16.04.2020
Еицырдыруа афольклорҭҵааҩ, акритик, апоет, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, академик, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалоу Зураб Џьота-иԥа Џьапуа иахьа 60 шықәса ихыҵит.
З. Џьапуа инапы иҵиххьеит 160 инареиҳаны алитература-критикатә статиақәеи аочеркқәеи, иара убас амонографиақәа, астатиақәеи аматериалқәеи реизгақәа еидызкыло жәаҩа шәҟәы. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла гәык-ԥсыкала аиубилиар идныҳәалоит. Агәабзира ацны еиҳау аихьӡарақәа иаҭәашьазааит.


