Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Абаҩхатәрақәа хеибарҭәааларц…





Аҧсны ашҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧшьгарала И.Г.Папасқьыр ихьӡ зху Аҧснытәи Амилаҭтә библиотека аҟны имҩаҧысит ааигәа иҭыжьу ҩ-шәҟәык: В.Бигәаа, В.Аҧҳазоу еиқәдыршәаз «Абхазские писатели. Библиографический словарь», иара убас ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рҩымҭақәа еидызкыло аизга «Ашацкыра».
Алитература аҭоурых аҭҵаараҿы имҩақәҵагоуп, хәарҭарагьы алоуп раҧхьаӡа акәны хазы шәҟәны иҭыжьу (урысшәала) «Абхазские писатели. Библиографический словарь». Аҭыжьымҭа аус адулара хықәкы хадас иамаз Аҧсны ашҟәыҩҩцәа Реидгылеи ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи реилазаарақәа еидыркыло ашәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи 150-ҩык инареиҳаны рыҧсҭазааратә мҩа аазырҧшуа рбиографиақәеи рбиблиографиеи (иҭрыжьхьоу ашҟәқәа) еизганы шәҟәык еиднакыло аҭыжьра акәын. Ус егьазнеит авторцәа. Аҧсуа милаҭтә литература шьақәгылеижьҭеи изнысхьоу амҩа аҧхьаҩ еилыхха изнагоуп ашәҟәы иацу инарҭбаау аҧхьажәа, «Творческие организации писателей Абхазии и национальный литературный процесс в историко-культурной контексте (1920-2010 гг.)» аҟны. Ҳлитература аҿиара аетапқәа раан иалнаршаз аҧхьаҩ ибарҭоуп, насгьы уи иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп Аҧсны арҿиаратә еилазаарақәа анаҧҵаха инаркны рышьақәгылара аҭоурых.
Аиқәшәара ааиртит, иагьымҩаҧигон Аҧснытәи Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа. Еиуеиҧшым ашәҟәыҩҩцәа рабиҧарақәа рхаҭарнакцәеи алитературахь раҧхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵо арҿиаҩцәеи реиҧылара, ргәаанагарақәа реибыҳәара алитература аҿиара иацхраауеит, иҳәеит уи.
Ашәҟәы «Абхазские писатели» ахцәажәараан иқәгылеит Аҧсны аҭҵаарадырақәа Ракадемиа ахада Зураб Џьапуа. «Иахьа аҧхьаҩцәа ироуз ашәҟәы раҧхьаӡа акәны иҭыжьуп. Џьарак еидкылоуп арҿиаратә еилазаарақәа аҩбагьы ирылоу ашәҟәыҩҩцәа рбиографиеи рбиблиографиеи. Ари хәарҭара алазаауеит ахархәаҩцәа зегьы рзы. Ҳлитература аҭоурых инарҵауланы агәылаҧшра алшара узҭо амахәҭақәа ируакны иҟазаауеит», – иазгәеиҭеит уи.
Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Уасил Аҩӡба иакәзар, ашәҟәы аҭыҵра авторцәа ирыдныҳәалауа, игәаанагара иҳәеит аҭыжьымҭа аиқәыршәашьазы, иагу-иабзоу аганахьалагьы.
Вахтанг Аҧҳазоу, иара убас Виачеслав Бигәаа аӡыргара иалахәыз зегьы иҭабуп ҳәа рарҳәеит.
Зӡыргара азгәаҭаз аҩбатәи ашәҟәы «Ашацкыра» ашҟа ианиасгьы аҭыжьымҭақәа аҩбагьы ирызкны аилатәара иалахәыз ргәаанагарақәа реибыҳәара иацҵан.
Аҧсуа шәҟәыҩҩцәа ирызку ашәҟәы ахәшьара бзиа аҭауа иқәгылаз ашәҟәыҩҩцәа ҷыдала ирзааҭгылеит «Ашацкыра» иагәылоу аҩымҭақәа.
Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧшьгарала еиҿкаау аизга раҧхьаӡа иҭыжьын 2009 шықәсазы, аҩбатәи – 2011 шықәсазы. Абар, ахҧатәигьы ааигәа иҭыҵит. Аханатә лхатә аҧшьгарала аҿар рҩымҭақәа реизгареи аус рыдулареи лнапы алакуп апоет Заира Ҭҳаиҵыкә. Ашәҟәы зҩымҭақәа агәылоу ақәҿиарақәагьы рзеиӷьалшьеит.
«Ашацкыра» еихшоуп ажанрқәа рыла: апоезиа, апроза, акритика. Зынӡа еиднакылеит 13-ҩык авторцәа: Алина Жьиба, Альбина Анқәаб, Дмитри Габелиа, Инал Гыцба, Саид Џьарсалиа, Алхас Қаҧшь, Есма Ҭодуа, Саид Кәыҵниа, Џьамбул Инџьгьиа, Абзагә Аҟалӷьба, Каролина Быҭәба, Саида Ҳаџьым, Бадраҟ Аҩӡба.
Арҿиаҩцәа ҿарацәа рҩымҭақәа азеиҧш хҳәаа рзыҟаҵауа, хазы-хазы ирзааҭгылауа, ргәаанагарақәа рыла иқәгылеит: Терент Ҷаниа, Валентин Кәаӷәаниа, Валери Касланӡиа, Анатоли Лагәлаа уҳәа егьырҭгьы.
Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу ақәгыларақәа еихшьалауа, дазааҭгылеит ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟны уажәынахысгьы ишырхаҵгылало, ахшыҩзышьҭреи агәцаракреи шрыгдмырхо алитераторцәа ҿарацәа. Сынтәа ҿыц ишеиҿкаау аҿар аус рыдуларазы акомиссиа, иара убас Алитературатә клуб. Атәыла араионқәа рҟынгьы ишеиҿкаахо абас еиҧш иҟоу ахеилакқәа. Абри зегьы хықәкыс иамоу аҧхьаҩ иааӡара, алитература бзиа избо ралҧшаара, абаҩхатәра ҿыцқәа рӡыргара, убри алагьы аимадареи аусеицуреи рырӷәӷәара ауп, иҳәеит уи. Аҵыхәтәан аӡыргара иалахәыз зегьы арҿиаратә гәацҧыҳәареи ақәҿиарақәеи рзеиӷьеишьеит.
Апоетцәа ҿарацәа рахьтә рхатәы жәеинраалақәа ирыҧхьеит: Асҭамыр Кәарҷиа, Абзагә Аҟалӷьба, Дмитри Габелиа.