Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

АӠЫХЬ АҚӘАРШҨЫ ИАЗЫРХӘАШЬУАМ



01.02.2021

АӠЫХЬ АҚӘАРШҨЫ ИАЗЫРХӘАШЬУАМ

Иҳаҩсыз ашықәс азы русура еихшьалауа

Ҵабыргны, ииасыз ашықәс акырӡа ауадаҩрақәа ацын. Адунеи зегьы зымҽханакыз ачымазара ҿкы Аҧснынӡагьы иааӡеит. Зекономикатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәаламыз ҳтәылазы, еиҳагьы апроблемақәа цәырнагеит, ачымазцәа  рыхәшәтәра агәцаракразы ахарџьқәагьы маҷымкәа иақәырӡтәхеит. Иахьа уажәранӡагьы аҭагылазаашьа рацәак уеигәырӷьартә иҟам. Абарҭқәа зегьы, хымҧада, адоуҳатә культура даараӡа ианыҧшит, амилаҭтә литература аҿиара убрахь иналаҵаны. Аҧсуа литераторцәа ргәыӷра мырӡуа, аханатә еиҧш, рус нарыгӡон, иҭыҵуан ашәҟәқәеи, ажурналқәеи, агазеҭқәеи. Иашоуп, ахарџьқәа рганахьала, аиҵахарақәа ыҟан, иҟоуп изҭымҵыз ашәҟәқәа. Ега ус акәзаргьы, аҧсҭазаара ҧхьаҟа ицоит, ицәырҵуеит аҩымҭа ҿыцқәа, ахьӡ ҿыцқәа.

Изӡатәузеи, аҧсҭазаара аганқәа зегьы рҟны аиҧш, ахатәы бызшәа аиқәырхареи арҿиареи иацхраауа алитература амаҵ азызуагьы, ҳарҿиаратә хеидкыла аусурагьы маҷк ршьара иқәнаҟьеит. Иазгәаҭаз аусмҩаҧгатәқәа рахьтә иҟоуп инагӡамкәа иаанхаз. Аха аҧхьа игылоуп ауаҩытәыҩса игәабзиара, ҳажәлар ргәабзиара ахьчара, ачымазара ҿкы рацәыхьчара, уи зхьысуагьы рыхәшәтәра. Ари  аус аҟны, уаанӡеиҧш, уажәынахысгьы аҽеиҿкаара аҭахуп, иахәҭоу аҧҟарақәа рықәныҟәаразы, уи ала ичмазаҩхауа рхыҧхьаӡара аиҵатәразы.

Абиҧара еиҳабацәа иреиуаз ҳарҿиаҩцәа рахьтә 2020 ш. азы иҳаҧхеит алитератураҭҵааҩ Владимир Агрба, ашәҟәыҩҩы Никәала Кәыҵниа. Ари цәыӡ дууп амилаҭтә литературазы. Урҭ рырҿиамҭақәа рыла хашҭра рықәым. Ашәҟәыҩҩцәеи алитературеи рзы хҭыс бзианы иҟалаз ируакуп ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟнытә апоет Денис Чачхалиа Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ахьианашьахаз. Еицырдыруа апоет, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩы Платон Бебиа ихҵоуп Аҧсны жәлар рпоет ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.

