡатәи аамҭа инаркны иахьанӡа Аҧсны аҭоурых аазырҧшуаз астатиақәа: Р. А. Хонелиа «Аҭоурыхҩҩы Степанос Таронеции Аҧсуа ҳәынҭқарра аполититикатә ҭоурых азҵаарақәаки»; М. Гәынба «Аҧсҳа Леон I иҭоурых аҟнытә», «Кумурдотәи анҵареи Аҧсны аҭоурых аҟнытә зҵаараки»; Гь. А. Амҷба «Аҧсуааи арабцәеи реибашьрақәа рыӡбахә ажәытәтәи ақырҭуа ҩымҭақәа рҿы»; В. Ԥ. Ԥачлиа «Ажәытәӡатәи аҩыра абаҟа»; Е. Кь. Аџьынџьал «Аҧсуа ҳәынҭқарцәа ирызҩыз салам шәҟәқәак», «Мықәтәи аныхабаа — ақәра ду нызҵыз рмузеи»; Вл. Џь. Аҩӡба «Аҧсны аҳра-тәра аҧыхреи амҳаџьырреи рзы зҵаарақәак»; «Аҧсны анхаҩтә реформа ашьҭахь анхаҩыжәлар рықәгылара»; С. З. Лакоба «Аполитиказы Урыстәылаҟа иахыгаз аҧсуаа»; Г. Џь. Гәымба «Ажәытәӡатәи аҩыратә хыҵхырҭақәа рҿы»; Р. Н. Кациа «Генуиа Мраҭашәаратәи Кавказ имҩаҧнагоз аекономикатә експансиа»; А. Габелиа «Аҧсны адгьылқәаарыхра Колхидатәи акультура аепоха аан»; М. С. Ҭҳаиҵыхә «Аҧсуааи абазақәеи рхылҵшьҭра иазкыу аҳәамҭақәа»; Б. Е. Саӷариа «Македониатәи аҧсуаа»; Б. Шынқәба «Аҵыхәтәантәи Аҧсны аҳцәа рзы ажәақәак»; А. Кә. Мықәба «Саҭеман инаиркны... (Аҧсны аҳцәа Чачба-Шервашиӡе рхылҵшьҭра)»; И. Р. Марыхәба «Аҧсны ахҭысқәа: 45 шықәса раҧхьа»; Е. Чкок «Афон-Ҿыцтәи аберҭыҧ шеиҿыркааз», «Афонҿыцтәи ауахәама аҭоурых аҟынтә»; аетноним «обези», аҧсуа жәлар рдоуҳатә культура ашьҭамҭақәеи, И. А. Гиульденштедти Ф. Ф. Торнауи рҩымҭақәеи, Л. И. Лаврови, Е. П. Алексееваи, Г. В. Цулаиеи, Ҭ. В. Гамкрелиӡеи аҧсуаа рҭоурых азы ргәаанагақәеи ирызку А. Л. Папасқьыр иусумҭақәа; Аҧсны XIX–XX ашәышықәса алагамҭеи рзы имҩаҧысуаз ахҭысқәа аазырҧшуа В. Л. Бигәаа истатиақәа уб. егь. Иалкаатәуп археологиатә ҧшаахқәа ирыдҳәалоу аматериалқәа: Иу. Н. Воронов «Клыхура акаҵәара аҟынӡа...»; И. Н. Воронов, Гь. К. Шамба «Диоскуриада иазкыу аматериал ҿыцқәа»; В. Бжьаниа «Ажәытәтәи акультурақәа рбаҟа ҿыц»; Гь. К. Шамба «Ажәытәӡатәи монетақәак ирызкны»; О. Хә. Бӷажәба «Дырҩегьых Аҟәатәи абаа иазкны», «Ажәытәтәи аҧсилаа ржьиратә напҟазара»; И. Ҵнариа «Ауаатәыҩса рҿиара аҭоурых ашьҭақәак Аҧсны атерриториаҿы»; «Атәыҩа зхагылоу анышәтә лаба хәыҷқәа рзы ажәақәак»; Л. Г. Хрушкова «Ҵабалтәи ҧшаахқәак ирызкны»; В. В. Бжьаниа, Е. К. Аџьынџьал «Аинар иҳаҧы амаӡа» уб. иҵ.

Рыӡбахә мҳәакәа узрывсуам аетнографиатә усумҭқәа: Қьачныхеи ажәлар рымшгәаҭагақәеи ирызку Гь. А. Амҷба истатиақәа; аҧсуаа рнапҟазаратә рҿиамҭақәеи, амаденҵхреи, аихаӡарҭәареи, ажьиреи, аҧсуаа иахьатәи рыбзазареи, рысасдкылареи, рыҧсхәурқәеи, рчара дуқәеи ирызку И. Гә. Аргәын иусумҭақәа; амилаҭтә традициақәеи аҧсуа маҭәеи рҷыдарақәа аазырҧшуа Е. М. Малиа лыстатиақәа; Аҷара инхо aҧcyaa рҭаацәаратә еизыҟазаашьақәа рҭоурых иазку Ҭ. А. Ачыгәба иусумҭа убас егьырҭгьы.

