94 шықәса дшырҭагылаз дҳаԥхеит иналукааша аԥсуа прозаик, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы, Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟнытә ирыдышшылоит Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа иҭаацәеи иуацәеи-иҭахцәеи.
Ажәа азҟаза ду, ҳаамҭазтәи аклассик иԥсҭазаара иалҵра гәалсрала ирыдыркылеит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа, ҳинтеллигенциа, амилаҭтә литература абзиабаҩцәа, ҳажәлар зегьы.
Алықьса Ноча-иҧа Гогәуа диит 1932 ш. март 15 рзы Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭан (Аџьамҧазра аҳабла). СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1959), Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи рлахәыла, Аҧсны жәлар рышәҟәыҩҩы. Адыгатәи (Ачерқьестәи) Жәларбжьаратәи Академиа ҳаҭыр зқәу алахәыла, Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет ҳаҭыр зқәу апрофессор ианашьоуп Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа, «Ахьӡ-Аҧша» аорден актәи аҩаӡара.
Абжьаратәи ашкол даналга аус иуан Тҟәарчалтәи ашахтаусбарҭақәа руак аҟны, ашьҭахь – Тҟәарчалтәи ацентртә рбеиагатә фабрика атехникатә хлаҧшра аҟәшаҿы. 1951 ш. дҭалеит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аурыс бызшәеи алитературеи рфакультет. 1955-1960 шш. раан аҵара иҵон Москва, А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аҟны. Аус иуан ажурнал «Алашара» аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩс (1962 ш. инаркны), Аҧснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа аредактор еиҳабыс, ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактор хадас (1975-1989), Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс (1989-1997). Аҧсны жәлар рфорум «Аидгылара» раҧхьатәи ахантәаҩыс дыҟан (1988-1989). Уи акырӡа алнаршеит аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧараҿы. 1988-1991 шш. раан СССР жәлар рдепутатс далырхит. Атәанчара ашҟа диасаанӡа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа рыҭаразы акомиссиа хантәаҩра азиуан. Аҧсна ахаҭарнак иаҳасабала Урыстәылеи аҳәаанырцәтәи атәылақәеи рҟны дрылахәхахьан еиуеиԥшым афорумқәа: Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны дыҟан Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа рделегациа даланы (1992): ПЕН-клуб аганахьала ашәҟәыҩҩцәа жәларбжьаратәи рконгрессқәа делегатк иаҳасабала дрылахәын Минск (1986), Хельсенки (1988), Москва (2002).
А. Гогәуа даныхәыҷыз инаркны изҳауан жәлар рҳәамҭақәа ахьеиҭарҳәоз аҭаацәараҿы, иаб ажәабжьҳәаҩын, алакәтәи, аепикатәи, абзазаратәи, алирикатәи ҵакы змаз жәлар рҳәамҭақәа бзианы идыруан. Ари аҭагылазаашьа шьахәла ицхрааит ашәҟәыҩҩы ишьақәгылараан, заа ажәа абзиабара иланааӡеит.
Убарҭ ашықәсқәа раан ауп аҩра агәаҳәара аниоуз, асахьаркыратә литература даназҿлымҳахаз. 11 шықәса анихыҵуаз Л. Н. Толстои иҩымҭа «Ҳаџьы-Мураҭ» аҧсышәала аиҭага даҧхьеит. Ари арҿиамҭа ду иаҵоу асахьаркыратә мчхара еиҳагьы ишьақәнарӷәӷәеит ажәа азҟазареи алитературеи рахь иоухьаз абзиабара. Убасҟан ауп раҧхьатәи иажәеинраалақәеи раҧхьатәи иажәабжьқәеи аниҩыз.
Раҧхьаӡа иикьыҧхьыз иажәеинраала «Агеолог» («Аҧсны ҟаҧшь», 1949) ауп. Раҧхьатәи иажәабжьқәа руак кьыҧхьын 1955 ш. ажурнал «Алашара» №2 аҟны, №4 аҟны акәзар – ианылеит иажәеинраала.
А. Гогәуа авторс дрымоуп хыҧхьаӡарарацәала ажәабжьқәа: «Хаха-хымш ныҟәа ахьыбжьоу», «Асыс-мҟаа», «Быжь-хаҳәк ианырхыс», «Елана», «Олимпиада», «Анана-Гәында лашҭа», «Ашәаџьҳәаҩ», «Абжынҵ-ҵла», «Ашьа цәгьа», «Быӷькаҧсан», «Амра амшын ианӡаало», «Амацәыс агьама», «Анаҟә», «Кодор - Коракс» уҳәа; ароманқәа: «Аӡиас ццакуеит амшын ахь», «Аси амацәыси», «Аҽыкәаҳа», «Асду», «Уаҧхьа игылоу деилургартә иҟалахьан», «Асҟак дааигәан, аха дузгәамҭеит», «Ашыцра», аповестқәа: «Ашәуа иеҵәа», «Шьха-ҧшӡа», «Мшәагә Дуи Мшәагә Хәыҷи» «Аӡы агьама», адрамақәа: «Амш-уаара», «Аҿықәан» уҳәа.
А. Гогәуа ирҿиараҿы аҭыҧ ҷыда ааннакылоит апублицистика. Иочеркқәа, истатиақәа, иессеқәа рызкуп аҧсуа жәлар рхатәы бызшәеи, рҭоурыхи, ркультуреи, еиҳаракгьы – аполитикеи, аҳәынҭқарратә ргылареи рызҵаарақәа, амилаҭтә литература еиуеиҧшым апроблемақәа. Урҭ апериодикатә кьыҧхь ианылеит аҧсышәалеи урысшәалеи хазы иҭыҵыз ашәҟәқәа рҟны («Аҟәа- Сухум, Сухум – Аҟәа», «Глагол», «Постскриптум»).
Ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭақәа рнылон ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», «Дружба народов», «Студенческий меридиан», «Сельская молодежь», «Советская женщина», Урыстәыла иҭыҵуа егьырҭ аҭыжьымҭақәа маҷымкәа; агазеҭқәа: «Аҧсны ҟаҧшь», «Советская Абхазия», «Литературная газета» (Москва), «Еҵәаџьаа», «Республика Абхазия»; алитературатә еизгақәа «Ерцахә», «Кавкасиони», «Южный Кавказ» уҳәа егьырҭгьы.
А. Гогәуа иажәабжьқәеи, иповестқәеи, ироманқәеи еиҭаргахьеит аурысшәеи ҧыхьатәи Асовет Еидгыла ажәларқәа акыр рбызшәақәеи рахь, иара убас европатәи абызшәақәеи аиапон бызшәеи рахь.
А. Гогәуа аҧсшәахь еиҭеигеит Ф. М. Достоевски («Ацәгьоуреи ахьырхәреи», «Аҵх шкәакәақәа»), А. П. Платонов, К. А. Федин («Аҧсуа жәабжьқәа»), Карло Коллоди («Пиннокио ихҭысқәа») уҳәа рырҿиамҭақәа.
Иҭижьит 30 инареиҳаны ашәҟәқәа, урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп иалкаау аҩымҭақәа еидызкыло хә-томк.
Абаҩхатәра еицамк злаз, зыԥсҭазаара зегьы адоуҳатә культура амаҵ аура иазызкыз, зыжәлар рԥеиԥш лаша азықәԥаҩцәа ируаӡәкыз жәлар рышәҟәыҩҩы имҩашьауа ишьҭа аанижьит. Еиҵагылоз ашәҟәыҩҩцәа рабиԥарақәа рзы уи еснагь дҿырԥшыган, дабжьагаҩын, дымҩақәҵаҩын. Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа ихьӡ хашҭра ақәымкәа иаанхоит ижәлар ргәаҵаҿы.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла


