05.05.2020
Сҭеԥан ҚӘЫЧБЕРИА
СЫԤСАДГЬЫЛ ДУ, СЫЛАШАРА!
Сыԥсадгьыл ду, сылашара,
Сгәазырҭага сызкәыхшоу!
Кыка хшыла ан лыхшара
Шылааӡо еиԥш сзааӡахьоу!..
Сыԥсадгьыл ду, сылашара!
Уара иухьуа – саргь уи ауп,
Ахәра унылеит: саргь уи ала
Схәуп, аха сҭахом, сыӷәӷәоуп.
Ажәа усҭоит са ҭоубала –
Сгәы уа ула еисуаны –
Сыузықәԥаҩуп ԥсыла, шьала,
Мыц зымҳәаӡо сабџьар кны!
Сыԥсадгьыл ду, сылашара!
Уҭынчыз – угәыӷра ӷәӷәаз,
Ирацәаҩуп – игылт ухшара,
Схаҭа сеиԥш ҭоуба зуқәаз!
Ҳарҭ ҳахьалоу амца шыра,
Ухьӡ шырҳәоз иҭахақәаз
Рыхьӡ ухашҭрым, сара стәыла,
Аидыслараҿ хьӡы згақәаз!
1942.