 

«Аҟазара» арубрика аҵаҟа икьыҧхьын аҧсуа театри, актиорцәеи, акәашаҩцәеи, асахьаҭыхыҩцәеи ирызку Ан. Кациа, Иу. Гериа, А. Хә. Аргәын, Б. М. Аџьынџьал, В. Кәакәасқьыр, А. И. Лагәлаа рыстатиақәа.

 

Ажурнал адаҟьақәа рҟны иуҧылоит егьырҭ арубрикақәа рацәаны: «Ашәҟәыҩҩы иқәгылара», «Ажәабжьаршәқәа», «Аешьаратә литература аҟнытә», «Иахьатәи ҳамшқәа рочеркқәа», «Аиҩызаратә шаржқәа», «Ареволиуциатә қәҧара адаҟьақәа», «Жәлар рырҿиамҭа», «Афольклор», «Адокументқәа ирҳәоит», «Аспорт», «Амузика», «Аиҩызаратә шаржқәа», «Аочерк», «Арҵаҩы иҟаиҵо абжьагарақәа», «Атәылаҵара», «Алитературатә ҭынха», «Арҵаҩы ланҵамҭақәа», «Иҟалаз-инылаз» (ма «Иҟалахьоу-инылахьоу»), «Алитература азҵаарақәа», «Аҧхьаҩ иажәа», «Ашәақәа», «Ашәҟәы ҿыцқәа», «Хашҭра зқәым ауаа», «Афелиетонқәа», «Алафқәа», «Ажурнал “Алашара” анкета», «“Алашара” аҧошьҭа», «Ажәлар рҳәамҭақәа», «Жәлар рҳәамҭа хьыршәыгәқәа», «Афольклорҭҵаара», «Атеатр», «Ажәа рымоуп ажурнал “Алашара” аҧхьаҩцәа», «Асатира акәакь» (ма «Асатиреи аиумори»), «Ҳара ҳкалендар», «Агәалашәарақәа», «Апублицистика», «Ауаҩи аҧсабареи», «Арецензиақәа», «Амҩа лаша», «Aбызшәа шьаҭамырӡгоуп», «Ҳара ҳасасцәа», «Аҵарауаҩ изы ажәа», «Аныҟәаҩ ианҵамҭақәа», «Ашәҟәыҩҩы ианҵамҭақәа», «Амшыннырцәтәи аҧсуаа ражәа сахьарк», «Ирӡтәым ажәақәа», «Аҽеиҭакра амҩала», «Апоет изы апоет», «Аҧсны асасцәа рыблала», «Аҩыза изы ажәа», «Ашәҟәыҩҩцәа — рхы иахҳәааны», «Ашәҟәыҩҩы иажәа», «Апоет иархив аҟнытә», «Зыхьӡ ырӡтәым ауаа», «Ашәҟәыҩҩы иблала», «Алитературатә еимадарақәа», «Аҵарадырра», «Аҧхьаҩ игәаанагара», «Аҧсны афырхацәа», «Аҧсуара», «Аибашьҩы ианҵамҭақәа», «Иҳацрымҵуа иҳацу ацәаҳәақәа», «Игәхьааго ажәеинраалақәа», «Ахьыӡ ҿыц» (ма «Ахьыӡ ҿыцқәа»), «Апоезиахь ахынҳәра», «Ҳахьӡ ҭызго», «Ҳқьабзқәа ҳрыхӡыӡаалап», «Ҳаҧхьаҩцәа рҩымҭақәа», «Мшыннырцәтәи ҳаҳәшьцәа ражәабжьқәа», «Жәеинраалак аҭоурых», «Сара сшыҩуа», «Ҭырқәтәылантәи анҵамҭақәа», «Ашәҟәыҩҩы — ашәҟәыҩҩы изы», «Аредакциахь ашәҟәқәа», «Иаҳхамышҭуа ахҭысқәа», «Арҿиаратә мҩа иқәлаз», «Аҩыза игәалашәара», «Агәҭыхеибыҳәара», «Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа!», «Аиҧыларақәа», «Аҿар рыҭҵаарадырратә ҧшаарақәа», «Ашәҟәы ҿыцқәа ҳрыхцәажәоит», «Аҧсуа бызшәа — аҳәаанырцәан», «Ааӡара», «Аибашьра иазку ажәеинраалақәа», «Ҳаҧсадгьыл ду ахьчаҩцәа», «Абиҧарақәа реимадара», «Асахьаҭыхҩы иблала», «Ажәлар ражәа иҭамбо ӡыхьуп», «Мшыннырцәтәи аҧсуаа рфольклор», «Ҳаҧсуа қьабзқәа», «Аҵас-қьабзқәа», «Ирӡтәым ҳҵасқәа», «Ахшыҩҵак хьыршәыгәқәа», «Аҟаза игәаларшәара», «Алитературатә хҭыс ҿыц», «Абзиабара иазку ажәеинраалақәа», «Афоризмқәа», «Ҳбызшәа ҳахьчароуп», «Аҭҵаарадырратә ҭынха», «Зтәыла зшьала изкәабаз», «Аибашьра иалаҧшыз лымшынҵақәа», «Аамҭа иазымхәаҽуа», «Апоетцәа рзы апоет иажәа», «Аҭынхажәа», «Аҧсуаа ҳажәаҳәа», «Иҳаҩысхьоу, ҳазмырҭынчуа», «Аҧсны — Ҭырқәтәыла», «Ҳџьынџьуаа рҭынха» уб. егь. Урҭ ирҳәоит «Алашара» ианылоз аматериалқәа шаҟа еиуеиҧшымыз.

