Аҧсуа хәыҷтәы литература аҿиараҿы акырӡа зҵазкуа хҭысны иҟалеит 1957 шықәсазы сахьа хкыла еиқәыршәоу ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аҭыҵра иахьалагаз. Аханатә «Амцабз» Аҧснытәи акоҿареидгылеи В. И. Ленин ихьӡ зхыз Аҧснытәи аобласттә хеидкыла апионертә еиҿкаареи иҭрыжьуан, 1991 ш. раахыс Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәу ҭыжьымҭоуп.
Ажурнал раҧхьаӡа редактор хадас даман К. Шь. Ломиа. Еиуеиҧшым ашықәсқәа раан ажурнал «Амцабз» аредакторцәас иҟан М. Л. Аҳашба, А. Н. Гогәуа, С. Х. Ҭаркьыл, А. Кә. Мықәба, В. А. Кәаӷәаниа. 2007 ш. раахыс аҭыжьымҭа редактор хадас дыҟоуп И. Н. Аҳашба.
_____________________________________________
Ажурнал «Амцабз» 2016 Ажурнал «Амцабз» 2026
Ажурнал «Амцабз» 2017
Ажурнал «Амцабз» 2018
Ажурнал «Амцабз» 2019
Ажурнал «Амцабз» 2020
Ажурнал «Амцабз» 2021
Ажурнал «Амцабз» 2022
Ажурнал «Амцабз» 2023
Ажурнал «Амцабз» 2024
Ажурнал «Амцабз» 2025


