Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

АШӘҞӘЫҨҨЦӘА РБАҲЧА ХАЦЫРКУП





23.12.2022

Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧшьгарала, И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧснытәи Амилаҭтә библиотека ахаҵгыларала  ари акультуратә хәышҭаара иаҵанакуа абаҳчаҿы иаартхеит аҧсуа сахьаркыратә литература ауасхыр азышьҭазҵаз Дырмит Иосиф-иҧа Гәлиа инаивагылаз ашәҟәыҩҩцәа раҧхьатәи рабиҧара – уи ицнагаҩцәа рыхьӡ зху ааҵлақәа раллеиа. Араҟа еиҭарҳаит Дырмит Гәлиа, Самсон Ҷанба, Ӡаӡ Дарсалиа, Иуа Коӷониа, Миха Лакрба, Мушьни Аҳашба, Иван Папасқьыр рыхьӡқәа зыхҵоу аҵлақәа.

Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу иазгәеиҭеит, ари аҭыҧ аҳҭны-қалақь аҭыҧ ҧшӡарақәа ируакны ишыҟало, насгьы Аҟәаа реиҧш, асасцәагьы шаднаҧхьалало. «Хықәкыс иҳамоуп аҧхьаҟазы ари аҭыҧ иҵегьы аҵлақәа реиҭаҳарала арҭбаара, ишахәҭоу аиқәыршәара», иҳәеит уи.

«Ашәҟәыҩҩцәа раллеиа аиҿкааразы ажәалагала Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла анапхгара ианҳадыргала ҳадгылеит. Уи  аартрагьы ақәҳаршәеит Иван Папасқьыр диижьҭеи 120 шықәса аҵра иазкны еицымҩаҧааго аиубилеи», - дазааҭгылеит абиблиотека аиҳабы Борис Ҷолариа.

Анаҩс Иван Папасқьыр ииубилеи азгәаҭара аҽалархәразы имҩахыҵыз зегьы еицны инеит абиблиотекахь. Ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи Амилаҭтә библиотекеи еицымҩаҧыргоз аиубилеи ахь имҩахыҵит аҧсуа шәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, акультура аусзуҩцәа, аҿар, ашколхәыҷқәа, ашәҟәыҩҩы игәакьацәа.

Абиблиотека аусзуҩцәа ацәыргақәҵа еиҿыркааит Иван Папасқьыр ишәҟәқәеи уи ихатә архив аҟнытә иҭаацәа иааргаз афотосахьақәеи рыла.

Ашәҟәыҩҩы иҧсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ирызкны иқәгылеит, ргәаанагарақәа рыцеиҩыршеит Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис «олариа, ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа, Аҧснытәи аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аиҳабы Даур Наҷҟьебиа, ашәҟәыҩҩы Ҳаири Қәҭарба, аҵарауаҩ Леонид Саманба уҳәа егьырҭгьы. Аҵыхәтәан аиешьара Папасқьыраа рыхьӡала дықәгылеит аҵарауаҩ Алықьса Папасқьыр, аиубилеи аиҿкааҩцәеи зҽалазырхәызи иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Иван Папасқьыр иҭаацәа ракәзар, абиблиотекаҿы иаҧҵоу ашәҟәыҩҩы имузеи  ҳамҭас иарҭеит ажәа азҟаза ду ҧыхьатәи Асовет Еидгыла акәакьқәа рҟнытә иоуаз аҧхьаҩцәа рысалам шәҟәқәа 1250. Урҭ зегьы ирҳәо акоуп – ароман «Аҧҳәыс лыпату» даараӡа ишыргәаҧхаз.

Аусмҩаҧгатә ахыркәшараан ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа инапаҿы ииҭеит аҧсуа литература аӡыргареи аларҵәареи рус аҟны рлагалазы арҿиаратә еилазаара иаҧнаҵаз аҳаҭыртә хьӡы «Алитературатә хәышҭаара» Адиплом.