22.12.2022
Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи алитературатә премиа аиуразы 2022 шықәсазы хә-номинациак рҟны иалкаахаз рыхьӡқәа рылаҳәоуп.
Апроза иаҵанакуа аноминациаҿы – далкаахеит Александр Мелихов; апоезиа аҟны – Наталиа Лиасковскаиа, ахәыҷқәеи ақәыҧшқәеи ирыҵанакуа алитературазы – Павел Крениов, Викториа Татур; акиносценариеи адраматургиеи рҟны – Наталиа Захарова; аиҭагақәа рноминациа аҟны – Ахат Мушински, Гульсира Гаисарова-Гиззатуллина.
Аҧсуа шәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа иакәзар, аноминациа «Аиҭагақәа» аҟны аконкурс иалахәыз Виталиа Шариа аурысшәахь иеиҭеигаз иажәабжьқәа рзы ианашьоуп Фазиль Исканер ипремиа аҳаҭыртә диплом ҷыда.