Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

ИАХЬА НИКӘАЛА КӘЫҴНИА ДИИЖЬҬЕИ 85 ШЫҚӘСА ҴИТ





13.03.2023
Никәала Ҭарашь-иҧа Кәыҵниа диит (13.03.1938) Очамчыра араион Аҭара ақыҭан (иԥсҭазаара далҵит – 23.11.2020 ). Аҧсуа поет, апрозаик, апублицист, аиҭагаҩ СССР-и (1979), Аҧсни, Урыстәылеи (1999) рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан.
Аҵара иҵон Аҭара, нас – Аҟәатәи абжьаратәи аҧсуа школқәа рҟны. Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә ҵараиурҭеи (1959) А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институти (1964), А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институти дрылгеит. 1960 ш. инаркны аус иуан Аҧсуа радио адикторс. 1984 ш. нахыс – 2004 ш. рзынӡа – ажурнал «Алашара» аредактор хадас, 2004 ш. инаркны 2010 ш. рзынӡа Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс дыҟан.
Акьыҧхь аҟны дцәырҵит 1955 ш. инаркны. Ирҿиамҭақәа рнылон ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», «Аҧсны», «Советская Абхазия», «Республика Абхазия», «Еҵәаџьаа», «Литературная газета» (Москва); аизгақәа «Ерцаху», «…Памятник нам сыновей не заменит…», «Стихи и песни» (Аҟәа, 1994), «Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа, Астатиақәа. – Песнь мужества. Стихи. Рассказы. Статьи» (Аҟәа - Сухум, 1995), Нхыҵкавказтәи ашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа реизга «Война длиною в жизнь» (М.., 2007) уҳәа егьырҭгьы. Иажәеинраалақәа жәпакы агәылалеит «Аҧсуа поезиа антологиа ХХ ашә.» (Аҟәа – Москва, 2001; 2009).
Иҭижьит 20 инареиҳаны ажәеинраалақәеи, апоемақәеи, ажәабжьқәеи, аповестқәеи, ароманқәеи, афоризмқәеи еидызкыло ашәҟәқәа. Аурысшъахь еиҭаганы иҭыҵхьаз ишәҟәқәа иреиуоуп: В ожидании чуда. Стихи. М., 1974; Праздник. Повести и рассказы. М., 1988.
Н. Кәыҵниа дырдыруан иара убас еиҭагаҩны. Аҧсшәахь еиҭеигеит аурыс, аукраин, ақырҭуа, аерман уҳәа ашәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы рырҿиамҭақәа. Урҭ иреиуоуп: А. С. Пушкин, Н. А. Некрасов, А. А. Блок, К. М. Симонов, Е. А. Евтушенко, Р. И. Рождественски, А. А. Вознесенски, Ҟ. Ш. Кулиев, Е. Межалаитис, Р. Г. Гамзатов уҳәа ражәеинраалақәа. Хазы шәҟәны иҭижьит Г. Табиӡе иажәеинраалақәа реизга, Ч. Амиреџьиби ироман «Даҭа Ҭуҭашхьиа», Л. Н. Толстои иповест «Иван Илиа-иҧа иҧсра», И. С. Тургенев иповестқәа реизга «Раҧхьатәи абзиабара», И. Бунин иповестқәеи иажәабжьқәеи, Г. Маркес иповест «Ирылаҳәаз ауаҩшьра аҭоурых ахроника», Д. Гурамишвили – «Давиҭиани» аҟнытә ахқәа, Ф. Шиллер, У. Шекспир ртрагедиақәа.