08.06.2020
Иаамҭамкәа зыԥсҭазаара ҿахҵәаз абаҩхатәра злаз апоет, апрозаик, аиҭагаҩ Анатоли Аџьынџьал диижьҭеи 90 ш. ҵит.
Анатоли Ҭархәына-иҧа Аџьынџьал диит 1930 ш. ииун 6 рзы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан (иԥсҭазаара далҵит – 12.11.1977 ш. рзы). СССР-и (1959) Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан.
Дрылгеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә ҵараиурҭа (1951), А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт (1956), Москва, А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт Иреиҳау алитературатә курсқәа (1974).
Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа данҭаз. Иҩымҭақәа ркьыҧхьуан 1948 ш. инаркны. Иажәеинраалақәа (аҧсышәалеи, И. Вронски, М. Борисова, А. Дементиев, Д. Чачхалиа аурысшәахь еиҭаргази) ркьыҧхьуан ажурналқәа «Алашара», «Аҟәа-Сухум», «Абаза», агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Советская Абхазия», алитературатә еизга «Ерцахә» уҳәа егьырҭгьы.
Иажәеинраалақәа рыхәҭак агәылалеит «Аҧсуа поезиа антологиа» (М., 1958, урысшәала), «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001;2009) уҳәа егьырҭ аизгақәа.
Жәаба инареиҳаны ажәеинраалақәеи апрозатә ҩымҭақәеи реизгақәа дравторуп.
А. Аџьынџьал дырдыруеит еиҭагаҩык иаҳасабалагьы. Аҧсшәахь еиҭеигеит аурыс, аукраин, ауаҧс, ақырҭуа, ачерқьес, абаза, аногаи поетцәеи апрозаикцәеи: Л. Толстои, В. Верховски, В. Орелкин, Т. Ч. Шевченко, Лесиа Украинка, К. Л. Хетагуров, , Г. Н. Леониӡе, М. Мирнели, А. Ханфенов, Џь. К. Лаҩыцә, П. К. Цеҟәа, М. Х. Чкәуту, И. А. Цеҟәа, М. С.-Г. Тлабыча уҳәа егьырҭгьы.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан Аҟәа иҭыҵыз ишәҟәқәа иреиуоуп: «Игәакьоу асахьақәа»; «Амҵәыжәҩақәа»; «Ажәабжь кьаҿқәа»; «Амҩақәа»; «Ацәашьы иаҵәақәа»; «Ааҧнуп макьана»; «Ахаҳәқәа рышәшьыраҿ»; «Аҩадатәи аҧшақәа»; «Ари адунеи»; «Амшын шкәакәа»; «Ажәеинраалақәа»; («Иалкаау аҧсуа лирика» асериала); «Иалкаау»; аурысшәахь аиҭагақәа: «Улья»; «Белая Земля» (Москва).