2020 ш. иалагӡаны алитературатә ҧсҭазаараҿы ихадараны иалукааша иреиуоуп Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахатә саит (аҧсышәалеи урысшәалеи) аартреи иҭышәынтәаланы аусуреи. Уи иалнаршоит алитературатә процесс аӡыргара, ҳжурналқәеи ҳгазеҭқәеи инарҭбааны рыларҵәара. Ачымазара ҿкы иахҟьаны иазҧхьагәаҭаны иҳамаз аусмҩаҧгатәқәа рыхәҭак ҳзынамыгӡазаргьы, ҳзыхьӡаз ҟәнаҳшьо иҟаӡам. Акьыҧхьи ателехәаҧшратә каналқәеи рыла лассы-лассы аҧхьаҩцәеи ахәаҧшцәеи рҟынӡа инаагон еиуеиҧшым ахҭысқәа, аиубилеиқәа, аконкурсқәа уҳәа. Иазгәаҳҭеит ашәҟәыҩҩы Алықьса Џьениа диижьҭеи 90 ш. аҵра аиубилеи, имҩаҧган апоет, ауаажәларратә усзуҩы Борис Гәыргәлиа диижьҭеи 85 ш. аҵра иазкыз аиубилеитә хәылҧазы. Иахьа иҳалагылоу ҳашәҟәыҩҩцәа, ҳҵарауаа: Платон Бебиа, Руслан Қапба, Денис  Чачхалиа, Лариса Макачаа, Маҳинур Папба, Зураб Џьапуа, Даур Наҷҟьебиа риубилеиқәа инарымаданы акьыҧхьи ателехәаҧшреи рҟны рырҿиара иалацәажәан.

Раҧхьаӡа акәны, аҧсуа поетцәа ражәеинраалақәа ҿырҳәала рыҧхьаразы аҿар рыҩнуҵҟа онлаин-конкурс  еиҿаҳкааит. Иалкаахаз актәи, аҩбатәи, ахҧатәи аҩаӡара адипломқәа ранашьан аҳамҭақәа рыцҵаны. Уи азҿлымҳара бзиа аманы имҩаҧысит. Ас еиҧш иҟоу аусмҩаҧгатәқәа хықәкыс ирымоуп аҿар рхатәы бызшәеи  алитературеи ргәыблра рылааӡара, амилаҭ хдырра аизырҳара, иаҧсоу абиҧарақәа реиҵааӡара.

Ҳаҧхьаҟазы ҳусура ахырхарҭа хадақәа ируакуп, ашколхәыҷқәеи астудентцәеи аус рыдулара, абаҩхатәра змоу аҿар ралҧшаара, алитературахь рымҩа аартра, рӡыргара. Аимадара бзиа ҳабжьоуп ашколқәеи, иреиҳау ҳҵараиурҭақәеи, абиблиотекақәеи ҳареи. Уи ҳусура акырӡа иарманшәалоит, иацхраауеит. Ари атрадициа иацҵалатәуп, избан акәзар, изызҳауа ауаҩы ишьақәгылара даараӡа ицхыраагӡоуп доуҳала дбеианы иааӡараҿы, иаҧсуара аиқәырхараҿы, имилаҭтә хаҿра амырӡразы. Аҿар рзы ицхыраагӡа бзиоуп ҳәа ҳахәаҧшуеит ҳсаит аусура иахьалагаз. Уаҟа урҭ ирылшоит аҧсуа литературеи ҳашәҟәыҩҩцәа рырҿиареи ирызку аилкаара. Асаит инаҷыданы ҵыҧх аусура иалагеит иара убас ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәу асоциалтә ҳа феисбук аҟны адаҟьа ҷыда. Уи ахархәаҩцәа ирыднагалоит алитература аҿиара апроцесс иадҳәалоу ажәабжьқәа.