Аҵыхәтәан ажәак-ҩажәак рыхҳәаазар ахәҭоуп ажурнал сахьаркырала аиқәршәареи аномерқәа зҭыхымҭақәа анылоз асахьаҭыхыҩцәеи рзы. Иааизаакны иуҳәозар, асахьақәа усҟак ирацәам; 1955–1964 шықәсқәа рзы иҭыҵыз аномерқәа рҟны зны-зынла атекстқәа ирыцын асахьақәа (иҭызхыз еснагь дарбамызт). 1956–1957 шықәсқәа рзы Дырмит Гәлиеи, Иван Папасқьыри, Баграт Шьынқәбеи, Леуа Касланӡиеи, Минадора Зыхәбеи, Шәарах Ԥачалиеи, Шьалуа Инал-иҧеи, Хәыхәыт Бӷажәбеи ирызкны икьыҧхьыз аиҩызартә шаржқәа ирыцын И. Игин иҭыхымҭақәа. 1963 шықәсазтәи 6-тәи аномер ианыз аматериал «Нарҭаа репос аҭҵааҩцәа Зегьеидгылоутәи рконференциа» иацын аҭыхымҭақәа: В. Ершов «Саҭанеи Гәашьа», «Гәында лашьцәеи лареи», «Сасрыҟәа иҽы Бзоу аҭахара иҵәыуеит»; В. Ориолкин «Саҭанеи Гәашьа», «Сасрыҟәа аеҵәа кыдиҧаауеит»; Л. Шервашиӡе «Сасрыҟәа иира». 4-тәи аномер ианыз алафқәа ирыцын А. Краиниуков иҭыхымҭақәа.

Асахьақәеи афотоҭыхымҭақәеи (хадарала Ленин ипатреҭқәа, Москва асахьақәа, Аҧсны еиуеиҧшым аҭыҧқәа, апеизажқәа, аҧсуа шәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи хазы-хазы рпатреҭқәеи гәыҧла иахьеидгылоу аазырҧшуа афотосахьақәеи, аҧсуа спектакльқәа рысценақәа уб. егь.) еиҳарак изнылоз ажурнал ацәа 2–3-тәи адаҟьақәа ракәын. Аханатә ажурнал (ацәа налаҵаны) сахьаркырала аиқәыршәара акыр дацхрааит, уи аҟны лҭыхымҭақәа маҷымкәан илкьыҧхьит З. Аџьынџьал-ҧҳа. «Алашара» еиуеиҧшым аномерқәа рцәақәа 2–3-тәи адаҟьақәа рҿы (иналаршә-ҩаларшәны асхьаркыратә текстқәагьы ирыцны) ианын В. Гагәулиа, Х. Аҩӡба, И. Ҷкадуа, С. Габелиа, Т. Амҧар М. Базба, В. Мхонџьиа, В. Иванба, В. Делба, Н. Ҳалуашь, К. Габниа, В. Ҵәыџьба, Р. Барцыц, П. Цквитариа, Г. Корсантиа, Н. Казанџьи, Р. Ақырҭаа, Г. Нарманиа, З. Ҭыжәба, Р. Габлиа, О. Месхи, Л. Копалиани, Б. Ӷоӷобериӡе, Ҷ. Кукулаӡе, В. Оффман, В. Ориолкин, В. Бернардин русумҭақәа. Афотоҭыхымҭақәа акыр авторцәас ирыман (џьара-џьара урҭ арбаӡам) Г. Альперт, М. Тарасов, И. Чохонелиӡе, В. Меликиан (иҧсевдоним — В. Ажәанба), С. Коротков, Д. Чачхалиа, С. Ешба.

 

                                                                                                               Виачеслав БИГӘАА,
                                                                                       афилолгтатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор