Иҭыҵит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәу алитературатә газеҭ «Аамҭа» 2025 шықәсазтәи актәи аномер.
Ааигәа аԥхьаҩцәа ироуз агазеҭ актәи адаҟьа аатуеит Аԥсны жәлар рпоет Д.И. Гәлиа диижьҭеи 151 шықәса аҵра аҳаҭыр азы Аҟәа, анышә дахьамадоу игылоу абаҟаҿы ашәҭқәа рышьҭаҵара аӡбахә зҳәо акьыԥхьымҭа ала. Араҟа аԥхьаҩ идгалоуп иара убас Д.И. Гәлиа имшира аҽны – февраль 21 азы илитература-мемориалтә ҩны аҟны имҩаԥысыз ахәылԥаз аҿы ишӡыргаз жәлар рдоуҳатә ԥыза диижьҭеи 150 ш. аҵра иазкны иҭыжьу афотоальбом «Абри соуп сара». Агазеҭ иазҿлымҳау иднардыруеит ажурнал «Алашара» 70 ш. шахыҵыз. Сынтәа ари аиубилеитә рыцхә азгәаҭахоит.
Аҭыжьымҭа ианылеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҟны Амааира 80 ш. ахыҵра аламҭалазы мкьыԥхьу аибашьраҿы иҭахаз абаҩхатәра зла запоет Леуарса Кәыҵниа игәалашәара иазку аҵарауаҩ, аплитератураҭҵааҩы Р. Қапба истатиа «Аԥсны гәхьаазгоит…»
Ашәҟәыҩҩы хатәра Алықьса Џьениа диижьҭеи 95 ш. аҵра инамаданы икьыԥхьуп инысмҩа зцу иажәабжь «Абаҩдан».
Ианылеит иара убас Аԥсны жәлар рпоет Рушьбеи Смыр диижьҭеи 75ш. аҵреи апоет Белла Барцыцԥҳа 80 ш. лхыҵреи ирызку акьыԥхьымҭақәа.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟнытә риубилеиқәа рыдырныҳәалоит апоетцәа Гәында Кәыҵниаԥҳаи Инна Ҳаџьымԥҳаи. Адныҳәаларақәа ирыцҵоуп рхатәы жәеинраалақәа.
«Ашәишәиқәа ашәа рҳәоит» зеиԥш хьӡыс ирымоуп Валентин Кәаӷәаниа ахәыҷқәа ирызку иажәеинраалақәа.
Агазеҭ ианыԥшит Аҟәатәи аԥсуа школқәа еилахәны Н.А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхарыуаа ршкол аҟны имҩаԥыргаз Нелли Ҭарԥҳа диижьҭеи 90 ш. аҵра аиубилеи. «Аԥсны алитераторцәа ҿарпацәа аҩбатәи рсеминар аԥыларазы» арубрика аманы аҭыжьымҭа ианылеит Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи гәыԥҩык аҵаҩцәа ражәеинраалақәа.ҩ
«Аамҭа» еиднакылеит егьыр еиуеиԥшым аинформациақәагьы.