Ишдыру еиҧш, асахьаркыратә литература аиҭагара (аҧхьаӡа иргыланы аурыс бызшәа ахь) аус аҟны аиҵахарақәа ыҟоуп. Уи ахҟьоит ахарџьқәа рацәаны иахьацу. Ҩажәиактәи ашәышықәсазгьы ҳлитература иаланагалоит аҩымҭа бзиақәа. Урҭ ишьақәдырӷәӷәоит, ега ауадаҩрақәа ахнагазаргьы, ҳлитература аҿиара амҩа ишану, уи апроцесс еиҧҟьара шақәым. Ҳәарада, аурыс ҧхьаҩ дзызҿлымҳахаша, идикылаша аҩымҭақәа маҷым, аха реиҭагараҿы аҧынгылақәа цәырҵуеит. Убри аҟнытә анҭыҵ иӡыргамкәа иаанхоит. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахадараҿы иазыӡбан аиҭагара аус мҩак азылхра. Раҧхьатәи шьаҿаны иҟалеит цәаҳәа-цәаҳәала (ҵакыла) аиҭагаразы ахәқәа рышьақәыргылара (аҩымҭа абасала ианхиахалак ауп ззанааҭ иазҟазоу аиҭагаҩ инагӡаны ианеиҭеиго). Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟны иаҧҵоуп цәаҳәа-цәаҳәала аиҭагара аиҿкааразы агәыҧ, анапхгаҩгьы далхуп, иара убас аҩымҭақәа аналҧшаахалак (уажәазы апоезиеи ажәабжьқәеи) аиҭагара ахшәаатәқәагьы ҧшаатәхоит. Араҟа апроблема шцәырҵуагьы, сгәы иаанагоит мҩақәак азыҧшаахап ҳәа. Маҷ-маҷ ари аус хацырктәуп, избанзар аиҭагара аусхк ҿыцәаар ауеит. Ажәытә иҟаз атрадициа ҳазыхынҳәроуп, даҽа мҩак ҳамаӡам.

Ачымазара ҿкы иахҟьаны ҳтәылаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа, ҳәарада, алитературатә ҧсҭазаара ианымҧшыр ауамызт. Ашәҟәыҩҩцәеи аҧхьаҩцәеи зеиқәшәомызт, алитературатә хәылҧазқәа, астол гьежьқәа, аӡыргарақәа ҳзымҩаҧгомызт, аиубилеитә рыцхәқәа разгәаҭара залыршамхеит. Аҧсны алитераторцәа ҿарацәа аҩбатәи рсеминаргьы  ахҳарҧар акәхеит. Иаҳзымҩаҧымгаӡеит 2011 ш. раахыс иааиҧмырҟьаӡакәа имҩаҧааго апоезиа Адунеизегьтәи амш (март 21).  Убас имаҷӡам аамҭала иаанкылаз. Ари зегьы алитературатә, арҿиаратә ҧсҭазаара хьысҳанатәуеит. Ега ус акәзаргьы, ашәҟәыҩҩцәа аҩымҭа ҿыцқәа аҧырҵоит, алитература ахаҭа аҿиара амҩа иануп, иҵхәраа инеиуа аӡыхь ҿаҳәаӡам.

Иҳаҩсыз ашықәс анҵәамҭаз Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ирыланаҳәеит онлаин-конкурсқәа ҩба. Ари аформат  ҿыц аҧеиҧш бзиа шамоу ҳнарбеит ҵыҧх  раҧхьаӡа имҩаҧаагаз ала. Сынтәа ирылаҳҳәаз аконкурсқәа ҩба - М.Лакрбеи И.Ҭарбеи риубилеиқәа ирыдҳәалоуп. Урҭ рҩымҭақәа ҿырҳәала рыҧхьара иазкуп (аҧҵҟарақәа акьыҧхь   иануп, еиуеиҧшым асаитқәа рҟны иҟоуп, аҧсуа телехәаҧшреи арадиои рыла ирылаҳәоуп). Збаҩхатәра аазырҧшуа аҿар ҳарзыҧшуп.

