1.02.2026
Февраль 21 рзы, есышықәса ишаԥу еиԥш, аҧсуа сахьаркыратә литература ашьаҭаркҩы, Аҧсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иҧа Гәлиа диижьҭеи 152 шықәса аҵра амш аҽны Аҟәа игылоу ибаҟаҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, ашәҟәыҩҩы дыргәаладыршәеит уахь имҩахыҵыз Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр Владимир Делба, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаа Џьансыхә Нанба, Вараздат Миносиан, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, акультура аминистр Даур Ақаҩба, егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәа аҭакзыԥхықәу русзуҩцәа, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа, аҿар, ашколхәыҷқәа, алитература абзиабаҩцәа аӡәырҩы.
«Аԥсуа литература ауасхыр азышьҭазҵаз, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа диижьҭеи 152 ш. аҵра амш азы ҳаҭааит уи ибаҟа. Ари иналукааша хҭысуп амилаҭтә литературазы еиԥш, инеизакны ҳдоуҳатә культура аҿиара амҩан. Традицианы ишаԥу еиԥш, иахьа арахь имҩахыҵит атәыла анапхгара, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, аҿар, ашколхәыҷқәа, апоет ирҿиара абзиабаҩцәа. Ҳажәлар аҵаралашарахь амҩа рзылызхыз, анбан рзаԥызҵаз, зыԥсҭазаара зегьы алитературеи адоуҳатә культуреи рырҿиара иазызкыз ихьӡ хашҭра ақәым. Дырмит Гәлиа иԥсҭазаареи, ирҿиареи, иуаажәларратә усуреи ҿырԥшыганы иаанхоит еиҵагыло абиԥарақәа рзы. Уи дыззықәԥоз аус иахьа аҿиара амҩа иануп. Ихьӡ ҳаиднакылалааит, ҳажәлар аԥеиԥш бзиа раҭәашьазааит», – иҳәеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу иқәгылараан.
«Ҳажәлар рыҿиара амҩан дцәырҵит рмилаҭтә хдырра шьҭызхшаз. Рҿахәы зҳәаша аҵеи лаша, уи Дырмит иакәхеит, аҿырԥшы бзиагьы дирбон. Иԥсҭазаара ззикыз зегьы аҿиара аиуит. Алитература иаҵагылеит акыр абиԥарақәа. Жәлар рдоуҳатә хыбаҩ илиршаз амҽхак ала ихьӡ ԥсра ақәымкәа иаанхоит», – иазгәеиҭеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа аҟнытә ажәа зҳәаз Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵаара аинститут аиҳабы Арда Ашәба.
Аҵыхәтәан Д. Гәлиа иажәеинраалақәа ирыԥхьеит Аҟәатәи ашколхәыҷқәа: Д.И. Гәлиа ихьӡ зху аԥшьбатәи, Е.А. Ешба ихьӡ зху ахәбатәи, Н.А. Лакоба ихьӡ зху ажәабатәи абжьаратәи ашколқәа рҵаҩцәа.



