Москва, алитераторцәа Рцентртә ҩны аҟны агәырӷьаратә ҭагылазаашьа аманы Фазиль Искандер ихьӡ зху апремиа занашьаз рнапаҿы ирыҭан.
Апремиа аҧҵан 2016 шықәсазы Урыстәылатәи ПЕН-центр абҧшьгарала. Арҿиаратә конкурс рҽаладырхәит Урыстәыла еиҧш, Аҧсны, Ермантәыла, Кыргызсҭан, Украина атәылақәа рҟнытә ашәҟәыҩҩцәа.
Аханатә ишазыӡбаз ала, апремиақәа ранаршьан х-номинациак рыла: апроза, апоезиа, Ф.Искандер иҩымҭақәа рыла акиносценариа.
«Апроза» аноминациаҿы ажиури далнакааит Красноиарсктәи ашәҟәыҩҩы Едуард Русаков, «Апоезиа» аноминациа аҟны – Москватәи апоет Галина Шевченко, «Акиносценариа» аҟны – Владикавказтәи адраматург Аслан Галазов (Ф. Искадер ироман «Детство Чика» иалху афильм асценариа азы).
Апемиақәа ранашьара инамаданы, адипломқәа рнапаҿы ирыҭан. Аҳаҭыртә дипломқәа ранашьан афинал ахь инашьҭыз: Аҧснынтәиқәа Ричард Ҷкадуеи Витали Шариеи, насгьы апрозаик Марина Ахмедова, апоет Ефим Бершин, иаамҭамкәа зыҧсҭазаара иазҵыз апоет Кирилл Ковальџьи.
Аҩынтәраан апремиа ранашьара азырхиара ҩаҧхьа ихацыркхоит 2018 ш. ианвар 3 инаркны.


