
15.03.2023
Март жәохә рзы Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа 91 ш. ихыҵуеит. Уи имшира инамаданы аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыхьӡала Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла идныҳәалоит. Агәабзиареи, агәамчи, ақәра дуи, арҿиара агәацԥыҳәареи игымзааит.
Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиеи «Ахьӡ-Аԥша» аорден актәи аҩаӡареи занашьоу жәларбжьаратәи Адыгатә Академиа ҳаҭыр зқәу алахәыла, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу адоктор, заԥҵамҭақәа еиуеиԥшым алитературатә конкурсқәа рҟны иалыркаахьоу, мшаҽнеиԥш шьардаамҭа иуаажәлар дрылагылазааит.
Аԥсҭазаараҿы, аханатә еиԥш иԥсадгьыл агәеисра дацуп, ижәлар рыгәҭа дгылоуп. Аҩажәатәи ашәышықәсазы Аԥсны знысыз амҩан ижәлар рыцәгьеи рыбзиеи далахәын, рҿахәҳәаҩцәа дреиуан. Здунеихәаԥшреи зырҿиара амҽхаки акыр иҭбаау ашәҟәыҩҩы ижәлар рԥеиԥш акыр инарҵауланы дазхәыцуан, хьысҳарак рнымԥшыр иҭахын. Убри аҟнытә, уаанӡеиԥш, 1980-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Аԥсны ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа анҭышәынтәаламыз, иара дназлаз аҵеицәа нагақәа рыбзоурала иаԥҵаз ауаажәларратә еиҿкаара - Аԥсны жәлар рфорум «Аидгылара» раԥхьатәи ахантәаҩыс дыҟан. 1989 ш. акәзар, СССР Жәлар рдепутатрахь (1988-1991) иалырхыз аԥсуа жәлар рҵеицәа хатәрақәа аа-ҩык дыруаӡәкын.
Иахьанӡа иҭижьхьоу ашәҟәқәа рхыԥхьаӡара наӡоит 35 рҟынӡа.
Аҟәа, Москва, егьырҭ ареспубликақәа уҳәа рҟны иааиԥмырҟьаӡакәа аԥхьаҩцәа ироуан ирҿиамҭа ҿыцқәа еидызкылоз ашәҟәқәа реиҭагақәа. Аурысшәахь еиҭаганы Москва иҭыҵхьоу иреиуоуп: «Река спешит к морю» (1960), «Вкус воды» (1974), «Время оленьего зова» (1981), «За семью камнями»(1984), «Дикая азалия» (1988). Аҟәа иҭыжьын: «Асду» («Большой снег») (2002, 2016), «Произведения» (2-томкны, 2009, 2010) уҳәа егьырҭгьы.
Ирҿиаратә мҩа аҟны еснагь аҭыԥ ҷыда ааннакылоит апублицистика. Ҳажәлар ржәытә-рҿатә, изхысхьоу, изҭагылоу аамҭа иацу ауадаҩрақәа, рдоуҳа амырӡра, рхатәы бызшәа аҭагылазаашьа, уи аиқәырхашьа уҳәа ирызку шәочеркқәа, шәыстатиақәа, шәессеқәа еснагь ихшыҩрҵагоуп, имҩақәҵагоуп, амилаҭ хдырра ашьҭыхраҿы хәарҭара рылоуп.
Иҩымҭақәа еиҭагоуп ԥыхьатәи Асовет Еидгыла еиднакылоз амилаҭқәа рбызшәақәа рахь, европатәи абызшәақәеи аиапон бызшәеи убрахь иналаҵаны.
Еиуеиԥшымыз аделегациақәа дрылахәны акырынтә днарԥхьахьан Урыстәылеи егьырҭ аҳәаанырцәтәи атәылақәеи рҟны имҩаԥысуаз еиуеиԥшым афорумқәа рахь. Зныкымкәагьы дықәгылахьеит Ниу-Иорк, Лос-Анџьелес, Хельсинки, Сҭампыл, Дамаск, Минск, Москва уҳәа ақалақьқәа рҟны.
Ирҿиара амҽхак шыҭбаау шьақәнарӷәӷәоит аԥсшәахь иахьеиҭеигахьоу аҳәаанырцәтәи ашәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа, ҳмилаҭтә литература ирбеиеит иаагозар, Ф. Достоевски, Л. Толстои, А. Платонов, К. Федин, Ернест Хемингуеи, Карло Коллоди уҳәа рҩымҭақәа рыла.