06. 12. 2019
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аусура ахырхарҭа хадақәа ируакуп алитературахь раԥхьатәи зшьаҿақәа еихызго ақәыԥшцәа аус рыдулара, абаҩхатәра ҿыцқәа рыԥшаара, арҿиара ргәы азҭаҵара, абжьагажәақәа рыгмырхара, арҿиара амаӡақәа раҵхраҿы амҩа иаша рықәҵара. Ари аус арцыхцыхра хықәкыс иаманы 2018 ш. Аҟәа имҩаԥган алитераторцәа ҿарацәа Аԥснытәи раԥхьатәи рсеминар. Уи ицәырнагеит абаҩхатәра ҿыцқәа.
Уаанӡа ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахадараҿы излаӡбаз ала, Аԥснытәи асеминар ҩышықәса рахьтә знык имҩаԥыслоит. Ари аамҭа иҭагӡаны ҳтәыла араионқәеи ақалақьқәеи рҟны ашәҟәыҩҩцәа имҩаԥыргоит иҩуа ақәыԥшцәа рԥыларақәа. Аҿар рҩымҭақәа ирыԥхьоит, ашәҟәыҩҩцәа урҭ еилдыргоит, ҭаацәашәала аиқәшәарақәа алҵшәагьы аарышьҭуеит. Ус еиԥш иҟоу асеминарқәа мҩаԥысхьеит Аҟәа, Гәдоуҭа, уажәазы – Гагра.
Араион аҵара аҟәша анапхгара рцырхырааны (ҷыдала аиҿкаара дазааԥсеит ари араион аҟны аҿар аус рыдулараҿы ацхыраара ҟазҵо М. Сиҷинаа-ԥҳа) асеминар мҩаԥыргеит ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы В. Аԥҳазоу, апоетцәа Т. Ҷаниа, З. Ҭҳаиҵыкә.
Рхатәы бызшәала ражәеинраалақәа ирыԥхьеит Гагратәи актәи абжьаратәи аԥсуа школ аҵаҩцәа: А. Булиа, Л. Паразиа, С. Оҭырба, Н. Еныкь, С. Габлиа, М. Занҭариа, С. Ажьиба, Е. Бениа; аҩбатәи абжьаратәи аурыс школ аҟнытә: Е. Есоиан, А. Бургазли, Алаҳаӡыхьтәи абжьаратәи аурыс школ аҟнытә: Р. Барцыц, И. Богданова, С. Џьагмозиан, Л. Трапизониан; Гьечрыԥшьтәи абжьаратәи ашкол аҵаҩы М. Ҭаркьыл-ԥҳа, Цандрыԥшьтәи ашкол аҵаҩы А. Торосиан.
Абжьааԥнеиԥш, Гагратәи ашколхәыҷқәа даара иазыԥшын рҩымҭа хәыҷқәа шрыдыркыло. Апоетцәа маршәакрала ақәыԥшцәа зыԥхьаз иахцәажәеит, ирыгу-ирыбзоу иазааҭгылеит, рабжьагажәақәа рыгдмырхеит.


