Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

АЛИТЕРАТОРЦӘА ҾАРАЦӘА ЗЛАХӘЫЗ АИЛАЦӘАЖӘАРА






29.06.2022

Ап,сны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иҭнажьуеит алитераторцәа ҿарацәа рырҿиамҭақәа еидызкыло аизга "Ашацкыра". Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ап,шьгарала уажәазы уи зҩымҭақәа агәылалараны иҟоу авторцәа аап,хьан «Ашацкыра» анаҩстәи аҭыжьымҭа азырхиара иамадоу азҵаатәқәа рылацәажәаразы.

Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәу алитературатә журнал "Алашара" аредакциаҿы имҩап,ысыз аиқәшәара ааиртит ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Ап,ҳазоу, дагьалацәажәеит амилаҭтә литература аҿиара апроцесс амҩап,ысшьа, иап,у атрадициа, аҿар ҷыдала еснагь ахшыҩзышьҭра шрымоу.

Ҵабыргны, алитературахь зшьаҿақәа еихызго аҿар рҩымҭақәа ажурналқәеи агазеҭқәеи ирнырҵоит, имҩаԥыргоит асеминарқәа, апоезиа ахәылп,азқәа, аконкурсқәа, алитературатә еип,ыларақәа уҳәа.

Абарҭқәа ҳасаб рзуны, амилаҭтә литература иаҵагылаша аҿар реиҵааӡаразы, арҿиара радп,хьаларазы, рымҩақәҵаразы иааип,мырҟьаӡакәа аусура мҩап,ысуеит. Аимадареи аусеицуреи алҵшәақәагьы аанашьҭуеит. Алитераторцәа ҿарацәа рҿап,хьа рабжьагажәақәа рыла иқәгылеит апоетцәа Анатоли Лагәлаа, Гунда Сақаниа, Заира Ҭҳаиҵыкә, Гәында Кәыҵниа, Дмитри Габалиа. Ашәҟәы ҿыц аиқәыршәашьа иазкны ажәалагалақәагьы ҟарҵеит.

Аҿар рахьтә ргәаанагарақәа рҳәеит: Адгәыр Гәынба, Саида Ҳаџьым, Инал Гыцба, Королина Быҭәба, Ефрем Ҳагба, Хьыбла Хәарцкиа, Ҭамуна Кобахиа, Алмас Шьалашьаа уҳәа егьырҭгьы, урҭ рахьтә иҟоуп зхатәы жәеинраала ҿыцқәа ирып,хьазгьы.

Иазыӡбоуп алитература иазҿлымҳау, арҿиара амҩа инылауа аҿар алархәны уажәынахысгьы лассы-лассы иааип,мырҟьаӡакәа аиқәшәарақәа рымҩап,гара. Хымп,ада, урҭ ирыладырхәлоит, аҿари астудентцәеи реип,ш, ашколхәыҷқәагьы.

Аиқәшәара иалахәыз иазгәарҭон аилацәажәара агәалаҟара бзиа шырнаҭаз, ус еип,ш иҟоу аип,ыларақәа ап,хьаҟазгьы, хымп,ада, ишаҭаху.