Ҵыҧх Аҧсны даҭааит Фазиль Искандер ихьӡ зху жәларбжьаратәи апремиа аҧҵаҩцәа руаӡәк Евсеев, уи дицын Москва инхо аҧсуа шәҟәыҩҩы Владимир Делба. Алитературатә ҧсҭазаара дазҿлымҳан, Ф. Искандер дахьиз, дахьааӡаз атәыла абара дазхьуан. Еиуеиҧшым аиҧыларақәа мҩаҧысит. Аҧсуа шәҟәыҩҩцәеи асаси хазы реиқәшәара еиҿкаан. Астол гьежь аҟны азҵаара ықәсыргылеит аҧсуа шәҟәыҩҩцәа Ф.Искандер ипремиа аиуразы рҩымҭақәа рықәыргыларазы алшара роурц, избан аукәзар аҧҟара излаҳәо ала, уи иаладырхәуа урысшәала иҩу ауп. Ааигәа Москвантә ҳгәы иахәашаз ажәабжь ҳзааит. Иҳауз ашәҟәы иаҳәон аҧсышәала, иара убас Ихьҧшым Атәылақәа Реимабзиара атәылақәа рҟнытә еиуеиҧшым абызшәақәа рыла иҩу арҿиамҭақәа реиҭагақәа шаладырхәуа аноминациақәа руак аҟны. Ари ҳашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа реиҭагақәа рыла алахәхара азин рнаҭоит, еихьӡара бзиангьы ҳахәаҧшуеит ҳмилаҭтә литература аӡыргараҿы.

Ҳазҭалаз ашықәс азы ҳагәҭакқәа рацәоуп. Асеминарқәа, ахәылҧазқәа, аконкурсқәа, аӡыргарақәа, астол гьежьқәа рымҩаҧгара, алитература аӡыргареи, адоуҳатә культура аизырҳареи аҿар ашәҟәы аҧхьара иазхьанарҧшуеит, рыҧсадгьыл абзиабара рыланааӡоит, ахатәы бызшәа аиқәырхаразы ицхыраагӡоуп, аҧеиҧш лаша ауасхыр арӷәӷәоит. Ара зегьы ҳамчқәа  еицҳархыраароуп иаҧсоу абиҧарақәа реиҵагылапазы. Традициала ишьақәгылахьоу аусмҩаҧгатәқәеи аҧшьгамҭа ҿыцқәеи рӡыргаразы, ауаажәларра аларҵәаразы, акьыҧхьи ателехәаҧшреи реиҧш, урҭ мнарываргыаныы ахархәара ырҭбаатәуп ҳәа  сгәы иаанагоит аинтернет, еиуеиҧшым егьырҭ асоциалтә ҳақәа. Усҟан аки-аки хеибарҭәаалоит. Ателехәаҧшраҿы акәзар, иҟаҵоу шмаҷымгьы, ахаҵгылара шамоугьы  ҳлитература аҿиара апроцесси, алитературатә ҧсҭазаареи, ҿыц иҭыҵуа ашәҟәқәа рыхҳәаақәеи уҳәа ирызкны ателедырраҭарақәа реиҿкаара аус еиҵыхтәуп ҳәа ҳахәаҧшуеит. Ари ахатәы бызшәа аиқәырхареи арҿиареи русгьы иацхраауеит.

Ҳтәылаҿы асоциалтә-економикатә ҭагылазаашьа ега иуадаҩзаргьы, аганахь иаҳзааныжьӡом ҳхатәы бызшәа арҿиара, алитература уасхырс измоу  адоуҳатә культура. Араҟа иарбанзаалак акгьы узахырҧом, иааиҧмырҟьаӡакәа изызхьаҧшлатәу, зымаҵгьы улатәу ракәны иҟоуп. Ус анакәха, уаҵәтәи ҳҧеиҧш иахьа игәыгәҭаҳмыжьроуп, иахьынӡазалшо игәцараклатәуп, иазааҧсмалатәуп милаҭҵас ҳхаҿра аиқәырхаразы, ҳахьынтәаауеи, ҳазҭагылоу аамҭеи, ҳамҩа ахьхоуи, хықәкыс  иҳамоуи гәаагӡауа.

Ачымазара ҿкы иахҟьаны, ега аҧынгылақәа цәырҵуазаргьы адоуҳатә культура иҧшьоу усуп, еснагь  аҧсы ҭазароуп. Жәлар рдоуҳа иҭамбаӡо аӡыхь ақәаршҩы иазырхәашьуам.

 Вахтанг АԤҲАЗОУ,

 Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы