Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

ВЛАДИМИР АНҚӘАБ ДИИЖЬҬЕИ 95 Ш. ҴИТ





23.02.2023

Апоет, алитератураҭҵааҩ, ауаажәларратә усзуҩы Владимир Анқәаб диижьҭеи 95 шықәса ҵит.

Владимир Платон-иҧа Анқәаб диит (23.02.1928) Гагра (иԥсҭазаара далҵит – 14.11.1987, Москва).

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны дырҵаҩын, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат аҧсуа литература акафедра деиҳабын, доцентын. СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан.

Абжьаратә школ даналга, 1954 ш. дҭалоит А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт, 1956 – 1961 шықәсқәа раан А.М.Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт аҟны аҵара иҵон. 1968 – 1970 шықәсқәа рзы акәзар, Москватәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аспирантура дҭан. 1970 ш. ихьчеит акандидаттә диссертациа М.Лакрба ипрозеи аҧсуа новеллеи ирызкны.

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Владимир Анқәаб арҵаҩратә институт (ашьҭахь – ауниверститет) аҟны 1975 ш. инаркны аҧсуа литература акафедра деиҳабын. «Аҧсуа шәҟәы» ҳәа хьӡыс изауз знапы аҵаҩыз 130-ҩык дыруаӡәкын. Уи дахырҟьаны акафедра анапхгара аҟнытә ихы дақәиҭтәын.

1954 ш. агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны») ианылеит раҧхьатәи иажәеинраалақәа. Анаҩс иажәеинраалақәеи алитератураҭҵаара иазкыз истатиақәеи рнылон ажурнал «Алашара», агазеҭ «Советская Абхазия» уҳәа.

Аҟәа иҭыҵит жәаба инареиҳаны ипоезиатә рҿиамҭақәеи алитератураҭҵаара иазку иусумҭақәеи хазы шәҟәқәаны. Урҭ иреиуоуп: «Сышьха ӡиас». Ажәеинраалақәа, 1958; «Бзыҧ аҧшаҳәа». Ажәеинраалақәеи абалладақәеи, 1960; «Сара сыбзиабара». Ажәеинраалақәа, 1964; «Абрыскьыл». Ажәеинраалала иҩу ароман, 1966, 1978; «Сышьха каҵәара». Ажәеинраалақәа, 1971; «Асхыс». Ажәеинраалақәеи апоемақәеи, 1975; «Ааҧыни анаҟәи». Ажәеинраалала иҩу ароман, 1980; «Иалкаау. Сышьха ӡиас». Ажәеинраалақәа, апоемақәа, ароман, 1989; «Иҩымҭақәа»: х-томкны, 1-2-тәи атомқәа, 2010 – 2011; аҭҵаарадырра иазку: «Аҧсуа новеллақәа». Алитература-критикатә очеркқәеи, астатиақәеи, арецензиақәеи, 1968; «Аҧсуа проза ашьақәыргылареи аҿиареи (1918 – 1948 шш.)», 1979; аурысшәахь еиҭаганы иҭыжьуп: «Жизнь продолжается». Ажәеинраалақәа, М., 1965; «Абрыскьыл». Ажәеинраалала иҩу ароман, М., 1972.