21.02.2020
АМИЛАҬТӘ ЛИТЕРАТУРА АШЬАҬАРКҨЫ, АҦСНЫ ЖӘЛАР РПОЕТ ДЫРМИТ ГӘЛИА ДИИЖЬҬЕИ 146 ШЫҚӘСА ҴИТ
Аҧсуа сахьаркыратә литература ауасхыр азышьҭазҵаз, Аҧсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иҧа Гәлиа диижьҭеи 146 шықәса аҵра иазкны Аҟәа еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқә азгәаҭан.
Апоет, апрозаик, арккаҩы, аҭоурыхҭҵааҩ, афольклореизгаҩы, алингвист Дырмит Гәлиа диит 1874 ш. февраль 21 рзы Уарча ақыҭан. Ԥшьышықәса анихыҵуаз Кавказтәи аибашьра иахҟьаны ахырҵәара зыхьӡаз арҧыс дшыхәыҷыз игәаҵа ахәра аннаҵеит иҭаацәа зықәшәаз арыцҳара. Аха, ҳазшаз имчала, ега џьамыӷәа рхыргазаргьы, рразҟы иалан рыҧсадгьыл ахь ахынҳәра. Аӡҩыбжьа ақыҭан ҩаҧхьа зхәышҭаара амца еиҿазкыз Дырмит иаб Урыс (Иасыф) илшеит идгьыл гәакьа ақәӷьацара. Дырмит иакәзар, аҵаралашара дазикит.
Зыжәлар аҵаралашарахь ркылгара гәҭакыс измаз, егьазааҧсоз Дырмит Гәлиа ихықәкы дацәхьаҵуамызт. Арҵаҩы изанааҭ ала акыр аус иуит, убарҭ ашықәсқәа раан агәра игеит инапы злакыс аус иҧшьоу акәны ишыҟаз усҟантәи аамҭазы. Хымҧада, ихатә ҩымҭақәа раҧҵара ашҟа дхьазырҧшызгьы уи ауп.
Дырмит Гәлиа ирҿиаратәи иуаажәларратәи усура мҽхакы ҭбаала еиларсуп. Аҧсни аҧсуа жәлари рҭоурых аҟны имҩашьауа ишьҭа аниҵеит, хашҭра ақәымкәагьы иаанхоит.
Жәлар рпоет даниз амш февраль 21 рзы уи игәалашәа аҳаҭыр азы Аҟәа акыр аусмҩаҧгатәқәа азгәаҭан. Аҟәа игылоу Дырмит Гәлиа ибаҟа ашҟа инеит Аҧсны Аиҳабыреи Аҟәа ақалақь анапхгареи рхаҭарнакцәа, аҧсуа шәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа, ашколхәыҷқәа. Ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, жәлар рпоет дыргәаладыршәеит.
Дырмит Гәлиа имемориалтә музеи гәыҧ-гәыҧла иаҭаауан ашколхәыҷқәа, амузеи аусзуҩцәа урҭ аекскуриса рзымҩаҧыргон, аҵаҩцәа рыҧхьон апоет иажәеинраалақәа, иҩымҭақәа рцыҧҵәахақәа.
Ари аҽны амузеи аҟны ашәҟәыҩҩцәеи, аҵарауааи алархәны амузеи аҭагылазаашьеи уи аперспективақәеи ирызкны имҩаҧган астол гьежь. Уи рҽаладырхәит, ргәаанагарақәагьы рыцеиҩыршеит Аҧсны акультура аминистр Ельвира Арсалиа, амузеи аиҳабы Светлана Қорсаиа, Аҟәа ақалақь архитектура аусбарҭа аиҳабы Светлана Шаменкова, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада Зураб Џьапуа, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧснытәи Аҧсуаҭҵаара аинститут аиҳабы Арда Ашәба, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа аиҳабы Даур Наҷҟьебиа, апоет Гәында Сақаниа уҳәа егьыргьы. Акультура аминистр адырра злаҟалҵаз ала, сынтәа амузеи ахыб аҧсахразы аҳәынҭқарра аҟнытә иазоужьхоит миллиоки бжаки.
Жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иҧа Гәлиа иҧсҭазаареи, ирҿиаратә мҩеи, иҧсадгьыли ижәлари рымаҵ аураҿы илшамҭақәеи есымшааира иҿырҧшыганы иҟазаауеит ҧхьаҟатәи абиҧарақәа рзы.


