12.08.2026
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥшьгарала имҩаԥган аԥсшәахь еиҭагоу ҳаамҭазтәи аурыс поетцәа ражәеинраалақәа реизга «Амзеи амшыни» аӡыргара.
Аиԥыларахь инеит апоетцәа, апрозаикцәа, аиҭагаҩцәа, акультура аусзуҩцәа, апоезиа абзиабаҩцәа. Аӡыргара далахәын Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра аҟнытә – Наталиа Каиун.
Аиқәшәара ааиртит, егьымҩаԥигон Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу. Инамҩатәны иазгәеиҭеит Урыстәылатәи арҿиаратә хеидкылақәеи дареи аимадареи аусеицуреи шрыбжьоу. Урҭ ируакуп ашәҟәыҩҩцәа реидгылақәа жәларбжьаратәи реилазаара. Уаанӡа Москва иҭрыжьхьан 19-ҩык аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа реизга «Сухумская крепость» (2017), 29-ҩык ҳапрозаикцәа ражәабжьқәа реизга «Абхазские рассказы» (2024). Уажәазы иӡырыргаз ашәҟәы абас еиԥш иҟоу аусеицура иалҵшәоуп. 20-ҩык аурыс поетцәа рҩымҭақәа еидызкыло ашәҟәы аԥсышәала еиҭаганы аҭыҵра ҩ-тәылак рлитературатә еимадарақәа рырҿиара иацхраауеит, реигәныҩра амҩа иацнаҵоит, хымԥада, аидеиа ҿыцқәагьы цәырнагоит.
Еиуеиԥшым абиԥарақәа ирыҵанакуа ашәҟәы иагәылоу апоетцәа ражәеинраалақәа досу идунеи уагәыладырԥшуеит, амаӡақәа узаадыртуеит.
Аҩымҭақәа аԥсшәахь еиҭаргеит 11-ҩык ҳпоетцәа рахьтә аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы зыԥсҭазаара иалҵыз ԥшьҩык: В.Занҭариа, В.Кәакәасқьыр, А.Лагәлаа, Ҭ.Ҷаниа минуҭк аҿымҭрала иргәаладыршәеит.
Анаҩс ргәаанагарақәеи рзеиӷьшьарақәеи рыла иқәгылеит ашәҟәы иагәылоу ажәеинраалақәа еиҭазгаз иреиуоу: ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы Енвер Ажьиба, апоетцәа: Гәында Кәыҵниа, Геннади Аламиа, Заира Ҭҳаиҵыкә. Ашәҟәы аҭыҵра рыдныҳәалауа, раԥхьаҟа еиҳау ақәҿиарақәа рзеиӷьаршьауа ахцәажәараан иқәгылеит: Гәында Сақаниаԥҳа, Ҳаири Қәҭарба, Оқтаи Чкотуа, Владимир Делба, Артавазд Сарециан, Наталиа Каиун, Марина Ҭәанԥҳа, Леуан Лагәлаа, Леила Ԥачулиа уҳәа егьырҭгьы.
Абар, ақәгыларақәа рыхәҭақәак:
В. Аԥҳазоу: «Урыстәылатәи ҳколегацәеи ҳареи ҳусеицура, аԥхьа иргыланы ҳлитература аҳәаақәа аҽарҭбаауеит. Аҩымҭақәа аурысшәеи егьырҭ абызшәақәеи рахь реиҭагара амҩа ҿыцқәа азылнахуеит. Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла еиԥш, арҿиаратә хеидкылақәа ҳрымадоуп. Уи иалнаршоит лассы-лассы аԥсуа поетцәеи апрозаикцәеи рҩымҭақәа реиҭагақәа агазеҭқәеи, ажурналқәеи, альманахцәеи, аизгақәеи рҟны ркьыԥхьра. Аиҭагара аус еиӷьны аиҿкаара уажәынахысгьы ҳахаҵгылоит».
Е. Ажьиба: «хымԥада, ари хҭыс бзианы ишьатәуп. Ашәҟәы иану рыхәҭак уажәраанӡа апериодикаҿы акьыԥхь рбахьеит, убри аҟнытә, иаадыруа ыҟоуп. Абас, ҳахшыҩ еилаҵаны, ҳажәҩахыр еибыҭаны ҳнеилар иаҳзеиԥшу аусқәа рҟны аԥхьаҟагьы иҳалшо рацәахоит. Зегьы ишәыдысныҳәалоит».
Гә. Кәыҵниа: «даҽа бызшәақәак рахь ҳҩымҭақәа реиҭагара еснагь иаҳҭахуп, арҿиаҩы уи агәацԥыҳәара инаҭоит. Аха иахьа ҳнапаҿы иҳауит аурыс поетцәа рҩымҭақәа аԥсшәахь реиҭагақәа рышәҟәы. Алитератураҿы ари хҭыс бзиоуп, аԥсшәа иамоу алшарақәа аанарԥшуеит, насгьы ҩ-литературак реибарбеиара еснагь хәарҭара алоуп».
Г. Аламиа: «аиҭагара аус аганахьала саргьы ԥышәак сымоуп, еиҭазгахьоу ыҟоуп. Ашәҟәы иагәылоуп рахьтә издыруа авторцәагьы. Аҩымҭа даҽа бызшәак ала арцәажәара акырӡа аҵанакуеит. Ҳлитератураҿы, ижәдыруеит атрадициа дуқәа ыҟоуп, Д. Гәлиа инаиркны аӡәырҩы азааԥсахьеит. Ари атрадициа иацҵо иаауеит ҳлитература. Уамеигәырӷьар ауам аиҭагара иазхьаԥшуа ахьыҟоу, уи агәра ҳнаргоит ҳзыхцәажәо ашәҟәы аҭыҵрала. Зегьы ақәҿиарақәа шәзеиӷьасшьоит».
Аҵыхәтәан ажәеинраалақәа реизга «Амзеи амшыни» рызшан аӡыргара иалахәыз.


