2024 ш. ноиабр 17 рзы Аҧсуа литература ашьаҭаркҩы, Аҧсны жәлар рпоет
Д. И. Гәлиа диижьҭеи 150 ш. аҵра аиубилеи азгәаҭаразы С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны имҩаҧысыз агәырӷьаратә еилатәараҿы Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу иқәгылара аҟнытә
Аҧсуа доуҳатә культураҿы Дырмит Иасыф-иҧа Гәлиа иааникыло аҭыҧ ҳажәлар рҭоурых аҟны еицакра ақәымкәа иаанхоит. Уи дцәырҵит аҧсуаа рыҿиара амҩаҿы даҽа етапк иананылоз. Егьырҭ ажәларқәа ирылагыланы ҧхьаҟа ицаларц азы ахеиқәырхара аҭахын. Рхатәы бызшәеи рмилаҭ хаҿреи рцәымӡразы зыҧсы ҭаз рыҩнуҵҟатәи ргәамч анарха иазхәыцлатәын.
Аҧсуа игәаӷь рызҧымҽит ҳажәлар азеижәтәи ашә. ирхыргаз, хаҭала Д. Гәлиа иҭаацәа ӷәӷәала ирхьысыз игәыҭшьаагаз аамҭақәа. Ҩаҧхьа аҽеидкылара, аҽеиҿкаара амҩа ианылатәын.
1892 ш. Д. Гәлиа Аҟәатәи ашьхарыуаа ршкол ахылаҧшҩы К. Маҷавариани дицырхырааны аурыс графика шьаҭас изауз «Аҧсуа анбан» еиқәиршәеит, егьҭыҵит. Уи нахыс инапы алакын адинхаҵара иаҵанакуаз алитература аиҭагарагьы.
Д. Гәлиа дышнеишнеиуаз арҵаҩра азин шимаз ала аршаҳаҭга иоуит. Уи нахыс рҵаҩыс аус иуан еиуеиҧшым ақыҭа школқәа рҟны. Есааира агәра игон ижәлар аамҭа рҽақәыршәаны ҧхьаҟа инеиларц азы ашколқәа раартреи аҵара-ааӡара аус аиҿкаареи рыда ҧсыхәа шыҟамыз.
Убри аҭоурыхтә аамҭа далнахит, дцәырнагеит, дӡырнагеит Дырмит Гәлиа. Ҳәарада, ареволиуциа ҟалаанӡагьы аҧсуа интеллигенциа еиҵагылахьан, аҵара змаз ахатәрақәа цәырҵхьан, аха урҭ рхатәы бызшәала иазыҟаҵамызт. Ақыҭа рҵаҩы иныруан ижәлар рхатәы бызшәала аҩреи аҧхьареи дырҵара инаҧшьны амилаҭтә литература рымазар шахәҭаз. Уи аамҭа ахаҭа иҵанаҳәон. Иҽҧишәогьы далагеит ихатәы жәеинраалақәа рыҩраҿы. Убас, 1906-1907 шш. инадыркны асахьаркыратә литература дазхьаҧшит. Араҟа агәацҧыҳәара изҭоз ируакын, хымҧада, жәытәнатә аахыс ҳажәлар иаҧырҵахьаз рҿаҧыц рҿиамҭақәа.
Абасала, аамҭа ҿыц далиааит адоуҳатә ҧыза.
Дырмит имра ашәахәақәа лашаӡа жәлар ргәаҵа иҭаҧхеит. Дшыхәыҷыз зыжәлар гәакьа рхьаа знырхьаз арҧыс даныҩеидас ьхықәкыс ишьҭихит ижәлар рҧеиҧш лаша азықәҧара. Жәлар рҿахәы аҳәара ҳазшаз зегьы ираҭәеишьом, араҟа даҧсаны даликааит Дырмит Гәлиа.
Асахьаркыратә литература ауасхыр аназышьҭеиҵоз, хымҧада, иара изы акырӡа аҵанакуан ажәлар рыҩнуҵҟа ишрыдыркылоз. Усҟан аҩреи аҧхьареи здыруаз даараӡа ишмаҷҩызгьы, изаҳауаз имадырҽхәон, игәы азҭарҵон.
Дырмит Гәлиа инапы злакызаалакгьы ихыҧша аныҧшуан. Уи иалнаршон иреиӷьыз аҵеицәа икәша-мыкәша рыҟазаара, идырреи, иҧышәеи, иабжьагажәеи дара рзы еснагь хәарҭара алан, имҩақәҵаган.
