18.02.2026
Иаалырҟьаны 65 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара ҿахҵәеит еицырдыруа апоет, апрозаик, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа. Д.И. Гәлиеи Т.Шь. Аџьбеи рыхьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиақәеи «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡареи занашьоу, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкыз алахьеиқәратә церемониа мҩаԥысит Аҟәа февраль 18 рзы иҭоубыҭ ахьықәыргылаз «Арҵаҩы иҩны» аҟны.
Иаамҭамкәа зыжәлар ирыԥхаз ажәа азҟаза аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагараан иҟан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, уи иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Аԥсны Аԥыза-министр Владимир Делба, Аҟәа ақалақь ахада Тимур Агрба, Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа, атәыла Аиҳабыра Реилазаара иалоу, еиуеиԥшым аминистррақәа рнапхгаҩцәеи русзуҩцәа, ашәҟәыҩҩы наӡаӡа ҳәа иарҳәарц хыԥхьаӡарарацәала уахь имҩахыҵуан аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи, аҵарауааи, акультуреи аҟазареи русзуҩцәеи, арҿиаратә интеллигенциа, ақалақь ауаажәларра, ҳтәыла ақалақьқәеи араионқәеи рхаҭарнакцәа, ирҿиара ахә зшьо.
Алахьеиқәратә митинг ааиртит Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аԥсыжра аиҿкааразы иаԥҵаз аҳәынҭқарратә комиссиа ахантәаҩы Џьансыхә Нанба. Уи дрылацәажәеит ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи рҟнытә иалукааша ахҭысақәа, иазгәеиҭеит аԥсуа литератураҿы хәы змаӡам илагала.
Анаҩс рҩыза, рколлега дыргәаларшәауа амитинг аҟны иқәгылеит: Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵаара аинститут аиҳабы Арда Ашәба, Ажурнал «Алашара» аредактор хада ихаҭыԥуаҩ Валентин Кәаӷәаниа, апоет, ажурнал «Аԥсны аҟазара» аредактор хада Геннади Аламиа, Ҷлоу ақыҭа еиуоу аҩызцәа рахьтә – асахьаҭахҩы Нугзар Логәуа, аешьара рыхьӡала аԥсыжра аиҿкаара иахаҵгылаз, рашьа, ашәҟәыҩҩы зхы-далызхырц имҩахыҵыз зегьы даараӡа иҭабуп ҳәа реиҳәеит Ипполит Лагәлаа.
Аҵыхәтәан, абри ала ашәҟәыҩҩы Анатоли Ианкәа-иԥа Лагәлаа аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкыз алахьеиқәратә митинг хыркәшоуп ҳәа рылеиҳәеит аԥсыжра аиҿкааразы аҳәынҭқарратә комиссиа ахантәаҩы Џьасыхә Нанба.
Анатоли Лагәлаа анышә дамардеит Аҟәа араион Ачадара ақыҭан.