Дырмит Гәлиа алитератураҿы, амилаҭтә культураҿы иибоз аихьӡарақәа агәахәара шинаҭозгьы, еснагь игәы иҵхоз азҵаарақәа рацәан. 30-тәи ашықәсқәа инадыркны 1954 ш. азынӡа аҧсуа алфавит зныкымкәа аҧсахра алитературеи акультуреи рыҿиара ишаҧырхагаз ибон. Қырҭтәыла имҩаҧнагоз амилаҭеилыхратә политика иахҟьаны 1947 ш. аҧсуа школқәа раркра ҳдоуҳатә ҧыза ду даара ихьааигеит, аамҭак азы дагьарчмазаҩит.
1946 шықәсазы иадыркит аҧсуа школқәа. Сталин данҧсы ашьҭахь ауп абри азалымдара анырҽеиз. 1954 ш. ҩаҧхьа аҧсуа школқәа аартхеит.
Дырмит Гәлиа дызхааныз аамҭа шаҟа инаскьо аҟара ҳазниҵаз амҩа ада ҧсыхәа шҳамам ҳаилнаркаауеит. Ҳанацәхҟьагьы – цәгьароуп, аҵх лашә иалахаз ҳиеиҧшхоит, ҳаҧсадгьыл аҟны ҳаҧсҭазаара, ҳанхара-ҳанҵыра, адунеи ҳақәзаара аҵакы ацәыӡуеит. Башаӡа имҳәеит Дырмит Гәлиа агазеҭ «Аҧсны» раҧхьатәи аномер (1919 ш.) актәи адаҟьа ианиҵаз икьыҧхьымҭаҿы: «Иаарласны егьырҭ амилаҭқәа реиҧш ҳамҿыхар, ҳбызшәа аҵара ҳаламгар, ҳара аҧсацәа ҳтәы егьыҟам, егьырҭ амилаҭқәа ҳрылаӡҩахоит, ҳабжьаӡуеит, ҳаиасуеит…»
Дырмит Иасыф-иҧа ихьӡ ҳахӡыӡаауанаҵы, идунеихәаҧшра ҳазааигәанаҵы милаҭҵас, жәларҵас ҳхатә ҳәынҭқарра арҿиара амҩа ҳанызаауеит.
Ахатәы бызшәа аҭагылазаашьа иахьагьы актуалра шалоу, иҵарны ишықәгылоу иаанхоит, иҟалап еиҳагьы ашәарҭара иҭагылазар. Дырмит ду идоуҳа алаҧшҳәаа ҳаҵымшәарц, ҩаҧхьа иҭынха ҳазхьаҧшлароуп.
Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент рацәак ҵуам иҿцәажәарақәа руак аҟны иҳәеижьҭеи: «Изаҳҭахузеи ҳара ари адунеи, уаҟа Урыстәыла ҟамлозар». Нас, изаҳҭаххарызеи аҧсуаа ари адунеи – Аҧсны ахьыҟамло. Ҳажәлар уи аҩыза аамҭа ҳазшаз ирзааимгааит. Аҭагылазаашьа арҽеиразы – ара зинтеллект ҳараку амчқәа зегьы еилаҵатәуп, еидкылатәуп.
Дырмит Гәлиа иҧсҭазаара, ихатә дунеи ҿырҧшыганы абиҧарақәа рзы иҟазаауеит.
Зыжәлар аҵаралашарахь ирыҧхьоз апоет иҭахын аҧсуа дгьыл аҟны аҧсшәа ықәыҩуазар, ҳажәлар рҧеиҧш ацаҧха абызшәа анапы ишаныз идыруан, еиликаауан, уи ауп иҧсҭазаарагьы зазикыз.
Аханатә Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла еиднакыло аҭаацәара ду даара аҵакы дуны иахәаҧшуеит Д. И. Гәлиа иҧсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи. Убри аҟнытә, 2023 ш. анҵәамҭазы ҳарҿиаратә хеидкыла ахадараҿы ирылацәажәаны ирыдыркылаз ажәалагалақәа зныз ашәҟәы Аҧсны анапхгара, нас – аиубилеи аиҿкааразы иаҧҵахаз аҳәынҭқарратә комиссиа ашҟа инашьҭын. Уа иарбан Д. И. Гәлиа диижьҭеи 150 ш. аҵра аҳаҭыр азы аиубилеитә усмҩаҧгатәқәа реиҿкаараан изызхьаҧштәу ҳәа иазаҳҧхьаӡаз азҵаатәқәа маҷымкәа. Шамахамзар ҳажәалагала ҳасаб рызун.
Аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәарақәа рҟны иаднакылаз ажәалагалақәа рыла, аибашьраан Аӡҩыбжьеи Тамшьи ақәылаҩцәа идырбгаз Д. И. Гәлиа ибиусҭқәа рықәыргыларазы Аҧсны акультура аминистрра асахьаҭыхҩцәа-аскульпторцәа рыбжьара аконкурс рыланаҳәеит. Ҳақәгәыӷуеит аҵыхәтәанынӡа инагӡахап ҳәа. Д.И. Гәлиа аус ахьиухьаз Очамчыра араион Кәтоли, Кындыӷи, Тамшьи рқыҭа школқәа рҟны ашәҟәыҩҩы имемориалтә ӷәқәа ркыдҵара иазырхиоуп. Иара убас ҳажәалагалақәа ҳасаб рзуны, аҳәынҭқарратә комиссиа иаднакылаз аӡбамҭа шьаҭас иҟаҵаны Очамчыра араионтә Еизара излашьақәнарӷәӷәаз ала, Аӡҩыбжьа ақыҭан апарк Д.И. Гәлиа ихьӡ ахҵоуп, насгьы амҳаџьырра ашьҭахь, 1878 ш. инаркны Д. И. Гәлиа иҭаацәа Аԥсныҟа ианыхынҳә иахьынхоз Аӡҩыбжьа ақыҭан амемориалтә ӷәы ашьақәыргылара азгәаҭоуп. Адырра злаҳауз ала, Гәылрыҧшь араион анапхгара рахь иҟаҳҵаз ажәалагала инақәыршәаны Уарча ақыҭа амҩақәа руак Д. И. Гәлиа ихьӡ ахҵоуп.
Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟнытә инашьҭыз ашәҟәы иахаҵгыланы Аҟәа ақалақьтә Еизара аӡбамҭа аднакылеит И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека иахьаҧну, амшын аҧшаҳәаҿы иҟоу апарк Д. И. Гәлиа ихьӡ зху аҧсуа шәҟәыҩҩцәа рпарк акәны аиҿкааразы.
Аиубилеи инамаданы Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ҷыдала Д. И. Гәлиа иҧсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ирызку апоезиеи, апрозеи, апублицистикеи ржанрқәа рзы ирыланаҳәаз аконкурс аҟны зҩымҭақәа алкаахауа ашәҟәыҩҩцәа апремиақәа ранашьахоит.
Д. И. Гәлиа иазгәеиҭахьан: «Ажәлар хәыҷгьы ирымазарц рылшоит алитература. Сара убри ӷәӷәала агәра ганы сыҟоуп. Убри аҟнытә сара сколлегацәа, иналкааны идуум ажәларқәа рхаҭарнакцәа рахь ааҧхьара зуеит, урҭ ирылшо зегьы ҟарҵарацы аҟазара дуи алитература дуи рыманы иҟазарц».
Дырмит Гәлиа ихациркыз, зхыҵхырҭаҿы дгылаз зегьы рыгәра игон, ахаангьы лакҩакрак инымҧшыцызт. Убри агәрагара рылаиааӡон икәша-мыкәша иҟаз. Апоет илеиҵаз ажәла аҿа ахылҵит, иҿиеит.
86 шықәса ирҭагылаз Дырмит Гәлиа дычмазаҩны данышьҭаз, зыжәлар рҧеиҧш иазықәҧаҩыз идыруан игәеисра ҿҳәарак шазҧҵәазгьы. Аха Дырмит ду иҧсҭазаара аҵла амахәҭақәа аанахәахьан, иџарџаруа ирызҳахьан.
1960 шықәса апрель 7, ахәылҧаз, асааҭ 5 рзы Дырмит Гәлиа игәеисра аангылеиит, иҿахҵәеит акыр аҧышәарақәа ирхысхьаз, ириааихьаз иҧсҭазаара, аха ҳажәлар рыҩнуҵҟа уи ихьӡ ахаангьы хашҭра ақәым.
Дырмит Иасыф-иҧа Гәлиа лашарбагаҵас, аҧсуаа рымҩа дацзаауеит, избанзар уи ишьхацамҩа ҿырҧшыгоуп, ҧхьаҟацагоуп, даҽакы иалаҩашьом, ижәлар ацәхымҟьаразы инижьыз ишьҭа узырбаша аҳарҩақәа шьҭеиҵеит. Дырмит ду иҳарҩақәа аҧсуа дгьыл ианымҵааит, аҧсуаа рымҩа еиҧҟьара ақәымзааит.


